Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаТатиана Саноиан
Татиана Саноиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь Акультура аҩны администратор, занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу, аха ԥсабарала исахьаҭыхҩу, 40 усумҭа знапы иҵҵхьоу, ақәынҵеи ахаҳәи рҟны асахьа ҭызхуа Татиана Саноиан иаҳзеиҭалҳәеит лколлектив илырҭаз адгылара иабзоураны лхатәы цәыргақәҵа аиҿкаара дшазхәыцыз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Татиана Саноиан дшыхәыҷыз лан Гагратәи аҟазаратә школ далҭеит асахьаҭыхрахь илымоу абаҩхатәра ашьаҭа арӷәӷәаразы. Аха аҭаацәараҟны арҵаҩы изанааҭ ҳаҭыр ақәын, насгьы абиԥарала иааргон аҟнытә, аԥҳәызба Гагратәи абжьаратә школ №4 даналага, дҭалоит Шәача ақалақь, Амилаҭқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет. Лҵара хлыркәшоит аҭоурыхҭҵааҩ изанааҭ лыманы.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаТатиана Саноиан дшыхәыҷыз абаҩхатәра илылаз баны, лан Гагра аҟазаратә школ далҭеит
Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа - Sputnik Аҧсны
Татиана Саноиан дшыхәыҷыз абаҩхатәра илылаз баны, лан Гагра аҟазаратә школ далҭеит

Татиана уамак ҵуам Гагратәи акультура аҩнаҟны администраторс аусура далагеижьҭеи. Аха аҭыԥҳа илылаз аҟазара иаразнак иааԥшит.

"Аныҳәақәа раан, Акультура аҩнаҟны аус зуа зегьы ҳаицхырааны афоие, асцена уҳәа ҳарԥшӡоит, ҳнапала адекорациақәа ҟаҳҵоит. Иҟалалоит асахьаҭыхрала ианхаҳарҭәаауа. Убас ҳзеиԥш усеицураан сҩызцәа ирбеит ишсықәманшәалахоз. Иансазҵаа, ирасҳәеит аҟазаратә школ асахьаҭыхратә ҟәша сшалгахьаз, аамҭа ансымоу, аҩны хоббик аҳасабала ақәынҵеи (холст - аред.) ахаҳәи рҟны сышҭыхуа. Уи ашьҭахь сусумҭақәа акык-ҩбак ҳамҭас ирысҭеит, ирбеит сылшамҭақәа. Ахаҳә аҿы сҭыхуа салагеит шықәсык аԥхьа. Уи сара сзы даара имариоуп, насгьы иус лахҿыхуп", - еиҭалҳәоит аԥҳәызба.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаГагра Акультура аҩны администратрс аус ахьылуа лҩызцәа лҟазара ангәарҭа, ацәыргақәҵа еиҿылкаарц агәацԥыҳәара лырҭеит
Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа - Sputnik Аҧсны
Гагра Акультура аҩны администратрс аус ахьылуа лҩызцәа лҟазара ангәарҭа, ацәыргақәҵа еиҿылкаарц агәацԥыҳәара лырҭеит

Татиана ақәынҵаҟны иҭыху 40 усумҭа лымоуп, урҭ реиҳарак лыуацәеи лҭынхацәеи ҳамҭас ирылҭеит. Ахаҳә аҟны иҭыху акәзар, лхазы акагьы лызнымхеит, изгәаԥхоз ирзылшеит.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаТатиана Саноиан ақәынҵеи ахаҳәи рҟны аусумҭақәа аԥылҵоит
Татиана Саноиан ақәынҵеи ахаҳәи рҟны аусумҭақәа аԥылҵоит - Sputnik Аҧсны
1/6
Татиана Саноиан ақәынҵеи ахаҳәи рҟны аусумҭақәа аԥылҵоит
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЛара лажәақәа рыла, амуза аныҟам иаԥуҵо аусумҭақәа аԥсы рхаӡам
Лара лажәақәа рыла, амуза аныҟам иаԥуҵо аусумҭақәа аԥсы рхаӡам - Sputnik Аҧсны
2/6
Лара лажәақәа рыла, амуза аныҟам иаԥуҵо аусумҭақәа аԥсы рхаӡам
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаТатиана иаԥылҵо зегьы реиҳарак ҳамҭас лҩызцәа ирылҭоит
Татиана иаԥылҵо зегьы реиҳарак ҳамҭас лҩызцәа ирылҭоит - Sputnik Аҧсны
3/6
Татиана иаԥылҵо зегьы реиҳарак ҳамҭас лҩызцәа ирылҭоит
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаИлылоу аҟыбаҩ ахьыҿиаз лырҵаҩы Кристина Кочканиан илыбзоуроуп ҳәа азгәалҭоит
Илылоу аҟыбаҩ ахьыҿиаз лырҵаҩы Кристина Кочканиан илыбзоуроуп ҳәа азгәалҭоит - Sputnik Аҧсны
4/6
Илылоу аҟыбаҩ ахьыҿиаз лырҵаҩы Кристина Кочканиан илыбзоуроуп ҳәа азгәалҭоит
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАхаҳә аҟны асахьаҭыхра ҩба-хԥа сааҭ рыла далгоит
Ахаҳә аҟны асахьаҭыхра ҩба-хԥа сааҭ рыла далгоит - Sputnik Аҧсны
5/6
Ахаҳә аҟны асахьаҭыхра ҩба-хԥа сааҭ рыла далгоит
© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАқәынҵаҿы асахьа ҭылхуеит ҽнак ахы-аҵыхәала
Ақәынҵаҿы асахьа ҭылхуеит ҽнак ахы-аҵыхәала - Sputnik Аҧсны
6/6
Ақәынҵаҿы асахьа ҭылхуеит ҽнак ахы-аҵыхәала
1/6
Татиана Саноиан ақәынҵеи ахаҳәи рҟны аусумҭақәа аԥылҵоит
2/6
Лара лажәақәа рыла, амуза аныҟам иаԥуҵо аусумҭақәа аԥсы рхаӡам
3/6
Татиана иаԥылҵо зегьы реиҳарак ҳамҭас лҩызцәа ирылҭоит
4/6
Илылоу аҟыбаҩ ахьыҿиаз лырҵаҩы Кристина Кочканиан илыбзоуроуп ҳәа азгәалҭоит
5/6
Ахаҳә аҟны асахьаҭыхра ҩба-хԥа сааҭ рыла далгоит
6/6
Ақәынҵаҿы асахьа ҭылхуеит ҽнак ахы-аҵыхәала

"Асахьаҭыхрахь исымоу абзиабареи аинтереси зырӷәӷәаз аҟазаратә школ аҿы знапы саныз раԥхьатәи сырҵаҩы Кристина Кочканиан лоуп. Уажәы сколлектив еиҳагьы агәра сдыргеит ишсықәманшәалахо, уимоу ацәыргақәҵа аиҿкаарагьы сгәадырԥхеит. Иааиуа амзазы, Жәларбжьаратәи аҳәса рымш инамаданы, Гагра Акультура аҩнаҟны сусумҭақәа ӡырызгоит", - лҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Татиана Саноиан илыдҵаало иалагеит аҭаацәара иалало аҿар. Дара рзы ақәынҵаҟны иҭылхуеит ачаратә сахьақәа.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаҾыц еибаго ақәынҵаҟны рсахьақәа ҭылхырц Татиана Саноиан илыдҵаалоит
Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа - Sputnik Аҧсны
Ҿыц еибаго ақәынҵаҟны рсахьақәа ҭылхырц Татиана Саноиан илыдҵаалоит

Аԥҳәызба лнапы иҵҵуа аусумҭақәа рҟны иаалырԥшуеит аԥсабара, архитектуратә баҟақәа, ахаҿқәа, абстракциа. Лхы иалырхәо атехника "еилаԥсоу аҟазара" ахьӡуп, уи иаанаго, асахьаҭыхыҩ еиуеиԥшым ашәыгақәеи, аматериалқәеи, амаругақәеи рыла аус анылуа ауп. Аиашазы, Татиана лсахьақәа ишашаӡа ублаҟны иааиуеит.

Аҟаза иҳаиллыркааит ҽнак ала сахьак аҭыхра шлылшо. Ахаҳә аҟны акәзар, уи ҩба-хԥа сааҭ рыла ишхлыркәшо.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаТатиана Саноиан лгәы хыҭхыҭуа хәажәкырамзазы иҟалараны иҟоу лцәыргақәҵа дазыԥшуп
Ԥсабарала абаҩхатәра злоу: Татиана Саноиан ацәыргақәҵа шылзеиҿыркаауа - Sputnik Аҧсны
Татиана Саноиан лгәы хыҭхыҭуа хәажәкырамзазы иҟалараны иҟоу лцәыргақәҵа дазыԥшуп

"Аҟазара знапы алаку ибзианы идыруеит иус анагӡараҿы ишаҭаху амуза. Уи ыҟамзаргьы, лҵшәак аиуоит, аха аԥсы ахалаӡом", - ҳәа азгәалҭоит Татиана.

Ԥсабарала исахьаҭыхҩу аҭыԥҳа бзиа илбо ахобби ааныжьра лгәы иҭам. Иахьазы лгәы хыҭхыҭуа ацәыргақәҵа дазыԥшуп. Иҭабуп ҳәагьы ралҳәоит лгәахәтәы анагӡарҿы адгылара лызҭо Гагра араион Акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳаи Акультура аҩны аиҳабы Оксана Гьерхьелиаԥҳаи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0