Тҟәарчал араион автобус ҿыцқәа аҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал араион автобус ҿыцқәа аҭоуп
Тҟәарчал араион автобус ҿыцқәа аҭоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араионқәеи ақыҭақәеи рышколқәа рзы автобусқәа раахәараз иныхуп 162 миллион мааҭ.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчалтәи автопарк автобус ҿыцқәа аҭан Рауль Ҳаџьымба иалахәрала. Атәыла ахада Тҟәарчал араион даҭааит ԥхынгәы 30 рзы.

Атәыла ахада арныҟәаҩцәа дразҵааит атранспорт ҿыц ргәы иақәшәо иақәымшәо ҳәа. Дара ирҳәеит агәахәара ду шырнаҭо атранспорт ҿыц ала аныҟәара.

Рашәара 18, 2019 шықәсазы Аԥсныҟа иаагаз автобусқәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны араионқәа транспорт ҿыцла еиқәдыршәеит

"Араион автобус ҿыцқәа фба аиуит. Урҭ рҟынтәи ҩба школтә автобусқәоуп. Акы ақалақь аҩныҵҟа иныҟәалоит, аҽакы Агәыбедиатәи ашкол иаҳҭоит. Иаанхаз автобусқәа ақалақьбжьаратә реисқәа рахь иҭыҵуеит", - лҳәоит араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

Ажәытә транспорт акыр инықәсхьан.

"Ажәытә транспорт, ҳәарада, ҳаруадаҩуан. Ареспублика еиҭа 14 автобус раара иазыԥшуп. Урҭ рҟынтәи ҩба ҳауеит ҳәа ҳгәыӷуеит", - лҳәоит Чачхалиаԥҳа.

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араионқәеи ақыҭақәеи рышколқәа рзы автобусқәа раахәараз иныхуп 162 миллион мааҭ.

Уаанӡа автобусқәа еихыршахьан Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Очамчыреи араионқәа рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0