Аҭоурых аҿы убас иҟалалоит, зыжәлар зыԥсҭазаара рыхҭнызҵо, урҭ рхьыԥшымра иазықәԥо рыхьӡ ашәшьыра ианыҵахо. Владимир Аҵнариа дреиуоуп хьаҳәаԥаҳәада аинтеллигент ҳәа ззуҳәаша.
Дазусҭадаз иара? Аҵнариа зегь раԥхьаӡа иргыланы дҵарауаҩын, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторын, иԥсҭазаара зегь инеиԥынкыланы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт иадҳәалан. Инапы алакын, иахьа абжьаӡра иаҿу алитературатә критика.Аҵарауҩ ианҵамҭақәа рҿы иазгәеиҭахьан, Аԥсны алитературатә критика аҿиара шыуадаҩу "ҳаиуареи, ҳаибадырреи уҳәа, ҳмилаҭтә ҟазшьақәа ирыхҟьаны".
Аҵнариа иажәа ӷьеҩын, зны-зынла игәымбылџьбаран уҳәаратәы алитературатә хҳәаақәа ҟеиҵон. Уи азы, акритик изгәаауазгьы маҷҩымызт. Ихәмарны аԥсуа "скалозуб" ҳәа изызҳәозгьы ыҟан. Владимир Аҵнариа инапы алакын, алитератураҭҵаара, акритика, аиҭагара, иара убас, ихы ԥишәон апоезиаҿгьы. Аҵнариа аԥсуа литератураҭҵаара иазынижьит ажәеинраала аиҿартәра иазку амонографиа, Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа рырҿиамҭақәа ирызку аҭҵааратә усумҭақәа маҷымкәа. Аҵарауаҩ иҩымҭақәа рнылон Аԥсны иҭыҵуаз ажурнал "Алашара", агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь", "Республика Абхазия", иара убас Урыстәыла еицырдыруаз аҭыжьымҭақәа — ажурнал "Москва", "Дружба народов", убри адагьы, аԥсуа литература аҭоурых иазку аочеркқәа аԥызҵоз авторцәа ргәыԥ далан. Ирҿиара ҳазааҭгылозар, иазгәаҭатәуп аиҭагара аус аҿы ицназгоз дышмаҷыз, иара анемец бызшәа бзиаӡаны идыруан, убри аҟынтә, аоригинал аҟынтә аԥсшәахь еиҭеигахьан еицырдыруа апоетцәа Ҳ. Ҳеине, И. Гиоте ражәеинраалақәа. Аҵнариа иинтелект аҩаӡара ҳаракын, уи рнубаалоит иҩымҭақәа, хаҭалатәи иқәгыларақәа.
Владимир Аҵнариа диит Кәтол ақыҭан 1938 шықәсазы, февраль мза 28 рзы. Иара изааигәаз зегь Котик ҳәа ишьҭан, уи ахьӡ акәын еиҳарак иныҟәигоз. Аҵарауаҩ иқәыԥшра аамҭа ақәшәеит амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара. Усҟан иаҭахын аҵареи агәымшәареи. Абарҭ аҩ-ҟазшьак иман Котик, убри аҟынтә, иара далахәын 1977 шықәсазы 130-ҩык рышәҟәы аҩреи, анаҩсан ОБКОМ аҿы уи ахьчареи.
Аԥсуа шәҟәқәа ирызку астенограммақәа урыԥхьар иубоит, апартиа анапхгара ашәҟәы авторцәа ианрықәыӷәӷәоз иара шьаҿакгьы дышхьамҵыз. Убарҭ ахҭысқәа ирыхҟьаны, Аҵнариа ачымазара шьҭихит, акыр аамҭагьы иҽихәшәтәуан. Иԥсҭазаара ахҳәаа азууазар, игәоумҭарц залшом зыжәлар рзы зхы иамеигӡоз, иара ихазы бзазарак шалимгаз, уимоу, иахьагьы 80 шықәсаз ихыҵра уеизгьы- уеизгьы иалкааны иазгәарҭом ҳҳәынҭқарраҿы. Ауаажәларратә усқәа аамҭа шицәыргозгьы, зегь акоуп аҵарауаҩ еснагь инапы алакын аҭҵаарадырра.
Идунеи аниԥсахуаз аламҭалазы ибара саннеи игәасҭеит, ашәҟәқәа дыргәылатәаны аус шиуаз. Усҟан иара инапы алакын Аԥсуа-немец жәар, ахыркәшара маҷк шагыз иԥсҭазаарагьы далҵит. Аҵнариа идунеи иԥсахит 2006 шықәсазы жьҭаарамза 24 рзы 68 шықәса дшырҭагылаз.
Аҵарауаҩ иаҳасабала аԥсуа ҭҵаарадырра иазынижьыз иусумҭақәа ирылаҳкаар алшоит "Абырҵкал", "Аҳәатәи аҳәашьеи" захьӡу алитературатә критикатә статиақәа еидызкыло ашәҟәқәа, иара убас, Иуа Коӷониа изикыз "Ашаеҵәа", "Б. Шьынқәба алирика, аепос, апоезиа".
Аҵарауаҩ, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара асимвол Аҵнариа — ажәала исахьа ҭухуазар, абас изуҳәар ауеит: иҟәышыз, аҵара змаз, игәымшәаз, зҟазшьа уадаҩыз, зԥан бааԥсыз, иҟәымшәышәыз, иџьбараз, иԥшӡаз ахаҵа ҳәа. Абарҭқәа зегь еилаӡҩан иԥсабараҿ, хаҭала сара дшыздыруаз ала. Аиҩызараҿы иара акыр еиҵбызгьы дырнаалон, ихы қьан ақәҵаны дыҟамызт, амала дырнышәомызт аԥаршеира, амҵақьақьаратә ҟазшьақәа. Иара изы иаҳҳәар алшоит, зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигентцәа дреиуан ҳәа.
Аибашьра ашьҭахь, иҭаацәараз, ахшара змаз ауаҩы ихала дынхон, уи иарҿиаз азаҵәра, иԥсҭазаара аркьаҿра иацхрааит. Дцеит ари адунеи заа даԥырҵны, иқәԥшреи, исакьаҳәымҭеи аԥсуа жәлар рхақәиҭреи, рлитература аҿиареи ирызкны.