Убас дышхәыҷыз Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа игьежьыз Қәеиза Кәыџԥҳа ашколтә программа ашьҭыхреи абызшәа азымдырреи ирыхҟьаны илԥылоз ауадаҩрақәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа иҟалҵаз анҵамҭаҿы.
Ҭырқәтәылантәи иаауа ахәыҷқәа аԥсшәагьы рҵоит аурысшәагьы рҵоит, аха нас аурыс бызшәа еиҳа иаиааиуеит апрактикаҿы. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы зыӡбара мариам проблеманы ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аԥсуаа рхатәы бызшәала ацәажәара мап ахьацәыркуа. Ахатәы бызшәала ацәажәара мап ацәкра иаԥсахуеит ауаҩытәыҩса ихдырра, идунеихәаԥшышьа, ихымҩаԥгашьа.
Ҳара ҳбызшәа еиҵагыло абиԥарақәа рымадара иаҟәыҵуа иалагеит имаҷымкәа аҭаацәарақәа. Уи ҳныԥшуеит зехьынџьара ҳаԥсҭазаараҿы, ҳапсихологиаҿы, ҳкультураҿы, ҳқьабзқәа рҿы уҳәа. Абызшәаҿы иҵәаху даараӡа ирацәоуп, иара иахҭысуа ҳаргьы иҳахҭысуеит.
Ирҳәоит абызшәа анца уи иаман ицоит зегьы ҳәа. Ари зынӡас ииашоу гәаанагароуп. Иахьа ирацәаҩуп аԥсуа бызшәа зҭагылоу збарҭоу ауаа, аха уи ариашаразын амҩақәа рыԥшаара мариамхеит акәымзар. Аԥсшәа цқьа ирзымдыруа, ма ихьысҳаны ирдыру абиԥарақәа аиҵагылара иаҿуп.
Рхыԥхьаӡара маҷӡам атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи арахь игьежьуа ахәыҷқәа, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа арахь ианаауа аԥсшәа здыруа рацәаҩӡам. Еиҳарак аԥсшәа здыруа занацәа Аԥсны иеиуоу роуп. Ҭырқәтәыла алагарҭатә классқәа рҿы дтәан Аԥсныҟа данааз Қәеиза Кәыџԥҳа.
"Сара Ҭырқәтәылантәи арахь санаауаз уаҟа ашкол сҭалахьан. Актәи аҩбатәи аклассқәа срылганы сааит. Аха ара санааи еиҭа аҩбатәи акласс ахь сцеит. Уаҟа ашкол ахь санцаз фышықәса ракәын исхыҵуаз, ара ҳанааигьы аурысшәа сыздырӡомызт убри азыҳәан, хәыҷык исцәыуадаҩхар ҳәа сан дшәаны еиҭа аҩбатәи акласс аҿы слыртәеит. Сара санааз аԥсшәа здыруан, уи аганахьала апроблема сымаӡамызт. Аха уахьынтәи иаауа ахәыҷқәа ирцәыуадаҩуп. Избан акәзар аҵара мацара акәӡам, аҩызцәа рацәажәаразын ма аԥсшәа, ма аурысшәа удыруазароуп", — лҳәеит Кәыџԥҳа.
Лара аԥсшәа шылдыруазгьы маҷк илцәыуадаҩын. Егьырҭ зынӡа абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа ирылатәоуп, израцәажәом, изеицыхәмаруам, уи уадаҩуп. Лара ԥсышәала дцәажәон, аха анбанқәа лыздыруамызт, аҩышьа лыздыруамызт уи лцәыуадаҩын. Аха лан аратәуп уи длыцхраауан, уи лыцхырааралагьы даара илыхәеит. Егьырҭ ахәыҷқәа, уи аҩыза ацхыраара роуӡом.
Насгьы дара абызшәа ҵатәыс ирықәшәоит. Аха аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу еиҳарак аурысшәоуп ирҵо. Избанзар зехьынџьара аурысшәа раҳауеит, рпрограммагьы урысшәала ишьақәгылоуп. Иҟоуп имаҷымкәа лара леиԥш ишхәыҷыз иааз урҭ аԥсшәагьы, аурысшәагьы рҵеит, аха нас дара-дара рыбжьара урысшәала иеицәажәоит. Аԥсшәа рцәажәара даара имаҷны иаларҵоит. Ара ииз, иааӡаз ахәыҷқәа аԥсшәа анырымҳәо лара лгәаанагарала ииашаӡам.
"Иҟоуп ахәыҷқәа зныкгьы Урыстәыла имцац, аха аурысшәада акгьы рыздырӡом, ус иҟоугьы ыҟоуп. Сара шәсазҵаауазар, ахәыҷқәа дара-дара аԥсышәала иеицәажәаларц азын ԥсыхәас иамоу сыздыруӡом. Сара саԥсшәа бзиаӡам ҳәа исыԥхьаӡоит, ибзианы исҵар сҭахуп. Зехьынџьара аԥсшәа ыҟазароуп", — лҳәеит Кәыџԥҳа.
Ашкол аҿы апрограмма иалаз алитература аҵара лзымариаӡамызт, аха уигьы лҵеит. Лара данааиз аурысшәа лыздырӡомызт, аха уажәы лоурысшәа еиҳа еиӷьуп зегьы раасҭа. Уи ус изыҟоу ҳакәша-мыкәша иҟоу ахәыҷқәа аҵара Урыстәыла иҭаларц азын аурысшәа бзианы ирдыруазароуп, убри азын иара еиҳа рхы иадырхәоит. Ас ҳцалар зынӡа иаҳцәыӡуеит ҳәа дыҟаӡам. Аха ҳбызшәа ԥсыҽхоит, ақалақьқәа рҿы ирымҳәо иалагоит. Ари проблема дууп, уи аӡбара азын ак ҟаҵатәуп ҳәа лгәы иаанагоит.
Даҽа тәылақәак рҟынтәи арахь иаауа ахәыҷқәа бызшәак мацара акәӡам ҵатәыс ирауа. Урҭ аҵагылар акәхоит ҩ-бызшәак рҵара ахьанҭара. Аиҵыбыратә классқәа рҿы итәоу ахәыҷқәа анаауа раԥхьа аԥсшәа аҵара иалагоит. Шықәсык ҩышықәса рнаҩыс абызшәагьы ҵаны ашколтә программагьы иахьӡоит.
Аха аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу ахәыҷқәа ирцәыуадаҩуп. Урҭ ршколтә программа еиҳа иахьыцәгьоу иахҟьаны ҩ-бызшәак рҵахагь рауӡом. Убри аҟынтә аҵараҿы ирҭаху абызшәа аурысшәа аҵара иалагоит. Знык аурысшәа анырҵалакь, уи зехьынџьара ишрыхәо анырбалак аԥсшәа зымҵогьы ҟалоит, аха наҟынтәи иаауа ахәыҷқәа реиҳараҩык зегьы аԥсшәагьы, аурысшәагьы рҵоит.
Дара ахьынхоз аҳәынҭқарратә бызшәада, даҽа бызшәак ззымдыруа арахь иаауа ахәыҷқәа ашкол ахьгьы иныҟәоит, аурокқәа рышьҭахь абызшәақәагьы рҵоит, ус ала рықәлацәа ирыхьӡаны аҵара рҵо иалагоит.
Аԥсшәагь аурысшәагьы ҵаны рықәлацәа ирыхьӡаны, ираҟараны инарывагылоит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа. Аха абра ицәырҵуеит аԥсуаа ҳхатәы бызшәа аганахьала иахьа иҳамоу ачымазара. Атәым ҳәынҭқарраҿы зны забацәа рбызшәа иалахәыдартәхьаз ахәыҷы.
Ара Аԥсны ҩынтәны рбызшәа иалахәыдаатәхоит, избанзар излоу, рыкәша-мыкәша иҟоу ахәыҷқәа зегьы злацәажәо аурыс бызшәоуп. Убри иахҟьаны рыԥсшәа ԥсыҽхоит, аурысшәа аԥыжәара аиуеит дара рҿгьы. Ари даараӡа ауаҩы дзырхәыцуа зҵаароуп ҳәарада.
Атәым дгьылқәа рҟынтәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ахәыҷқәа иҵауланы еилыркаауеит абызшәа аҵара иадҳәалоу ауадаҩрақәа. Дара агәахәара рнаҭаӡом аԥсуаа аԥсышәала ианымцәажәо, имхәыцӡакәагьы рхатәы гәаанагарақәагь рымоуп уи азын.
Аҳәаа нырцәынтә игьежьны иааны ара аҵара зҵо ахәыҷқәа бзиа ибаны, гәахәара дула ирҵоит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа. Уимоу иҟоуп дара иалкааны бзиа ирбо ашәҟәыҩҩцәагьы.
Шәышықәсала атәым дгьыл аҿы зхатәы бызшәа иаҟәыргарц иашьҭаз ҳауаажәлар рхәыҷқәа ара ҳаԥсадгьыл аҿы ианааилакь ҳаԥсшәа агьама дыркны "нас" ахархәараҿы даҽа бызшәак рыдаҳгалт. Аха дара ауадаҩрақәа ириааины аҵара рыцызҵо ахәыҷқәа ирылҷҷауа иалагоит. Ҳаԥсадгьыл азын ргәы былуеит, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥшгьы иазхәыцуеит. Ауаҩы игәы иахәартә қәҿиарала инарыгӡоит рҵарагьы.