Тҟәарчал араион автобус ҿыцқәа аҭоуп

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араионқәеи ақыҭақәеи рышколқәа рзы автобусқәа раахәараз иныхуп 162 миллион мааҭ.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчалтәи автопарк автобус ҿыцқәа аҭан Рауль Ҳаџьымба иалахәрала. Атәыла ахада Тҟәарчал араион даҭааит ԥхынгәы 30 рзы.

Атәыла ахада арныҟәаҩцәа дразҵааит атранспорт ҿыц ргәы иақәшәо иақәымшәо ҳәа. Дара ирҳәеит агәахәара ду шырнаҭо атранспорт ҿыц ала аныҟәара.

Аԥсны араионқәа транспорт ҿыцла еиқәдыршәеит

"Араион автобус ҿыцқәа фба аиуит. Урҭ рҟынтәи ҩба школтә автобусқәоуп. Акы ақалақь аҩныҵҟа иныҟәалоит, аҽакы Агәыбедиатәи ашкол иаҳҭоит. Иаанхаз автобусқәа ақалақьбжьаратә реисқәа рахь иҭыҵуеит", - лҳәоит араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

Ажәытә транспорт акыр инықәсхьан.

"Ажәытә транспорт, ҳәарада, ҳаруадаҩуан. Ареспублика еиҭа 14 автобус раара иазыԥшуп. Урҭ рҟынтәи ҩба ҳауеит ҳәа ҳгәыӷуеит", - лҳәоит Чачхалиаԥҳа.

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араионқәеи ақыҭақәеи рышколқәа рзы автобусқәа раахәараз иныхуп 162 миллион мааҭ.

Уаанӡа автобусқәа еихыршахьан Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Очамчыреи араионқәа рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: