Ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхәыҷқәа ахәыҷбаҳчаҿы. Архивтә фото.
Ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчаҿы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы еилылкаауан Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа азанааҭуаҩ хада Аза Кәарҷиаԥҳа лҿы.

Ирҳәоит, ахәыҷы даныхәыҷу ишьҭикаазоуп иԥсҭазаара зегьы иагәылиго ҳәа. Ауаҩы ихаҭара ашьақәгыларагьы ахәыҷраҿоуп ашьаҭа ахьыҟоу. Данхәыҷу ииҵаз абызшәоуп ихатәы бызшәагьы. Ишԥашьақәгылоу абызшәатә ҭагылазаашьа ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь ианымҩахыҵлакь.

Иуадаҩуп ара аԥсшәа аԥыжәара амоуп ҳәа аҳәара. Иҟоуп уахь имҩахыҵуа ахәыҷқәа зынӡа иззымдыруагь, ихьысҳан издыруагь. Ирацәам ибзиан издыруа рхыԥхьаӡарагь.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳалбад: ақәԥара аҭахуп арадиоҿы, ателедырраҭараҿы, ашкол аҿы

Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 13 хәыҷ баҳча. Урҭ рахьынтә ҩба роуп иаԥсыуам, егьырҭ аԥсыуа хәыҷбаҳчақәоуп. Иааидкылан 2738-ҩык ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит. Урҭ реиҳараҩык аԥсыуаауп.

Аԥсуа баҳча цқьақәа ҩба ҳамоуп: "Алашара" "Аԥра", арҭ аԥсуа баҳча цқьақәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Егьырҭ ҳәарада еилаԥсоуп, аԥсуа секторқәа еиҳауп, аха акык ҩбак аурыс секторқәа ахьыҟоугьы ыҟоуп. Амала аурыс секторқәа хазы иҟоуп. Аԥсуа хәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсшәа зҳәогьы изымҳәогьы еилатәоуп. Ҳара азин ҳамаӡам ахәыҷы инапы данкны иҭаацәа данаарга инаркны дара иахьырҭахыу агәыԥ иаламҵара.

Дара реиҳараҩык зегьы аԥсыуаауп, аха сара исҭахуп абрахь ҳәа азҵаара анықәиргыла уи аҩыза азакәан ҳамаӡам, даарԥхашьашәа егьишәа дымҩақәаҳҵар ауеит, аха аҭаацәа дара иахьырҭаху дыргоит ахәыҷы. Иацԥыҳәаны аурыс сектор ахь изгогьы ыҟоуп.

Аха абарҭ аҩышықәса ахәыҷқәа абаҳчахь инеиаанӡагь аҭаацәа ахәыҷқәа аԥсышәала рацәажәара еиҳа иазҿлымҳахеит. Аҭаацәа еилыркаауа иалагеит ахатәы бызшәада ԥсҭазаара шыҟамло атәы.

Ақалақьқәа рҟны ахәыҷқәа аныхәмаруа урзыӡырҩыр уаҟа аԥсшәа даараӡа имаҷны иуаҳауеит. Убасоуп аҭагылазаашьа шыҟоу ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿгьы. Ахәыҷқәа дара-дара ианеицыхәмаруа излеицәажәо аурысшәоуп.

Апарламент адепутат Алмас Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп

Аԥсшәа здыруа рхыԥхьаӡара еиҳа иахьеиҵоу азын урҭгьы егьырҭ ирыҵаӡуеит. Иахьа иҳамоу ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсшәа здыруеи иззымдыруеи ҳәа еихшаны агәыԥқәа ыҟаӡам. Зегьы раԥхьа иргылан уи ахҟьоит ахәыҷбаҳчақәа рзымхара апроблема.

Сара сгәаанагара шәазҵаауазар сара исҭахуп аԥсуа хәыҷбаҳчақәа цқьаны иҟазарц, аԥсуа хәыҷбаҳчан иҟазар, ҳәарада ара егьырҭ амилаҭқәа нхоит, убри аҟынтәи аурыс баҳчақәагь ыҟазароуп аха. Сара сгәы иаанагоит ҳашнеи-шнеиуа ус иҟалап ҳәа.

Избанзар ахәыҷқәа зхатәы бызшәа здырны инеиуа нас аурысқәа анрылало, адәахьы идәылымҵыр ауам, рыԥсы рымшьар ауам, убри аҟынтәи хәыҷык иуадаҩхоит ахәыҷы ԥсышәала ихәыцра, ицәажәара амҩақәҵара.

Ааӡаҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит. Ирацәаӡангьы аматериал ыҟоуп. Аҵара Аминистрраҟынтә иҳарҭоит, арахьгьы аус адаҳулоит. Ламысла, патула, ԥсуацқьала изнеира иаҿуп ҳааӡаҩцәа ҳәа сгәы иаанагоит.

Ахәыҷқәа еилыхны доусы дара ирыхәҭоу аметодикала абызшәа дырҵалатәуп, аха макьана уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳамам.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

Ишазгәаҳҭаз еиԥш агәыԥқәа рҿы ахәыҷқәа еилатәоуп. Ари аҩыза апрактика алыҵшәа амоуп абызшәа зынӡа иззымдыруа изы уи маҷк идыруа дҟанаҵоит. Аха еиҳа еиҳауп аԥсшәа здыруа ахәыҷқәа иззымдыруа рахь ианианаго. Уи иахҟьаны дара-дара анеицәажәо ахархәара змоу, абызшәагьы даҽакхоит.

Ари даараӡа иӷәӷәаны изызхәыцтәу зҵаароуп. Аԥсшәада даҽа бызшәак ззымдыруа ахәыҷбаҳчахь иааиз ахәыҷы иаарласны ишьҭикаауеит егьи абызшәа. Аԥсшәа ззымдыркәа иааиз аԥсшәа шьҭикаартә иҟазароуп, аха иахьала аҭагылазаашьа шыҟоу абасоуп.

Ахәыҷбаҳчақәа рҿы абызшәа дырҵаразын аҵара аминистрраҿгьы, ақалақьтә ҵараусбарҭа аметодистцәагьы еиқәдыршәо ашәҟәқәа, ацхыраагӡақәа, ахархәагақәа зегьы рҿы хықәкы хаданы иқәдыргылоит ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵара. Ахәыҷбаҳчақәа реиҳабацәеи, ааӡаҩцәеи уи иқәныҟәоит азыҟаҵарақәа раан.

Убри иабзоураны ирацәоуп ахәыҷқәа ирырҭо адыррақәа. Ааӡаҩцәа уи аџьабаа адырбалоит, аха ахәыҷқәа рҭаацәа  ишынарыԥылалакь еиҳараҩык раԥхьа азҵаара шрырҭо урысшәалоуп. Дарбанзаалакь ахәыҷы аҩны иаҳауа абызшәахьы дмиасыр залшаӡом, аригьы проблемоуп.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Аԥсуа бызшәала ацәажәара азҵаара аӡбараҿы еимадазароуп аҭаацәагьы, ахәыҷбаҳчақәагьы, ашколқәагьы. Иҟоуп аԥсшәа здыруа анацәеи абацәеи рхәыҷқәа ианырмацәажәогьы. Ахәыҷбаҳчаҿы, ма ашкол аҿы иҵоит ҳәа иақәгәыӷны дааргоит. Асаби раԥхьаӡа абызшәа ахьиаҳауа иҭаацәа рҿоуп.

Дара издыруа даҽа шьоукы ирықәгәыӷны ибызшәа хьысҳарамтәлар усҟан ахәыҷбаҳчақәа ирықәу аидарагь еиҳа имаҷхон. Иахьазын ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәыԥқәа еихшаны иахьыҟам ааӡаҩцәагь аџьабаа ӷәӷәаны иднарбоит, дара рыбзоурала ахәыҷқәа аԥсшәа шьҭыркаауеит, аха агәыԥқәа рҿы ахәыҷқәа ахьеилатәоу алыҵшәа аҟаҵара ус имариам ааӡаҩцәа ирылдыршо шырацәоугьы.

Ахәыҷбаҳчақәа рзы ҷыдала иазыҟаҵоу ааӡаҩцәеи аԥсихологцәеи аназымхогьы ҟалалоит. Урҭ разыҟаҵара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы аус адырулоит. Ахәыҷбаҳчақәа ирыҩнало ааӡаҩцәагь аԥсихолоагцәагь зҿлымҳара рзыруеит аԥсуаа ҳхатәы ҷыдарақәа. Зехьынџьара иазымхозаргь имаҷӡам ахәыҷбаҳчақәа ирыдҳәалоу аԥсихологцәа.

Ахәыҷбаҳчақәеи аҭаацәеи аԥсшәа ахьалаго изықәгылоу ауасхырқәа иреиуоуп. Араҟоуп ахәыҷы ибызшәа анаҩстәи алахьынҵа ахьыӡбахо. Уа зегьы еицҿакны, еиқәшаҳаҭны ииашаны ианазнеи ари азҵаара аӡбарагь мариахоит, аԥсшәа аԥеиԥшгьы еиҳа иеиӷьхоит. Ҳбызшәа аҳаҭыр ашьҭыхраз, ахархәара аиӷьтәраз иаҭахуп аилибакаареи ажәҩахыр еибыҭареи. Усҟан ҳбызшәагьы ҳара иаҳзылыԥхоит. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0