Ремзи Кылӷьы: ҳара аԥсуаа иҳамоу алеишәа уаҩытәыҩса имаӡам

© SputnikРемзи Колбая
Ремзи Колбая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәым дгьыл аҿы еиқәхаз аԥсуареи, уи иара дшазыҟои дазааҭгылоит ҳџьынџьуаҩ Ремзи Кылӷьы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аамҭаказы ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар атәым дгьыл иахьықәнагалаз, егьа хаԥсыра рбазаргьы, изқәыҵыз адгьыл еиԥшыз аҭыԥқәа ԥшааны анхара рҽазыркыр акәхеит. Аԥсабара акәзар, иаҵәабӷьыла иҭалаҳазар акәын. Уи рыгәхьаахар маҷк ихнаҽуан. Ус еиҭарҳәоит хзыҿцәажәало ҳџьынџьуаа.

"Сара изласаҳахьоу ала, Аԥснынтә иқәҵны иаақәаз рыхәҭак, Маан Албуз драԥхьагылан. Маан Албуз ицааз хқыҭак ыҟан. Ҭырқәтәыла иҟоу Каилар ақыҭа, Маан иқыҭа ҳәа иашьҭоуп. Касаба, Маан иқыҭоуп, Бзыԥ-Албузбеи ихьӡ ахуп, Маан иқыҭоуп. Ақыҭақәа рыбжьара мышныҟәа ныҟәара бжьоуп. Маана, ара иахьааиз (атәыла) амаа ркит. Маан Албуз иԥа аҳәынҭқар димаҳәын. Убасҟан, аҳәынҭқар Ҭырқәтәыла иахыз Сулҭан Ҳамиҭ инапаҿы дыҟан. Аҭоурых иахьа иаҳдыруа маҷуп, иаҳзымдыруа еиҳа ирацәоуп. Ҳара ара иҟоу ҳқыҭақәа зегьы рхатә ҭоурых рымоуп, ирхыуҳәааша рацәоуп", — аҭоурых атәы дазааҭгылон Ремзи Кылӷьы.

Егьа аамҭа еиҭасра ҟаларгьы аԥсуа дшаԥсыуоу дынхоит. Дахьыҟазаалакгьы иаԥхьа иргылоит иаԥсуара. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа.

Кааҭрие Чаалар - Sputnik Аҧсны
Кааҭрие Чаалар: сара акырынтә саныхәыҷыз исаҳахьан Аԥсны аӡбахә шырҳәалоз

"Аԥсуара, Анцәа иишаз ҳажәлар раԥхьа игылоу ауп. Ҳара иҳамоу алеишәа уаҩытәыҩса имаӡам. Ҳара ҳзыниаз, ҳзынԥаз, ашәа иалаҵаны ирҳәоит, ахьӡыртәрақәа аԥырҵоит. Ахәрашәа, арашәара иазку ашәа, уарадеда-аҭацаагара ашәа, ус шаҟа хкы?! Иахьанӡа имыӡзеит, аринахысгьы иӡран иҟаӡам", — ицәажәара иациҵон абырг.

Аԥсуаа иныҟәырго ақьабзқәа рхатә ԥҟарақәа рымоуп. Иаҳхәозар, Ҭырқәтәыла ируа аԥсуа чара, иара ахатә ҷыдара амоуп.

"Ачарақәа рҟны аџьмацәа рыларҵон, аԥсуыуамзар, уи аҩыза даҽа милаҭк имаӡам. Аџьмацәа згаз ампахьшьы ирҭон. Ачараҿы ахысра ыҟан, ахысраан акәтаӷь кыдырҵон. Уи еихсыз, иақәзыршәаз аиааира игон. Ачараҿы аԥсуара иамаҭәахәыз ала иныҟәон, уи иақәшәоз акәашара ыҟан. Иаанхаз, иазгәаҳҭо маҷушәа сгәы иабоит. Усҟан аԥсуа ичара даҽа мҩасшьак аман. Аҭацаҩыза ачарахь иаауаз асасцәа зегьы дырԥылон, имҩаԥылгон. Ачара ҟалаанӡа, уахык ҩаха аҭгара ҟарҵон. Асас иааиз ииҳәарц ииҭаху аҭацаҩыза лҟны иҳәон. Ишақәнагаз ала имҩаԥыргон", — ҳәа азгәеиҭоит Ремзи.

Аԥсуаа рҿы асас ахатә ҭыԥ ҷыда ааникылоит. Пату иқәҵа, џьшьа иқәҵа дымҩаԥыргоит. Уи аԥсуа леишәа иатәуп.

"Аԥсуа қыҭаҿы асас еснагь иԥылара иазыхиоуп. Асас иузааиз деиҳабы деиҵбы, махеи гәаҵәеи имҵаҵатәуп. Уи ус изыҟарҵо, агәаҵәа сгәы еиԥш узбоит, амахагьы сыԥсы еиԥш узбоит ауп иаанаго. Ашьтәа ахыбжагьы ҟарҵоит. Сара усашьоуп, схеиԥш узбоит аанагоит. Аԥсуаа уи иаҳзаԥуп. Анцәа иаҳцәимырӡааит, рызегьы рныҟәгашьа хазшаз ҳақәиршәааит", — иҳәеит Ремзы Кылӷьы.

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәеи аԥсуареи ирызҿлымҳау ҳџьынџьуаа: аԥсуа қыҭа Бычка аԥсҭазаара

Аԥсуаа рҿы апатуеиқәҵара жәытә-натә аахыс иазгәаҭоуп. Аиҳабы пату иқәуҵар, уара ухы пату ақәуҵеит ауп иаанаго. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит абырг.

"Шаҟа шәеиҳабацәа пату рықәышәҵо, убриаҟара ҳазшаз Анцәа шәибоит. Адуцәа анааидтәалоз, аиҵбацәа рнапқәа ааиқәыԥсаны сааҭла ршьапы ихгыланы рымаҵ руан. Шәтәа, ҳәа анрарҳәалак, рхы раҳаҭны ирбомызт, индәылҵуан. Аиҳабы иааигәа аиҵбы дтәаӡомызт. Аиҳабы ажәа аниҳәо, аиҵбы дгыланы дазыӡырҩуан. Ҳара ҳаиҳабацәа иаҳдырҵаз ауп иаҳҳәо, аҿар уи ныҟәыргар ҳҭахуп. Хык иаԥсам аӡәгьы дыҟаӡам. Хәыҷык сасра днеиргьы аԥсыуа ҩнаҭак аҟны, ихаҟара пату иқәырҵон", — аԥсуара дагәыланахалан дцәажәон Ремзи Кылӷьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0