Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ҳаԥсуа жәлар ҳазҭалараны иҟоу Ашsқәс ҿыц рыдныҳәалауа, Вадим Николаи-иԥа Ҳаразиа иазгәеиҭеит нырцәи-аарцәи иҟоу аԥсуаа аидгылареи, аибабареи, аигәныҩреи рқәашьзарц, аԥеиԥш лаша рымазарц.
"Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра аусура аихшьаала ҟауҵозар, иззfаҭгылатәу рацәоуп. 30 шықәса инарзынаԥшуеит ахаҭарнакра аус ауеижьҭеи. Ҳауаажәлар амца шоура ианалагылаз, ҳҵеи ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала иаԥҵан ари ахаҭарнакра. Иара еснагь иазгәеиҭон ҳашьцәа злахәым аҳәынҭқарра адац-ԥашә шкәадоу, ишуашәшәыроу, урҭ хымԥада рыԥсадгьыл ахь игьежьыр шакәу. Арӡынба ҳауаажәлар рыԥсадгьыл аҿы реидкыларазы имаз аидеиа иацҵо ҳааиуеит", - абас ҳаиҿцәажәара хациркит Вадим Ҳаразиа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрреи, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, ҳтәыла анапхгареи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакреи, Аԥсуа федерациеи рыжәҩа еибыҭаны аус еицыруеит, ҳҳәынҭқарраҿы зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу азҵаара - ҳдиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл адыԥхьалара иазҿлымҳауп, уи азы ганрацәала аусқәа ҳәаақәырҵоит.
"Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы 500 нызқьҩык инареиҳаны аԥсуаа нхоит ҳәа иаҳдыруа аинформациа азхаҳҵоит. Насгьы аибашьра ашьҭахьгьы, уи анаҩсангьы аҭагылазаашьа иҳамоу ҳхы иархәаны, хымԥада ҳџьынџьуаа Аԥсадгыл ахь рырхынхәреи, ргәыбылра арҿыхареи аус адаҳулоит", - ҳәа азгәеиҭоит Вадим Ҳаразиа.
Ҭырқәтәыла, ишыжәдыруа еиԥш, еиҿкаауп аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа еидызкыло Аԥсуа федерациа. Уи аԥшьгоижьҭеи сынтәа иҵит жәашықәса. Ахаҭарнакреи Аԥсуа федерациеи еидгыланы русеицура алҵшәа бзиа аанарԥшуеит.
"Сынтәа даҽа ҩ-хеидкыла ҿыцк Аԥсуа федерациа иалаҵахеит. Иара убас, ҳазҭалоу Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амзақәа рзы даҽа хԥа-ԥшьба дернеқь аартра ҳгәы иҭоуп, уи аганахьала аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Иазгәасҭарц сҭахуп Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарреи ҳареи аимадара ҳабжьаҵара аус амҩа ҳшану. Аԥсны рдырырц, иҭырҵаарц азы сынтәа изныкымкәа Ҭырқәтәылатәи аиҳабыратә делегациақәа Аԥсныҟа инеиртә аҭагылазаашьақәа аԥҵан. Мышқәак раԥхьа Аԥсны инеины иҟан апартиа "Ватан" ахаҭарнакцәа, ара "Аԥсадгьыл" ахьӡуп. Урҭ дрыцын Аԥсуа федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба", - иҳәеит Ҳаразиа.
Вадим Ҳаразиа излаизгәеиҭо ала, сынтәатәи ашықәс иалагӡаны Аԥсны иаҭааит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иреиӷьу абизнесменцәа ҳәа иԥхьаӡоу гәыԥҩык. Уи агәыԥ иалан ажурналистцәагьы.
"Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарраҿы аус зуа Кавказ аганахьала ашәарҭадаратә комиссиа хылаԥшра азызуа Аԥсны даҭааны дыҟан, саргьы сицын. Убас еиԥш имаҷым акыраамҭа имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны ҳаԥсадгьыл иаҭааз аиҳабыратә делегациақәа. Иџьоушьаша, ҳазҭагылоу аамҭазы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика даҽа блак ала иахәаԥшуеит Аԥсынтәыла, уи хымԥада агәахәара ҳнаҭоит. Иҟаӡам мчыбжьык ахь знык, мамзаргьы мызкахьы ҩынтә-хынтә Ҭырқәтәыла иҟоу иреиӷьу актәи ателехәаԥшратә каналқәеи апериодикатә кьыԥхьи рҟны Аԥсны аӡбахә анырымҳәо", - ҳәа азгәеиҭоит Вадим Ҳаразиа.
Аҳәынҭқарратә ҩаӡараҟынӡа инаганы Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аганахьала ахаҭарнакра имҩаԥнаго аҽазышәарақәа маҷым. Ари аус аҟны алша рацәоуп иара убас Аԥсуа федерациа.
"Иҳалшо ала абас еиԥш иҟоу адипломатиатә мҩа ҳануп. Аполитика аганахьала иҟоуп зегьы аацәырганы исзымҳәаша азҵаарақәа. Иаарласны Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкараҟа сцараны сыҟоуп, сызлацәажәо ахырхарҭақәа рыла аиҿцәажәарақәа ирыцаҳҵараны ҳаҟоуп", - иҳәеит Вадим Ҳаразиа.
Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл радыԥхьалара, ҳаимадара арӷәӷәара, уи есымшатәи усуп.
"Араҟа иҟамзар ҟалап кәакьк ҳџьынџьуаа ахьынхо ҳахьымнеиц. Урҭ рыҿцәажәара, реидкылара, рҭоурых аӡыргара ҳарҭ иаҳуалԥшьоуп. Урҭ ирыдҳәалоу аус иахьа шьаҿа-шьаҿала амҩаԥгара ҳаҿуп. Иаарласны Ҭырқәтәыла Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵоит сызҳәом, аха уахь уназго амҩаду ылхтәуп. Сынтәа Аԥсны аиҳабыра, Апарламент адепутатцәа, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә делегациақәа Ҭырқәтәыла иаҭаахьеит. Ҳџьынџьуаа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәеит", - ҳәа азгәеиҭоит Ҳаразиа.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа дазааҭгылеит, сынтәатәи ашықәс иалагӡаны Аԥсуа федерациа аҳәаақәа рыҽшдырҭбааз.
"Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа ҳарҭааит, уаҟа еиҿкаау ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ҳареи ҳаиԥылеит, ҳашьцәа абазақәеи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәара азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Ҳазҭало ашықәс ҿыц аламҭалазы Нхыҵ Кавказынтә Ҭырқәтәылаҟа инеираны иҟоу аделегациақәа ҳарзыԥшуп. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны ҳдиаспореи ҳареи аимадарақәа ҳабжьаҳҵарц азы ауснагӡатәқәа мҩасуеит", - иҳәеит Ҳаразиа.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәра иадҳәалоу апроцесс зегьы хьаас ирымоу ауп. Уи азы иаҭахуп ахшыҩеилаҵара.
"Ҳусураҿгьы, ҳаиқәшәарақәа рҿгьы аԥсадгьыл ахь архынҳәра иадҳәалоу апроцесс ауп зегь раԥхьа иҳаргыло азҵаара. Иҟоуп Аԥсныҟа нхара ҳәа, иара убас усура ҳәа инеиқәаз ҳџьынџьуаа. Зегь раԥхьа иргыланы еилибакаарыла ҳаизнеироуп. Иахьакәзаалак анхара, ахныҟәгара мариаӡам. Аха иаҳдыруазароуп шьак еицалҵыз аԥсуаа ҳара-ҳара иҳагу ҳала ихымеибакшылакәа, ҳаизхәыцны иарбан зҵааразаалак аҭыԥ ишықәаҳҵар акәу. Усҟан ҳаззымиааиуа ус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом", - ҳәа азгәеиҭоит Ҳаразиа.
Ашықәс ҿыц аламҭалазы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа ҳауаажәлар рахь ихы нарханы иҳәоит:
"Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аԥсҭазаара бзиа. Аԥсуа жәлар егьа гәаҟра рхыргахьазаргьы, уи алҵшьа иақәшәон еснагь, избанзар ирызҭан аԥсуа игәаӷь. Ҳауаажәлар ԥсаҟьаны 53 ҳәынҭқарраҿы инхоит, ари еиҳау иарбан рыцҳароу?! Ҳазҭагылоу аамҭазы иҳамоу алшара ҳхы иархәаны, ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа ҳариааины, ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш лаша ҳазықәԥароуп. Агәыӷра, аидгылара, алшара ҳаҭәашьазааит. Ҳаԥсуа бираҟи, ҳҳәынҭқарреи, ҳбызшәеи, ҳауаажәлари еигымзааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!" - ҳәа ижәлар дрықәныҳәеит Вадим Ҳаразиа.
Ҳаиҿцәажәаразы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа ҭабуп ҳәа иаҳәо, изеиӷьаҳшьоит аҭакԥхықәра ду зцу ҳауаажәлар реимадара аус аҟны аихьӡарақәа!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп
Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк