Урыстәыла ААР: Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалазар ҳаигәырӷьоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД России
Здание МИД России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада еиҭалхрақәа азыԥхьагәаҭоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ахҭыс ашьклаԥшра арҭоит.

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алхрақәа рлахәылацәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵоит азиншьаҭала иныҟәаларц, адемократиатә процедурақәа ирықәшәо рхы мҩаԥыргаларц. Абри атәы кьыԥхьын аусбарҭа асаит аҿы.

"Урыстәыла Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәала ыҟазар аҭахуп ҩызак аҳасабала, иагьазыхиоуп ганрацәалатәи ацхыраара аҟаҵара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниа иахәҭоу ацхыраара ширҭоу Краснодартәи атәылаҿацәтә хәышәтәырҭаҿы.

Аслан Бжьаниа идиагноз – ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкра – Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистррахь инашьҭуп хәажәкыра 4 рзы.

Медицина - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа атәы иштаб аҿы иалацәажәеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Урыстәыла шазыхиоу ԥхьаҟагьы ҭынчмҩала Аԥсны аус ацура, анырра.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 4 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылан "Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ашҳам иҭара Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы имҩаԥысит" ҳәа иҟоу агәаанагаразы УА Апрокуратура хада ашьаус хацнаркырц адҵаҟаҵара ииҭеит. Аиԥылараан Двинианин иҳәеит амц алазырҵәо урыстәылатәи АИХқәа хымԥада ишҭырҵаауа.

"Сара хымԥада шәыгәҭыха Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рҟынӡа иназгоит. Ҳәарада афактқәа риашареи риашамреи шьақәҳаргылоит, урҭ уажәазы асоциалтә ҳақәа рҿы ирацәахаз мцқәаны иҟамзар", - ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0