ХХI Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" аҟны аԥснытәи астенд аҭааҩцәа шаднаԥхьалози афестиваль аҟынтәи Аԥсныҟа иаауа аекспонат ҿыцқәеи ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматтериал аҿы.
Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik
ХХI Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" 400 музеии 3000-ҩык амузеи аус атәы здыруа аекспертцәеи еиднакылеит. Афестиваль мҩаԥысит Ацентртә цәыргақәҵатә зал "Манеж" аҿы, рашәара 2 рзы.
Аԥсны ахьӡала афестиваль иалахәын Дырмит Гәлиа иҩны-музеи.
Афестиваль аҿы аҭааҩцәа рзы еиҿкаан еиуеиԥшым апрограммақәа, имҩаԥган апрофессионалтә тематикатә сессиақәа, адискуссиақәа, алекциақәа, амастер-классқәа.
Амузеи аусзуҩ Мананы Палԥҳа лажәақәа рыла аԥснытәи алахәылацәа рзы еиҳарак аинтерес аман аԥышәеимдаратә проектқәа, апрограммақәа.
"Афестиваль иалахәуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа змоу амузеиқәа", - лҳәоит Палԥҳа.
Дырмит Гәлиа иҩны-музеи ҩынтәуп абри афестиваль ахы аланархәуеижьҭеи.
Сынтәа апавилион теманы иаман: "Аԥсуеи аурыси шәҟәыҩҩцәа ркультуратә еимадарақәа". Аекспозициа х-хырхарҭак рыла еиҿкаан: "Агазеҭ "Апсны" шәышықәса", "Аурыс шәҟәыҩҩцәа Аԥсны", "Дырмит Гәлиа 145 шықәса" лҳәеит Дырмит Гәлиа иҩны-музеи адиректор Светлана Қорсаиаԥҳа.
"Интермузеи": Дырмит Гәлиа имузеи апавилион аартуп Москва
"Амузеи аҟны иҳамоу хәызмам ашәҟәқәа реиԥш ҳара Дырмит Гәлиа имоҭа Нурбеи Гәлиа иаҳҭеит агәаларшәагатә монета- аԥсар. Ҳара иҿыцыз адыррақәа ҳауит 1942 шықәса рзы хабарда дыбжьаӡит ҳәа зыӡбахә дыру Нурбеи иаб изкны. Ҳара ҳзы Гәлиаа рҭаацәара аҭоурых адырра аҵакы аманы иҟоуп. Сгәы иаанагоит амузеи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аҭаацәара рлахәылацәа зегьы рыӡбахә ахьаҳәо аҭыԥқәа ҟалап ҳәа", - еиҭалҳәоит Светлана Қорсаиаԥҳа.
Апавилион аусура далацәажәо адиректор илҳәеит амузеи аусзуҩцәа Аԥсны атуроператорцәа рыҳасабала иқәгылеит ҳәа.
"Ацәыргақәҵа шьахәын. Ирацәаҩуп ҳзабадырыз, ҳазнырыз. Убас, анаԥхьара ҳауит Новгородтәи-ҳәырԥсарра афестиваль ахь. Ҳҭааҩцәа амузеи аиԥш Аԥсны аинтерес кны иалацәажәон", - лҳәоит Қорсаиаԥҳа.