АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Ииасыз ашықәс азы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа еиларгеит 140-ҩык. 2018 шықәса иаҿырԥшны ари ҩынтә еиҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура асаит.
Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ "Закәаншьаҭада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа ахысра" инақәыршәаны, административтә хараԥса дыршәоуп шәҩык, административтә ҭакра дақәыршәан аӡәы, ааҩык Аԥсны аҵакыра иалцан ҳәа аҳәоит асаит адырраҭараҿы. Егьырҭ аҳәаа аилагаҩцәа ирыҿцәажәан.
Уи адагьы 13-нтә закәаншьаҭада аҳәаа аҭаҭын аалыҵ ахыгаразы аҽазышәара мҩаԥган.
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахьчара мҩаԥыргоит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриади Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭеи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит
Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа закәандарыла иахысыз ауаҩԥсы ҩымз ҳәа даанкылоуп
Ашәарҭадаратә маҵзура: Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәаа аилагарақәа хынтә еиҵахеит