Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Сынтәа, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра 25 шықәса ахыҵит. 1994 шықәса рзы, Аԥсны Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба, Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба адҵа иҭаны дишьҭуеит Ҭырқәтәылаҟа, акыр шықәсагьы Аԥсны ахаҭарнакра амаҵ азиуит. Анаҩс, уаҟа аус руит Инар Гыцбеи Алиас Асабуеи. Шықәсык нацны иҵуеит Вадим Ҳаразиа ари аусбарҭа хаҭарнакра азиуеижьҭеи, иара убас Аԥснынтә уахь усура ишьҭуп Џьансыхә Лазбеи, Асҭамыр Багаҭелиеи. Ахаҭарнакра аҿаԥхьа иқәгылоу иҳәаақәҵатәу азҵаарақәа рацәоуп. Урҭ зегьы шьаҿа-шьаҿа, хшыҩзышьҭрала рымҩақәҵара аҭахны иазиԥхьаӡоит Ҳаразиа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны, иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакраҿы аус ҳуеит хҩык ауаа. Аханатә уахь ҳцара иаҿагылаз амчқәа шыҟазгьы, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациеи, Ҭырқәтәылатәи апарламент аҿы иҟоу ҳџьынџьуааи рыбзоурала ҳусура нап шаҳаркыз", - ҳәа азгәеиҭоит Вадим Ҳаразиа.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак излаиҳәо ала, раԥхьаӡа иргыланы уа иҟоу аԥсуаа ркультуратә дернеқьқәа (ахеидкылақәа) рҭаарала русура еиҿыркааит. Иара убас, иахәҭаны иазырыԥхьаӡеит ҳџьынџьуаҩ Аадем Махариа напхгара зиҭо абыргцәа рхеилак алахәцәа рԥылара, аҿари дареи реибабара. Есҽны аус ҿыцқәа рхы цәырыргоит, урҭ зегьы рымч-рылша адҵаны ахаҵгылара арҭоит.
"Аԥсуаа рхеидкылақәа инарҷыданы иҟоуп Кавказ ажәларқәа еидызкыло ацентрқәа, уи 64 дернеқь аҵанакуеит. Ачерқьес хеидкылақәа ракәзар ԥшьба ыҟоуп. Кавказ ажәлар рхаҭарнакцәа зегьы уа еиҿкааны ирымоуп рхатә хеидкылақәа. Урҭи ҳареи аимадареи, аиҩызареи, аусеицуреи ҳабжьоуп", -иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны ахаҭарнакреи, Аԥсуа федерациеи ҳәоуеиқәшәарыла еизыҟоуп, аусеицура рыбжьоуп, иӡбатәны ицәырҵуа азҵаарақәа ирылацәажәаны аҭыԥ иқәырҵоит.
Вадим Ҳаразиа уажәтәи ала Аԥсныҟа иаара иналкааны рыцхәк иадҳәалаӡам. Ҭырқтәылантәи арахь иаауаз ҳџьынџьуаа ргәыԥ дацны дааит. Урҭ, хымԥада рҿаԥхьа иқәгылоуп ахықәкы.
"Сызцааз ҳџьынџьуаа агәаҳәара аадырԥшит Аԥсны дгьыл ҭыԥк алхны рхатә мал ала, рхатә џьабаа ала анхарҭа ҩны аргылара. Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа ҳарҭааит. Араион ахадацәа еилкаарыла аус иазнеит. Иааны иҟоу агәыԥ еиднакыло хәҩы-фҩы ракәзар, рышьҭахь игылоу рацәаҩуп, аҳәынҭқарра иазымыԥшыкәа рхатә харџь ала анхарҭа ҩнқәа ҟаҵаны, наунагӡа рҭаацәа рыманы иаарц рҭахуп", - ҳәа азгәеиҭоит Вадим Ҳаразиа.
Аҟәысба: аԥсуа диаспора рыԥсадгьыл ахь иаартә еиԥш амҩақәа ырмариатәуп>>
Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхьарԥшра ишьҭнахуа азҵаарақәа рацәоуп. Зегь раԥхьа игылоуп аимадара ҳәаақәызҵо амҩа азҵаара.
"Уажәала амшынмҩа ыҟам, аҳаиртә баӷәаза аус ауам. Мҩа заҵәык иҟоу Урыстәыла аганахь ала ауп. Аха, рыцҳарас иҟоу, уи иартәо ахарџь рацәоуп. Ҭаацәаныла иаарц зҭаху рацәаҩуп, аха ргәаҳәара анырзынамыгӡо ыҟоуп. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрала, ҩымз рнаҩс Трабзони Шәачеи, Самсуни Шәачеи ауаа мҩанызго аӷба бжьалараны иҟоуп, уи даара ҳақәгәыӷуеит. Иара убас, Шәачеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу аҭырқәа аҳаиртә компаниа ак акәзар иҟоу, лассы даҽакгьы ацлоит, уи акыр ицхыраагӡахоит", - иҳәеит Ҳаразиа.
Сынтәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирыдҳәалоу азҵаара ҳдиаспора даара иазҿлымҳауп. Ҭырқәтәыла алхрақәа рымҩаԥгаразы агәаҳәара аадырԥшуеит. Убри аан, атәылауаҩшәҟәы аиура азҵаара иадҳәалоу амзызқәа цәырҵуеит.
"Ашықәс ҿыц ҳанҭала инаркны Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ҿыцқәа ҟаҵатәхеит. Иахьала, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыбжьара 200-ҩык рҟынӡа роуп Аԥсны атәылуаҩшәҟәы ҿыцқәа змоу. 200-ҩык рзы алхрақәа рымҩаԥгара уадаҩзар акәхап. Уахь инаганы ираҳҭоит ҳәа акәӡам сара сызҿу, аха амҩа иахҟьаны изааӡом, ирзыԥсахӡом. Убригь азхәыцра аҭахуп, зегь раԥхьа иргыланы амҩа азҵаара ӡбахар, ари аусгьы аҭыԥ иқәлон ҳәа агәыӷра сымоуп", - азгәеиҭеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак.
Ахадаратә зҵаарақәа рахь иаҵанакуеит, ҳџьынџьуаа рыҩныҵҟа аԥсуа бызшәа арҵара аус. Изныкымкәа аҳәанырцә инхо ҳдиаспора абызшәа инамаданы абас еиԥш рҳәалоит: ҳхатәы бызшәа анаҳцәыӡ, аԥсыӡ аӡы зҵабаз ҳаҩызахоит ҳәа. Ас еиԥш иҟоу ахшыҩҵак анҵыра маиурц азы, хымԥада аус ҩ-напык рыла иҳәаақәҵатәуп.
"Аԥсны аҳәынҭқарра аганахь ала, арепатриациазы аминисттра аганахь ала уҳәа, ҳдиаспора рыҩныҵҟа абызшәа аиқәырхара азҵаара ахаҵгылара амоуп, арантә есышықәса арҵаҩцәа рышьҭуеит, Сақариа, Сҭампыл уҳәа адернеқьқәа рҿы абызшәа арҵара акурсқәа еиҿкаауп. Иара убас, ныҳәаҵас иҳаԥхьаӡоит ааигәа Дузџьатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра аартра азин ахьҳауз", - ҳәа азгәеиҭоит Ҳаразиа.
Вадим Ҳаразиа иажәақәа рыла, Есқьишьеҳир ақалақь аҿы Анатолиатәи ауниверситет аректори иареи аиқәшәара рыман. Анатолиатәи ауниверситет егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы афилиалқәа амоуп, латәарадатәи ҟәшақәа рҿы, иџьашьатәызаргьы х-миллионҩык инарзынаԥшуа астудентцәа аҵара рҵоит. Аректор излаиҳәаз ала, еиуеиԥшым азаанаҭқәа рыла аҵарадырра аиуразы 250-ҩык рҟынӡа Аԥснынтәи астудентцәа рыдкылара иазыхиоуп.
"Ишыжәдыруа еиԥш, Ҭырқәтәыла ақалақьқәа рҿы аҵара зҵо ҳҭыԥҳацәа, ҳарԥарцәа рацәаҩуп. Аҩадатәи Кипр аҵара зҵо аԥсуа студентцәагьы ҳамоуп. Ҳастудентцәеи ҳареи ҳаиқәшәалоит, аимадара ҳабжьоуп. Аԥсуа хеидкылақәа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рхы рыладырхәуеит. Сҭампыл иҳамоуп Аԥсуа театр, уи "Абысҭа" ахьӡуп. Ааигәа аспектакль аӡыргара мҩаԥысит, зықьҩылагьы ауаа еиднакылеит. Адернеқьқәа рҿы еиҿкаауп акәашаратә ансамбльқәагьы", - ихәеит Ҳаразиа.
Атәым дгьыл аҵаҟа инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь ирымоу ахьаагара ӷәӷәоуп, рҭоурых, ркультура амырӡра иашьҭоуп, ажәытә аамҭа ирзыннажьыз аҟазара аихаҳара рҭахуп. Ааигәа, Сҭампыл адернеқь аҿы иаадыртит ажәытәтәи асаркьа аԥҟара иадҳәалоу аҟазара. Агәыԥ Лиова Аҩӡба ихьӡ ахырҵеит. Абасала, змилаҭ ахаҿра амырӡра иашьҭоу ҳџьынџьуаа рыгәҭакқәеи руснагӡатәқәеи маҷым.
"Лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоу амҳаџьырқәа ргәалашәара амш аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Аԥхынра анҵәамҭазы аԥсуа-адыга фестиваль акыр инарҭбааны, Нхыҵ-Кавказынтәигьы ааԥхьара рыҭаны Ҭырқәтәыла имҩаԥысырц рҭахуп. Лаҵармзазы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп. Ҵыԥх уи аҩыза афестиваль еиҿкаан Черқьесск", - ҳәа азгәеиҭоит Вадим Ҳаразиа.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа, ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭазы иҳәеит ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш лашазы аидгылареи аҳәоуеиқәшәареи шаҭаху.
"Анцәа иҳаҭәеишьаз ҳаԥсадгьыл ҳаиднакылааит нырцәи-аарцәи инхо аԥсуаа зегьы. Ҳажәҩахыр еидҵаны, ҳамчи-ҳахшыҩи еилаҵаны ҳҳәынҭқарра аргылара ҳазшаз иҳаҭәеишьааит. Ҳҵас, ҳбызшәа, ҳкультура ԥсра-ӡра ақәымзааит, ҳџьынџь мыӡааит", - ҳәа азгәеиҭоит Ҳаразиа.