Ақаҩба: ҳшәарҭадара ашьақәырӷәӷәароуп иаҳҭаху

Москва, мшаԥы 1 азы еиԥылоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови.
Sputnik

Аҩтәылак рекономикатә еизыҟазаашьақәеи, лассы иааираны иҟоу атәыла ахада иалхрақәеи, иара убасгьы Қырҭтәылеи Аԥсныи реиҿцәажәара аформат ҿыц аԥеиԥши ртәы дрылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, РИА Новости аинтервиу аҭо.

— Урыстәылаҟа шәаара хықәкыс иамоузеи? Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови шәареи шәызлацәажәараны шәыҟоузеи?

— Сергеи Виктор-иԥа Лавров исиҭаз ааԥхьара ала Москва аусутә ныҟәара аҳасабала саҭааит. Уи хықәкыс иамоу Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны аҭыԥ аанкылареи ҳамшхәаԥштә азҵаарақәа рылацәажәареи роуп. Ҳәарада ҳара азхьаԥшра аҳҭоит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ҳаинырра.

Двинианин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: Мраҭашәараа Аԥсны аӡбахә днарҳауеит

— Аԥсныи Урыстәылеи рекономикатә усеицура атәы шәаҳзалацәажәа. Иарбан хырхарҭақәоу еиҳа аҵакы рымоуп ҳәа шәызхәаԥшуа? Ареспублика аекономика аганахьала ахала ахы ныҟәнагартә еиԥш ианбазыҟалари?

— Аиҳабырабжьаратә комиссиа аганахьала аусурақәа мҩаԥысуеит. Уа аԥснытәии урыстәылатәии азҟазацәа аекономикатә ҿиара азҵаарақәеи еиуеиԥшым апроектқәеи ирылацәажәоит. Хара имгакәа Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны-урыстәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара.

— Аекономикатә шьақәгылара азҵаарақәа шәыззыԥшузеи?

— Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа иаҳнаҭо ацхыраара ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа иаҿырԥшны иахьатәи ҳҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ишеизҳауа убарҭоуп. Уи иаанаго - аусура амҩаԥысра иаҿуп ауп. Иахьоума, уаҵәоума, аамҭа атәы аҳәара уадаҩуп, аха ҳхала ҳшьапы ҳшықәгыло хымԥада агәра ганы сыҟоуп… Аҿиарамҩа ҳшану иахьагьы иубаратәы иҟоуп.

Асҭамыр Ҭарба Аԥсны ахадас аҟалараз алхрақәа дышрылахәхо атәы иҳәеит

— Аԥхынразы Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Шәкандидатура ақәыргылара шәгәы иҭазар?

— Мап. Сара атәыла ахадак иаҳасаб ала скандидатура ақәыргылара гәҭакыс исымам.

— Алхрақәа раан иарбан ҳәынҭқаррақәоу ма еиҿкаарақәоу зхаҭарнакцәа аашәыԥхьарц ишәҭаху?

— Макьаназ иааҳаԥхьаша анаԥшыҩцәа ртәы ҳаламцәажәац. Апарламент аҿы алхрақәа рымш аналыркаалак, аусурақәа хацыркхоит.

— Шьамтәыла ахаҭарнакцәа аашәыԥхьома?

— Ааи, Шьамтәыла ахаҭарнакцәа наԥшыҩцәак раҳасаб ала иааҳаԥхьаранаы ҳаҟоуп.

— Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иаҳҳәап ОБСЕ реиԥш иҟоу, рҟынтәи анаԥшцәа аашәыԥхьома?

НАТО ааԥхьара ҟанаҵеит Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иацәхьаҵырц

— Ааԥхьарақәа наҳашьҭуеит. Уи рыдыркыло, ирыдрымкыло зусу дара роуп.

— Иахьа Венесуела имҩаԥысуа ахҭысқәа инарыдҳәаланы ацхыраара рышәҭарц азы аҳәара ҳәа акыр ҟарҵахьома?

— Аԥсны ахада Венесуела анапхгара дышрыдгыло атәы зҳәо ашәҟәы неишьҭхьеит Николас Мадуро ихьӡала. Егьыс, ишышәҳәаз еиԥш, ацхыраара аӡәгьы дамыҳәацт.

— Иазыхиоума Аԥсны Венесуела арратә дгылара аҭара, усеиԥш аҳәара Николас Мадуро иҟынтәи иҟалар? Иаҳҳәап, Каракасҟа аибашьцәа рынашьҭрала?

— Сгәы иаанагоит, зыӡбахә шәҳәо аҭагылазаашьаҟынӡа Венесуела аусқәа наӡарым ҳәа.

— Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ааигәа аҳәамҭа ҟалҵеит Аԥсныи аахыҵ Уаԥстәылеи рполитикатә диалог азҵаара аӡбаразы иҿыцу жәларбжьаратәи аформат аԥҵара ахәҭоуп ҳәа. Шәара шәгәы ишԥаанаго, иахәҭаны иҟоума аформат ҿыц аԥҵара?

— Сара сгәы ишаанаго ала, ақырҭуа ган Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара, иара убасҵәҟьа Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара иазхьаԥшроуп. Егьырҭ зегьы, аформат арҿыцрагьы абрахь иналаҵаны, хра злам башацәажәароуп.

Қырҭтәыла ахада ҿыц Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьа аҽаԥсахып ҳәа дазыԥшуп

— Ари азҵаара Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы ишьҭыхума?

— Ҳәарада, уи ихадароу зҵаараны иқәгылоуп. Аха ақырҭуа ган уи азнеишьа лҵшәа змам ак акәны ахы аанарԥшуеит.

— Ақырҭуа ган Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵанамҩыкәа аиҿцәажәаратә процесс ԥхьаҟа изцом ҳәа иаанагома ари?

— Женеватәи аиҿцәажәарақәа зызку абри азҵаароуп еиҳаракгьы. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара ихадароу зҵаароуп. Аиҿцәажәаратә процесс акыр ишьшьылаҳан акәзаргьы, амҩаԥысра иаҿуп.

— Егьырҭ атәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иарбан усуроу имҩаԥнаго? Сынтәа азхаҵара ҳәа акыр ҳазыԥшызаауама?

— Аусурақәа шцац ицоит. Еиԥымҟьара ҳәа зныкгьы  иҟамлац. Иахьатәи ҳҭагылазаашьала арҭ аусурақәа хырхарҭа рацәала имҩаԥысуеит ҳәа шаҳзымҳәогьы, аусурақәа ҳарҿуп. Аԥсны азхаҵара азҵаара ҳаналацәажәо, аполитика-зинтә аспектқәа рыла ишьаҭаҳаркуазароуп. Аусурақәа алҵшәа рыманы имҩаԥысуеит, хра рыман иҟалап ҳәагьы ҳахәаԥшуеит.

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицурази аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп

— Иҳашәҳәар ҟамлари иарбан регионқәоу шәызлацәажәо аҳәынҭқаррақәа ахьатәу?

— Сара макьана уи алацәажәара аҭахны исыԥхьаӡом.

— Шьамтәыла ахада Башар Асад Аԥсныҟа иара ҳанбазыԥшызаауеи?

— Ари азҵаара аус адааулоит ҳацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҟны. Асад усеиԥш аӡбамҭа анидикылалак ашьҭахь иахәҭаны ииԥхьаӡо аамҭазы ҳаиԥылоит. Макьаназы рыцхәк алкааны иҟам.

— Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Дамаск иаадыртхьома?

— Мап. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Дамаск иаадмыртыц. Сара зыӡбахә сымоу Урыстәыла иҟоу ҳацҳаражәҳәарҭоуп. Урҭи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәарҭеи аинырра рымоуп.

— Дамаск Ацҳаражәҳәарҭа аартра азыԥхьагәашәҭома?

— Ари азҵаара аус адааулоит. Сгәы иаанагоит, хара имгакәа уи ацҳаражәҳәарҭа аартхоит ҳәа.

Шьамтәылеи Аԥсныи ролимпиатә еилакқәа рыбжьара амеморандум напы аҵаҩуп

— Рыцхәқәак алкааума уи азы?

— Мап. Уи азы иҟоуп атехникатә проблемақәа. Ҳара уажәы урҭ рыӡбара ҳаҿуп.

— Аԥсны аҳәынҭқарратә хаҿқәа Шьамтәылаҟа рцара, ма Шьамтәылатәи аҳәынҭқарратә хаҿқәа Аԥсныҟа раара азыԥхьагәаҭоума?

— Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәыла иҟазаараан еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩын. Уа аиԥыларақәа раан Асад Аԥсныҟа ааԥхьара иҭан.

— Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара иарбан економикатә проектқәоу аус зыдулахо?

— Аԥсны ахада иофициалтә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны напы рыҵаҩын аиқәшаҳаҭрақәа хԥа. Урҭ рҟынтәи ҩба ҳҳәынҭқаррақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла реинырразы аилакқәа раԥҵароуп иззырхаз. Аиқәшаҳаҭрақәа руак баџьдатәи аилахәаахәҭразы аусеицура иазкуп. Ззырхиара ҳаҿу апроектқәа ракәзар, аекономикатә усеицура шьаҭас ирзыҟалоит.

— Аԥсны гәҭакыс иамоума Урыстәылеи Шьамтәылеи рыбжьара хәаахәҭратә бжьаҟазаҩык аҳасабала ақәгылара? Тауарқәак реиҭаҭира аԥеиԥш амоума?

— Арҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәан. Ҳәарада, урҭ рыӡбара урыстәылатәи агангьы алахәхоит.

Рауль Ҳаџьымба далацәажәеит Аԥсныи Шьамтәылеи русеицура аусхкқәа

Мшаԥы 17-21 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Иалтатәи афорум ихы алаирхәуама?

— Ааи, ҳара Аксионов иҟынтәи иҳауит ааԥхьара. Сгәы иаанагоит, Рауль Џьумка-иԥа афорум ихы алаирхәуеит ҳәа.

— Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа рнапаҵаҩра мҩаԥгахома?

— Мап. Усеиԥш макьаназ усура мҩаԥаагом. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥгахоит, аха аиқәшаҳаҭрақәа макьаназы нап рыҵаҩра азыԥхьагәаҭам.

— Уаанӡа иалацәажәан Никарагуа ахада Даниель Ортегеи иԥшәмаԥҳәыс, атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильо дицны Аԥсныҟа даар ҟалоит, уи аҭакс Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбагьы Никарагуаҟа аныҟәара мҩаԥигоит ҳәа. Ари азҵаара шԥаӡбахо?

— Мшаԥымза аԥхьатәи ахәҭазы Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ агәраргагатә шәҟәқәа рыҭаразы Манагуа днеираны дыҟоуп. Уи Аԥсны ахьӡала Никарагуагьы дҟалоит. Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиԥылараан арҭ азҵаарақәа еиҳа инарҭбааны ирылацәажәахоит.