Бжьаниа Аԥсныҟа данаауа арыцхә рҳәеит иалхратә штаб аҟны

Аслан Бжьаниа Краснодартәи актәи атәылаҿацәтә хәышәтәырҭа дҭоуп, уи уахь дҭашәеит хәажәкыра 2 рзы. Иара диагнозс изықәдыргылеит ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа мышқәак рыла ахәышәтәырҭа дҭырҩаараны иҟоуп. Уи хәажәкыра 11 рзы Аԥсныҟа даауеит алхратә кампаниа иалахәра иациҵарц азы, рҳәеит акандидат иалхратә штаб аҟны.

Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи Краснодар еиԥылеит

Аслан Бжьаниа хәажәкыра 2 рзы иаалырҟьаны Шәача аклиникақәа руак дҭашәеит. Уи иҭагылазаашьа акыр иахьуашәшәыраз азы амедикаментозтә кома далагалан. Ԥыҭрак ашьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Краснодарҟа диаган. Хәажәкыра 3 рзы уи акома далҵит, иҭагылазаашьа еиӷьхеит.

Хәажәкыра 5 рзы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит аԥсуа политик игәабзиара хар амам, аиӷьхара иаҿуп ҳәа.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: