Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа закәандарыла иахысыз ауаҩԥсы ҩымз ҳәа даанкылоуп

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа закәандарыла иахысыз Қырҭтәыла атәылауаҩ Галтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аамҭалатәи аҭакырҭахь днагоуп.

АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи дааныркылеит 1968 шықәса рзы ииз Қырҭтәыла атәылауаҩ Капанаӡе Александр Рафаел-иԥа закәаншьаҭада аҳәынҭқарратә ҳәаа дахьахысыз азы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура асаит.

Капанаӡе даанкылан ԥхынгәы 23, 2019 шықәса рзы Абаақыҭ, Гал араион. Гал араионтә ӡбарҭа Александр Капанаӡе ҩымз ҳәа аанкылара иқәнаҵеит.

Гал араион апрокуратура ашьаус хацнаркит "Закәаншьаҭада Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы" ахәҭаҷ ала ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа закәандарыла иахысыз Қырҭтәылаа тәылауаҩ Галтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аамҭалатәи аҭакырҭахь днагоуп.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0