Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи Краснодар еиԥылеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на город Краснодар.
Вид на город Краснодар. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи Краснодар еиԥылеит хәажәкыра 5 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

"Аиԥылара шыҟаз шьақәҳарӷәӷәоит. Макьаназ аҽак ҳазшәаҳәом", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Уи амедикаментозтә кома даларгалеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Хәажәкыра 3 рзы ачымазаҩ акома далҵит. Хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0