Зыԥсадгьыл згәы азыбылуаз ҳџьынџьуаҩ иажәа

© Foto / Сырма АшәԥҳаОрҳан Шамба Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа иааз раԥхьаӡатәи адиаспора ргәыԥ далахәын.
Орҳан Шамба Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа иааз раԥхьаӡатәи адиаспора ргәыԥ далахәын. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишәыдаагалоит 1993 шықәса азы Аԥсны иааны иҟаз ҳџьынџьуаҩ, зыхьӡ нагаз аспорт азҟаза, зых иақәиҭу ақәԥаразы изныкымкәа Ҭырқәтәыла иачемпионхахьаз Орҳан Шамба ицәажәара. Иара иԥсы ҭазтгьы, ҳазҭоу амзазы ихыҵуазаарын 90 ш.

АҞӘА, мшаԥымза 22 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ишдыру еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара иааит ҳџьынџьуаа. Иҟоуп урҭ рахьтә Аиааира абара иахьымӡакәа иҭахақәаз. Иҟоуп ара зынхара ҟалазгьы.

Убас еиԥш, аибашьра анцоз аамҭазы, иҟан Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа иаауаз аиҳабацәа. Урҭ изларылшоз ала аматериалтә цхыраара, адгылара ҟарҵон. Орҳан Шамба Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа иааз раԥхьаӡатәи адиаспора ргәыԥ далахәын. Абар иара ицәажәара:

Аишьцәа Царгәышаа ҭырқәтәылатәи рыԥсҭазаара

"Ажәлар шәхаҵкы сцааит. Ҵабыргуп абра ҳааидыжәгалеит, аизара ҳзеиҿышәкааит Аԥснаа. Хаицәажәап, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәап. Сара акрааҵуеит Аԥсныҟа смааижьҭеи. Сгәы бааԥсын сзымааӡеит, цәгьа игәхьаазгон. Аԥсназы иуҳәаша рацәоуп. Сразҟы иалан Аԥсны раԥхьаӡа 1975 шықәса азы абара.

Усҟан гәыԥҩык Ҭырқәтәылантәи иаақәаз аԥсуаа ҳаҟан. Сыԥсадгьыл сыла ианаба, саналаԥш-аалаԥш ауп ианеилыскаа, ҳара ҳзыхдырҟьоз. Хаԥсны аԥшӡароуп ҳазхырбаауаз, иахьагьы ҳаӷацәа ҳзыхдырҟьо убри ауп. Ҳарҭ аамҭа бзиак ҳзааины, ҳаиҭанаиааиуа ҳҟалар, ҳаибабарагьы, ҳгәыбылрагьы, ҳусқәагьы маншәалахон.

Аха, иахьа уажәраанӡа ҳабацәа рабацәа аҵамхаӡеит. Абыржәыраанӡа ҳадгьыл хьчаны иаҳзааргеит, ари нахысгьы еиқәҳархароуп. Ҳара уа ҳахьыҟоу иҳаҳауаз ажәабжьқәа ҳгәы анкарыжьуаз ыҟан, зны-зынлагьы ҳгәы арӷәӷәон. Уажәтәи аибашьра иахҟьаны, Ҭырқәтәыла ҳаззымдыруазгьы ҳардырит.

Аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инеҩит ҳаӡбахә. Аҭырқәа идгьыл аҿы мацара акәым, адунеи ахьынӡанаӡааӡо аԥсуа дыззымдыруа уаҩ дыҟам. Убри алагьы ҳара ҳгәы дууп. Иахьа абра ҳахьааизгьы, ҳахьшәылаԥшуа ҳгәы еизҳаны ҳаҟоуп.

Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги. - Sputnik Аҧсны
Ҳәмарба: аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц

Ҳгәы дуны ҳзыҟоу, аамҭа уадаҩ ишҭагылоугьы, ҳаазазҵаауа зегьы ргәы каҳан иҟаӡам. Уи аԥсуа иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоуп. Ҳаргьы ҳаара зызку, гәырԥынҵак аҟара акәзаргьы шәгәы ҳардуур, шәгәы аӷәӷәара ҳзацҵар, гәахәа алаҳхуеит.  

Аԥсуаа, аӡә дҳагәҭасыр ҳауӡом. Иҟаҳцашақәа акырӡа ирацәоуп. Ацхыраара хәыҷы ишәзыҟаҳҵо ҭабуп ахышәҳәаауеит. Ус ҟалома? Ҳара ҳаишьцәоуп, ҳаидгылароуп, ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп. Аԥсны ахьымӡӷ иаҵаҳамҵароуп. Ак ҳалшоны ҳаҟазар, ҳаззегьы ҳаидгылароуп.

Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ҳаныхынҳәлак, иаҳбаз-иҳаҳаз рзеиҭаҳҳәоит. Шәгәы кашәмыжьын, абааԥсы, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа! Ҳара аҭаҳмадцәа иҟаҳҵаран иҟоузеи, аха иахьынӡаҳалшо ҳшәывагылоуп, шәызҵоу ахьанҭара шәыцеиҩаҳшоит. Аԥсны абарақьаҭра, аџьанаҭра ҳаӷрамгылап. Зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳрызхәыцып. Иҳалымшаша ҳалҳаршап. Ҳаи, шьыри сыԥсадгьыл ахьӡала сыԥсындаз, џьанаҭ сымцоз"!..


Ажәабжьқәа зегьы
0