Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа

Гагра ақалақь Акультура аҩны администратор, занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу, аха ԥсабарала исахьаҭыхҩу, 40 усумҭа знапы иҵҵхьоу, ақәынҵеи ахаҳәи рҟны асахьа ҭызхуа Татиана Саноиан иаҳзеиҭалҳәеит лколлектив илырҭаз адгылара иабзоураны лхатәы цәыргақәҵа аиҿкаара дшазхәыцыз атәы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Татиана Саноиан дшыхәыҷыз лан Гагратәи аҟазаратә школ далҭеит асахьаҭыхрахь илымоу абаҩхатәра ашьаҭа арӷәӷәаразы. Аха аҭаацәараҟны арҵаҩы изанааҭ ҳаҭыр ақәын, насгьы абиԥарала иааргон аҟнытә, аԥҳәызба Гагратәи абжьаратә школ №4 даналага, дҭалоит Шәача ақалақь, Амилаҭқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет. Лҵара хлыркәшоит аҭоурыхҭҵааҩ изанааҭ лыманы.

Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа

Татиана уамак ҵуам Гагратәи акультура аҩнаҟны администраторс аусура далагеижьҭеи. Аха аҭыԥҳа илылаз аҟазара иаразнак иааԥшит.

"Аныҳәақәа раан, Акультура аҩнаҟны аус зуа зегьы ҳаицхырааны афоие, асцена уҳәа ҳарԥшӡоит, ҳнапала адекорациақәа ҟаҳҵоит. Иҟалалоит асахьаҭыхрала ианхаҳарҭәаауа. Убас ҳзеиԥш усеицураан сҩызцәа ирбеит ишсықәманшәалахоз. Иансазҵаа, ирасҳәеит аҟазаратә школ асахьаҭыхратә ҟәша сшалгахьаз, аамҭа ансымоу, аҩны хоббик аҳасабала ақәынҵеи (холст - аред.) ахаҳәи рҟны сышҭыхуа. Уи ашьҭахь сусумҭақәа акык-ҩбак ҳамҭас ирысҭеит, ирбеит сылшамҭақәа. Ахаҳә аҿы сҭыхуа салагеит шықәсык аԥхьа. Уи сара сзы даара имариоуп, насгьы иус лахҿыхуп", - еиҭалҳәоит аԥҳәызба.

Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа

Татиана ақәынҵаҟны иҭыху 40 усумҭа лымоуп, урҭ реиҳарак лыуацәеи лҭынхацәеи ҳамҭас ирылҭеит. Ахаҳә аҟны иҭыху акәзар, лхазы акагьы лызнымхеит, изгәаԥхоз ирзылшеит.

"Асахьаҭыхрахь исымоу абзиабареи аинтереси зырӷәӷәаз аҟазаратә школ аҿы знапы саныз раԥхьатәи сырҵаҩы Кристина Кочканиан лоуп. Уажәы сколлектив еиҳагьы агәра сдыргеит ишсықәманшәалахо, уимоу ацәыргақәҵа аиҿкаарагьы сгәадырԥхеит. Иааиуа амзазы, Жәларбжьаратәи аҳәса рымш инамаданы, Гагра Акультура аҩнаҟны сусумҭақәа ӡырызгоит", - лҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Татиана Саноиан илыдҵаало иалагеит аҭаацәара иалало аҿар. Дара рзы ақәынҵаҟны иҭылхуеит ачаратә сахьақәа.

Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа

Аԥҳәызба лнапы иҵҵуа аусумҭақәа рҟны иаалырԥшуеит аԥсабара, архитектуратә баҟақәа, ахаҿқәа, абстракциа. Лхы иалырхәо атехника "еилаԥсоу аҟазара" ахьӡуп, уи иаанаго, асахьаҭыхыҩ еиуеиԥшым ашәыгақәеи, аматериалқәеи, амаругақәеи рыла аус анылуа ауп. Аиашазы, Татиана лсахьақәа ишашаӡа ублаҟны иааиуеит.

Аҟаза иҳаиллыркааит ҽнак ала сахьак аҭыхра шлылшо. Ахаҳә аҟны акәзар, уи ҩба-хԥа сааҭ рыла ишхлыркәшо.

Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа

"Аҟазара знапы алаку ибзианы идыруеит иус анагӡараҿы ишаҭаху амуза. Уи ыҟамзаргьы, лҵшәак аиуоит, аха аԥсы ахалаӡом", - ҳәа азгәалҭоит Татиана.

Ԥсабарала исахьаҭыхҩу аҭыԥҳа бзиа илбо ахобби ааныжьра лгәы иҭам. Иахьазы лгәы хыҭхыҭуа ацәыргақәҵа дазыԥшуп. Иҭабуп ҳәагьы ралҳәоит лгәахәтәы анагӡарҿы адгылара лызҭо Гагра араион Акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳаи Акультура аҩны аиҳабы Оксана Гьерхьелиаԥҳаи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: