Арепатриациа

Сезаи Кәпалба: абызшәа ҳзымдыруазар ҳаԥсадгьыли ҳареи ҳаимадара хьысҳахоит

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, ажурналистика знапы алаку Сезаи Кәпалба иԥсҭазаареи иԥсадгьыл ахь имоу агәазыҳәарақәеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Сезаи Кәпалба хылҵшьҭрала Аԥснытәуп. Аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, ахҵәара аамҭазы иабшьҭра Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Иаб Ешьреф Кәпалбеи иан Раамие Аҩӡԥҳаи, Сезаи дналаҵаны фҩык ахшара рааӡеит. Сезаи диит 1966 шықәса рзы, Адаԥазар азааигәара иҟоу Каиалар ақыҭан. 1988 шықәса рзы Сезаи, қәҿиарала далгоит Сҭамԥылтәи ауниверситет, аимадаратә факультет ажурналистика аҟәша. 27 шықәса ҵуеит ажурналист изанааҭ ала аус иуеижьҭеи.

Зыԥсадгьыл згәы азыбылуаз ҳџьынџьуаҩ иажәа

"Сара макьана лахьынҵас исмоуцт сыԥсадгьыл збартә еиԥш. Сыԥсҭазаара убас иҟалеит, иахьа уажәраанӡа Аԥсны сзымнеиӡац. Хымԥада, уи сыгәҭакқәа ираԥхьагылоуп, иалыршахап ҳәа сгәыӷуеит. Аԥсшәа еилыскаауеит, амала ацәажәара сцәыуадаҩуп, шьала-дала исныруеит сара сшаԥсыуоу", — дцәажәон Сезаи.

Ҭырқәтәыла анхара злахьынҵахаз Сезаи иабдуцәа раԥхьа Диузџьа инхон, нас Каиалар ақыҭахь ииасит. Ари ақыҭаҿы ирацәаҩуп иахьа уажәраанӡагьы инхо аԥсуаа.

"Саныхәыҷыз, сыкәша-мыкәша зегьы ԥсышәала ицәажәон. Амала, уи зыԥсаз шаҳзеилымкаауаз уажәоуп ианыздырыз. Ҳаиҳабацәа аԥсышәала ианҳацәажәоз, иаҳдыруаз аҭырқәшәа маҷ ала аҭак раҳҭон. Ҳбызшәа ара ахақәиҭра амамызт. Арра маҵзура санахыс ашьҭахь, еиуеиԥшым агазеҭқәеи ателехәаԥшрақәеи рҟны аусура салагеит", - еиҭеиҳәон Сезаи.

Аллиаҭин Ебжьноу: ҳара ҳажәлар ӷәӷәоуп, ҳмилаҭ наӡоуп

Сезаи, Ҭырқәтәылатәи ажурналистцәа Рфедерациа анапхгара далоуп. Аԥсуаа хыԥхьаӡара рацәала иахьынхо Адаԥазар аус иуеит иахьазы.

"Раԥхьатәи сжурналисттә материалқәа иреиуоуп Аԥснынтәи иааз ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба агазеҭ аҿы иҿцәажәара. Уи даараӡа сеигәырӷьон. Усҟан исоуз аԥхарра, иахьагьы сгәы иҭоуп. Аԥсны аибашьра анцоз, арантә уахь инеиз ԥшьҩык аҭыԥҳацәа ирызкны ажәабжьқәа агазеҭ ианысҵеит. Агазеҭ адаҟьақәа рыла Аԥсны ицоз аибашьра атәы заҳаз рацәаҩхеит. Аибашьра иаҳзыннажьыз ахьаа Аиааира ихнаҽит.

Иашьым Аҭрышԥҳа: уаҳәшьа увара даныҟоу, ахы аҿагылара уадаҩхоит

Шықәсқәак раԥхьа, Аԥсныҟа ицоз Ҭырқәтәылатәи ажурналистцәа срыцны, уахь амҩа сықәлеит. Сҭамԥыл аҳаиртә баӷәазаҿы стәылауаҩ шәҟәы агха амоуп, нбанк ииашамкәа иҩуп ҳәа ахара сыдҵаны, сдырхынҳәит. Еилышәкаап ҳәа сазхәыцуеит усҟантәи сгәы аԥжәара зеиԥшраз… Уи иахьагьы исхымыԥсааӡац", - еиҭеиҳәон Сезаи Кәпалба.

2004 шықәса рзы, Каиалар ақыҭа аԥсуа чараҿы, Сезаи иаҳәшьа машәырла иҭҟьаз ахы лықәшәеит. Абри ахҭыс хлымӡаах анаҩс Ҭырқәтәыла, азакәан иазымыӡбаз, аԥсуа еиҳабацәа ражәа инанагӡеит. Урҭ еизаны ауаажәларратә қәҵара рыдыркылеит, ачарақәа рҿы ахысра аанкылазарц. Уи амшала, Сезаи чарак ахь днеиргьы, жәаминуҭк еиҳаны даангылом.

Ремзи Кылӷьы: ҳара аԥсуаа иҳамоу алеишәа уаҩытәыҩса имаӡам

"Аԥсны аҭагылазаашьа сазҿлымҳауп. Аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы аԥсуа бызшәа раҳауа, насгьы ирҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рымазарц сҭахуп. Збызшәа ззымдыруа, иԥсадгьыли иареи реимадара еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит. Уи сара схаҭа иахьеи уахеи сзыргәаҭеиуа ауп. Аԥснынтә сасцәақәак ааны, аԥсышәала издыруа жәақәак анысҳәалак, шаҟа сгәы архыҭхыҭуа шәазхәыцыр, сеилышәкаап ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны афҩы хаа саҳауазшәа сааҟалоит", - хәыцра шәкы деимаркуа дҳацәажәон Сезаи Кәпалба.