Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵуеит

Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аартын Аҟәа 1974 шықәса цәыббра 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵит.

Аҩны-музеи адиректор Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, Гәлиа ари аҩны инапала иргылеит. Апоет иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иԥшәмаԥҳәыс Елена Бжалаа аҳәынҭқарра ҳамҭас иалҭеит.

Адиректор лажәақәа рыла, аҩны-музеи лассы-лассы ашколхәыҷқәа аҭаауеит, имҩаԥысуеит алитературатә хәылԥазқәа. Иахьазы ахыбра шьаҭанкылатәи аремонт азутәуп.

"Аҩны аҭагылазаашьа акыр иуашәшәыроуп. Хымԥада аремонттә усурақәа мҩаԥгатәуп. Аибашьра ашьҭахь хәҭа-хәҭала аремонтқәа мҩаԥган, аха шьаҭанкыла аремонт азутәуп", - лҳәеит лара.

Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа – Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист.

Дырмит Гәлиа Аҟәа анышә дамадоуп. 1912-1960 шықәсқәа рзы дахьынхоз аҩнаҿы амузеи аартуп.

2019 шықәса рзы ара имҩаԥырго ауснагӡатәқәа зегьы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра иазкуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: