Аҭуӷан

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба хәажәкыра 12 аҽны ихыҵуазаарын 83 шықәса.
Sputnik

Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иҩымҭақәа ирмыԥхьац дарбанызаалак рацәа дрыцҳауп ҳәа шџьылшьо атәы.

Ари адунеи аанижьит ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Адунеи аанижьит цәала-жьыла, аха ҳара иаҳзынижьит ҵҩа змам адоуҳатә беиара. Уи акәхап аҟаза иԥсҭазааратә ҵакгьы.

Аҭуӷан

Иара дцеит, иҟазшьа иацыз алахҿыхратә гәалаҟара, еснагь илашоз ихы-иҿы мраҵас ҳгәалашәарақәа ирықәырԥхо.

Џьума Аҳәба Коӷониаа дҳаҳәшьаԥан, убри аҟынтә, иара длафны ишиҳәоз еиԥш, "статусла сара сеиҳабын" қәрала акыр сшеиҵбызгьы. "Тетушка" иҳәон иара урысшәала длафны, аҭел дысзасуазаргьы, амҩаду аҿы ҳаиқәшәозаргьы. Саргьы Џьума илаф сҽаҵасырхомызт, ҳааиқәшәацыԥхьаӡа "уара алитературатә ҟазара иуло Коӷониаа рҟынтәоуп иахьаауа, егьырахь, уԥшра-усахьа, уҟазшьа, иумо егьырҭ абзиарақәа Аҳәаа иртәуп" сҳәон.

Лагәлаа: Џьума Аҳәба ҳлитератураҿы инижьит аибашьра иазку аҩымҭа дуқәа

Џьума Басариан-иԥа исымеикуамызт, ауаа рацәа гылазаргьы "тетушка, бара биашоуп" иҳәон. Ас иҟоу аҟазшьа лахҿых зегьы ирыцииуам, Џьума идсымбалацызт ахамаԥагьара, "ашәҟәыҩҩы ду" иҭеиҭԥш шьҭыхны адунеи данысуамызт.

Иахьа иара идунеи аниԥсах, абарҭ иҟазшьақәа роуп еиҳаракгьы ихьааны сгәалашәарақәа ирыцрало. Ас еиԥш иҟоу ауаа еснагь ииуама, урҭ аамҭак иахьаҳацаныз разҟын ҳара ҳзы.

Џьума Аҳәба ихәыҷра ашықәсқәа игәаларшәо акырынтә еиҭеиҳәахьан, аԥсуа школқәа рҿы ақырҭуа (агыруа) рҵаҩцәа аҳра аныруаз аамҭазы ирхыргоз азалымдара.

Аҭуӷан

Исгәалашәоит хәылԥазык аҿы ишиҳәоз ашкол аҟынтә аҩныҟа данаауа рааигәара махәқәак ылхны иааигарц азы уахь иигаз аигәышә, аԥсуаа ишакәым ирыхцәажәоз ақырҭуа рҵаҩы ишигәидиҵаз. Хымԥада уи ианармыжьит, аха заԥхьаҟа амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иахаҭарнакхараны иҟаз ашәҟәыҩҩы иҟазшьа усҟан ахы ыҵнаххьан. Иаҳҳәар ауеит, ашколхәыҷ Џьума урҭ ахҭысқәа дрыӡрыжәит ҳәа.

Иахьа здунеи зыԥсахыз ашәҟәыҩҩы инапы рылакын ажанрқәа жәпакы: аепос, адрама, иара убас апублицистика. Ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа иҳаԥхаз аҟаза изкны феисбук адаҟьаҿы иҩуеит: "Џьума дреиуоуп аҧсуа жәабжь, ановелла, аҧсуа повест аҧсы ахазҵаз, изырҿиаз, аҧсихологиатә нырра шьарда изырҵаулаз ҳашәҟәыҩҩцәа", ҳәа.

Ииашаҵәҟьаны, Џьума Аҳәба иҩымҭақәа ҳарзааҭгылозар, рԥсихологиатә нырра акыр иҳаракуп, еиҳаркгьы уи ԥсра зқәым иажәабжьқәа "Бзоу", "Ҭуӷан" шьахәла ирныԥшуеит. Саныхәыҷыз "Бзоу" санаԥхьаз исзынныжьыз ихьыу-хьыуа иҟоу ахьааи, аԥхарреи еиҿыбааны изцу агәалашәара иахьанӡагьы исыцуп. Исгәалашәом заҟантә сеиҭаԥхьахьоу ажәабжь шьахә "Бзоу", аха иаасыртыцыԥхьаӡа иԥшьоу ҩымҭак еиԥш амаршәа кны сазнеиуеит.

Џьума Аҳәба: раԥхьатәи сҩымҭа анылеит ажурнал "Алашара" ахԥатәи аномер

Сара саб Асҭамыр аҽқәа ныҟәигон, уи аԥстәы аԥсабара ҳҭаацәараҿы ицәгьамкәа ирдыруан, аҽқәагьы акыр ҳаҭыр ҳазрықәын. Ҽкәарк ҳаман, ауаҩытәҩыса ибызшәа аҳауан, аныҟәашәа ссирын, аахәаразы саб идҵаалоз рацәаҩын, аха иҭиуамызт. Ус ишыҟаз, ҳаҽкәар чмазыҩхеит, сашьа дветеринарын, аха иара зыхәшәтәра амуаз ачымазара аман аҟынтә иаҳцәыԥсит. Иҵӡозеи уи аахыижьҭеи, аха уи ахьаа иахьагьы иаасыцрасуеит. Ҳҽы аныԥсы ашьҭахь, сгәырҩа алахысҽырц саб ибиблиотекаҿы иҟаз Џьума иажәабжь "Бзоу" сеиҭаԥхьарц сыӡбеит. Ажәабжь аиҭаԥхьара еиҳагьы иарҵарит схьаа, хыхь ҳсасааирҭа сыҩнатәаны сҵәыуон акәаԥ-акәаԥҳәа сылаӷырӡқәа ашәҟәы инагәылаԥсо.

Хымԥада, "Бзоу" зыҩуаз автор аԥстәы иазку ажәабжь ала, ауаҩытәҩыса ихҭысуа амыҟәмабарақәа ирзикуазар акәхарын, аха сара иахьагьы иџьасшьоит, аԥстәы аԥсихологиа заҟа дазааигәаны идыруаз.

Акыр шықәса рышьҭахь, исыӡбеит ажурнал "Аԥсны аҟазара" редактор хадас иамаз Џьума Аҳәба ашәҟәы изызҩырц. Иареи сареи усҟан хаҭала ҳаиқәымшәацызт, сара ҿыц атеатртә институт иалганы иааз актриса, схәыҷра ашықәсқәа ирылганы иаазгоз ҳаҽкәар аԥсреи "Бзоу" исзыннажьыз хашҭра зқәым анырреи ртәы изызҩырц. Слатәан ашәҟәы изызҩит абарҭқәа анҵаны. Дук мырҵыкәа Басариан Аҳәба иԥа Џьума иааицҳаит иредакциахь сныдгыларц. Сыԥхашьагәышьон, аха снеит. Дҿаԥхаҿаччо даасԥылеит зыԥшра зсахьа наԥшыхақә издыруаз ашәҟәыҩҩы. "Тетушка" иҳәеит иара икабинет сшаалагылазҵәҟьа. Сара усҟан дысԥылеит ҳаиқәлацәазшәа исацәажәоз, аԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу ажәабжьқәа ирхыԥхьаӡало зҩыз Џьума Аҳәба. Ҳанааидтәала исеиҳәеит сысалам шәҟәы агәахәара шинаҭаз, ашәҟәыҩҩы изы акыр ишхадоу аԥхьаҩи иареи реимадара.  Убри инаркны ажурнал "Аԥсны аҟазара" лассы саҭаауа салагеит, уимоу атеатр иазкыз сыстатиақәагьы ркьыԥхьуа иалагеит.

Иахьа здунеи зыԥсахыз ашәҟәыҩҩы илитеартуратә рҿиамҭақәа рҳәаа акыр ишыҭбааугьы, аԥхьаҩ лаҳасабала иалыскаарц сҭахуп, "Ҭуӷан" захьӡу иажәабжьгьы акыр сшаршанхахьо. Абраҟагьы, ашәҟәыҩҩы ԥстәуп фырхаҵа хадас ишьҭихыз, абраҟагьы зегь ирықәымҿио зыҩаӡара ҳарку афилософиатә проза ҳадигалоит Џьума "абга егьа аҿоуҵаргьы, абнахь иԥшуеит" ҳәа, жәлар ражәаԥҟа епиграфс ишьҭыхны. Џьумеи сареи ҳанеибабоз "Бзоуи", "Ҭуӷани" рыда акгьы умҩыргьы, уара ушәҟәыҩҩы дууп" анысҳәоз ишигәаԥхоз мҩашьо даасҿаччон, еснагь ишиҳәалоз еиԥш, "ибҳәо иашоуп, тетушка" насаҭеикуан ашәҟәыҩҩыраҿы иҭуӷаныз Џьума.

Аҭуӷан

Ҳазлацәажәо апрозаик ҟазшьала длахҿыхын ҳҳәозаргьы, иааҭырҟьа аныцәгьазгьы ҟалон. Ҽнак зны еизарак аҿы, еиҳабыс иалхразы зыӡбахә рҳәаз изы "ари дӷьычуп, дӷьычуп" иҳәеит Џьума Аҳәба. Итәаз зегь неишьхныԥсыланы ицеит. Зегь ақәшаҳаҭзаргьы, ас иаахтны аҳәара гәаӷьыуацәами?! "Дӷьычуп, дӷьычуп" ибжьы гон Џьума, егьырҭ ирмаҳауашәа ҟаҵаны рыбжьы рҭиуан… Усҟан сара агазеҭ "Нужнаиа"аҿы аус зуан. Ажурналист изы ари зеиԥшыҟам аколонка алҵуан. Џьума аҭел сизасит астатиа сҩаанӡа, "уажәақәа скьыԥхьыр мап укуама?" ҳәа. "Са саӡәыкны, мап шԥсакуеи, ибҭахызар адокументқәагьы сымоуп ибысҭоит",- иҳәеит иара.

Зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигент

Уи аколонка аныскьыԥхьуаз иавасыргылеит апоет ҟаимаҭ Кьыршьал Чачхалиа иажәамаана "Абгахәыҷы акгьы ахараӡам":

"Зегь ахароуп

Абга Ду,

Абхахәыҷы иазылызхыз "Амҩа Ду",- аҳәон уи ажәамаана шьахә. Адырхаҽны шыҟаз, Џьума Аиааира апроспект аҿы даасықәшәан "Са саӡәыкны, аиаша басҳәап тетушка, Кьыршьал итәы иавабыргылаз зынӡа иссируп, адокументқәа бҭаххозар беиҵасырхом, исҳәазгьы мап ацәыскуам",- иҳәан сааигәыдиҳәҳәаалеит. Ари ахҭыс иаҳнарбоит Џьума агәаӷьра змаз шәҟәыҩҩны дшыҟаз, зажәа назыгӡоз, изҳәоз иахымԥоз шиакәыз.

Аҭуӷан

Ашәҟәыҩҩы Аҳәба ихатә ԥсҭазаараҿы амыҟәмабарақәа рацәаны ишихигазгьы, иԥа трагедиала адунеи иқәҵра акыр ишьара дшықәнарҟьазгьы, ачымазара ӷәӷәа даргәамҵзаргьы, зегь акоуп, адәахьы идәылигомызт ҩныҵҟала игәнигоз ахьаақәа. Џьума дшаауԥылалак ихы-иҿы лашон, "са саӡәыкны, са саӡәыкны" ҳәа илаф темақәа ааудигалон. Абри аҟазшьа акәын игәҭыхақәа хызҽуаз сара сгәанала.

Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Иазгәасҭарц сҭахуп "Кәыдры зырмақаруа, Амтҟьал ауп" шырхәо еиԥш, Џьума Аҳәба иԥшәма ԥҳәыс Лиудмила Сангәлиаԥҳа илыбзоуроу шырацәо, иара ишәҟәыҩҩыратә ԥсҭазаараҿы игәы рҭынч аус иуратәы дахьыҟаз. Аибашьра ашьҭахь иҷкәын идунеи аниԥсах, ачымазара даныхҭанакы, Лиуда лыбзоурала иара аԥсҭазаара дазыхынҳәит, избанзар, лара лаамҭа аӷьырак иара иҭышәынтәалара иазкын.

Џьума иқәара шмаҷмызгьы, ҳара иҳақәло иакәызшәа акәын дышҳадаҳкылоз, рацәа ихьаауп аччаԥшь зҿықәыз уи ихаҿы аринахыс иаҳԥымло иахьыҟало. Уахраҭ бзиахааит Џьума хазына. Инужьыз арҿиаратә беиара аихаҳара ақәашьзааит. Уҩымҭақәа ирмыԥхьац дарбанызаалак рацәа дрыцҳау џьысшьоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.