Изыхҟьазаалакь, иахьа аамҭа кьаҿк иалагӡаны адунеи амаӡа ҵаулақәеи аԥсуааи еидызҳәалоз рбызшәа ирацәаҩны мап ацәыркуа иалагеит. Зхатәы бызшәа ааныжьны даҽа бызшәак ахь ииасуа ауаҩы иара изгәамҭаӡакәа иԥсабара ианыԥшуеит.
Аԥсышәала ибзианы ицәажәои изымцәажәои ауаа аԥсуа иԥсабара аҵыхәанынӡа адырраҿы еснагь еилибамкаарак рыбжьоуп. Аԥсышәала ицәажәо аԥсуаа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳа иахьагхо абызшәа ацәыӡраҿ мацара акәӡам ашәарҭара ахьцәырнаго, аԥсуа ихаатәы ԥсабара ацәыӡраҿгьы ицәырнагоит ашәарҭара.
Абарҭқа агәҭынчымра зызцәырнаго аҵарауаа напы аларкит аԥсуа бызшәа социолингвистикала аҭҵаара. Ари аҭҵаарадырратә хырхарҭа хықәкыс иамоу ауаажәлар рыҩныҵҟа абызшәа ахархәашьа аилкаара ауп. Асоциалингвистика ицәырнагоит абызшәеи ауаажәларреи реизыҟазаашьа иазку ауадаҩрақа.
Асоциалингвистика аԥсуа бызшәаҿы иҿыцу хырхарҭоуп. Иара знапы алаку асоциалингвист иҭиҵаауеит абызшәа ауаажәлар рыҩныҵҟа ахархәара ахьамоу, насгьы рхы ишадырхәо. Иаԥырхагоу аԥсҭазааратә цәырҵрақәа иара ишаныԥшуа, абызшәа ашәарҭара иҭагылазар уи зыхҟьо уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа. Аԥсшәа социалингвистикала иҭырҵаауеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Унивурситет аԥсуа бызшәа акафедра аусзуҩцәа ҿарацәа Аҳәԥҳа Асҭандеи Цәеиԥҳа Лиубови. Дара ааигәа аспирантура иалгеит. Рдиссертациақәа аус рыдулара иаҿуп. Урҭ азкуп Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа. Напхгара рылҭоит афилалогиатә ҭҵаарадыррақуа рдоқтор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.
Абызшәатә ҭагылазаашьа ҭырҵаарц азыҳәан асоциолингвистикаҿы аҵарауаа рхы иадырхәоит еиуеиԥшым аметодқәа. Еиқәдыршәоит анкетақәа, атестқәа, имҩаԥыргоит ҿырҳәала аиҿцәажәарақәа, рхы иадырхәоит абжьанҵагақәа. Аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит еиуеиԥшым асоциалтә гәыԥқәа рҿы.
Иахьа, ауаҩы имбарц залшом аԥсуаа рыҩныҵҟа аурыс бызшәа ахархәара ӷәӷәа аиуа ишалагаз. Ҭыԥқәак рыҟны аԥыжәарагь аго иалагахьеит. Изыхҟьозеи абас аурыс бызшәа ара аҿиара, анырра ҟазҵозеи уи азын? Насгьы изеиԥшроузеи аԥсшәеи иареи реизыҟазаашьа? Уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа рыҭҵааразы Аҳәԥҳа Асҭандеи Цәеиԥҳа Лиубеи аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсны ақыҭақәаеи ақалақьқәеи рҿы. Ақыҭақәа рҿы абызшәа аҭагылазаашьа ҭылҵаауеит Аҳәԥҳа Асҭанда.
Ақалақьқәа рҿы аԥсшәа ахархәараҿы даҽа ҭагылазаашьак ыҟоуп. Араҟа аурыс бызшәа инарҭбааны ахархәара амоуп аԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы. Аусбарҭақәа, еиуеиԥшым аилазаарақәа, ауаажәларратә хеидкылақәа, аҩнаҿы, адәы зехьынџьара аурыс бызшәоуп еиҳарак иуаҳауа. Ақалақьқәа рҿы абызшәа аҭагылазаашьа социолингвистикала аҭҵаара хықәкыла аус адылулоит Цәеиԥҳа Лиубовь.
Абызшәа социолингвистикала аҭҵаара анаҩсангьы Асҭандеи Лиубови Аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсшәа ддырҵоит астудентцәа. Урҭ аус рыдырулоит абызшәа здыруа реиԥш иԥсыҽны издыруагьы, зынӡа иззымдыруагьы.
Насгьы ҷыдала еиуеиԥшым азанааҭқәа ирызку атерминологиақәа ддырҵоит абиологиа, агеографиа, агроинженертә факультетқәа рҿы. Аҵарауаа ҿарацәа Асҭандеи Лиубеи ара Аԥсны аҩныҵҟа асоциолингвистика ицәырнаго азҵаарақәа рыҭҵаарадагьы дара рхы аус адырулоит.
Аԥсны анҭыҵ ицоит, асоциолингвистикаҿ аԥышәа змоу аҵарауааи дареи еиԥылоит. Еилыркаауеит уаҟа иҟоу аҭагылазаашьақәа. Абызшәа зырҿио, ԥхьаҟа изго ажәлар роуп. Урҭ рхы иадмырхәо ианалагалакь иара маҷ-маҷ агхара иалагоит. Абызшәа змам амилаҭ, зхаз милаҭхаӡом.
Ҳарҭ аԥсуаагь тәым бызшәала мацара ҳцәажәо ҳалагар жәларык рыҳасабала ҳаԥсыуааны ҳаанхаӡом. Убас ҟамларц азын — иахьа ҳбызшәа аиқәырхаразын доусы иҳалшо аҟаҵара уалԥшьаны иҳадуп.