Шьамтәылеи Аԥсныи ролимпиатә еилакқәа рыбжьара амеморандум напы аҵаҩуп

© Foto / Госкомспорт РА Абхазская делегация в Сирии
Абхазская делегация в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилаки ареспублика амилаҭтә Олимпиатә еилаки рделегациақәа Шьамтәыла усутә ныҟәарала иаҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Шьамтәылеи Аԥсныи ролимпиатә еилакқәа рыбжьара аилибакаареи аусеицуреи рзы амеморандум напы аҵаҩуп Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилаки  ареспублика амилаҭтә Олимпиатә еилаки рделегациақәа Шьамтәыла усутә ныҟәараан, хәажәкыра 10 рзы ҳәа аанацҳауеит абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы асаит.

Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба иазгәеиҭеит напы зҵаҩу амеморандум ишалнаршо атәылақәа рыҩба рспорттә федерациақәа рыбжьара аиныррақәа рымҩаԥгара.

"Аԥсны ахьыԥшымра Шьамтәыла иахьазханаҵаз аԥсуа жәлар рзы аҵак ду аманы иҟалеит. Ари аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа жәлар ахьыԥшымреи асуверинитети рахь ирымоу аҽазышәарақәа  аҵаҵӷәы ӷәӷәа шрымоу", - иҳәеит Хәытаба.

Аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура аолимпиатә спортхкқәа рырҿиара аус аҿы, иара убасгьы Аԥсныҟа еиуеиԥшым аспорттә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы Шьамтәыла Аолимпиатә еилакы аделегациа раара азҵаара.

Церемония открытия памятника видному военному и общественному деятелю Сирийской Арабской Республики, генералу Уалиду Маршан - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаадыртит аинрал Уалид Маршьан ибаҟа

Иара убасгьы иалацәажәан аԥснытәи аспортсменцәа Шьамтәыла имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рылахәра азҵаара.

Шьамтәыла рыҟазаараан Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Баграт Хәытабеи Аԥсны амилаҭтә Олимпиатә еилакы ахада Валери Аршбеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Уалид Абаза Амаршьан иҳаҭгәын аҿы, иҭаацәа ирԥылеит, ирҭааит Дамаск иҟоу аурыс культуратә центри Шьамтәыла аспорттә обиектқәеи.

Аԥсны аолимпиатә еилакы аԥҵан 2001 шықәса рзы, жәа-шықәса ааҵуаны Аԥсны амилаҭтә Олимпиатә еилакы ҳәа ахьӡ ԥсахын.

Ажәабжьқәа зегьы
0