Акоронавирус азы Аԥсны аштаб: Хецуриани лҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп

Гал араион Аберқыҭ иқәынхо Нино Хецуриани, Москвантәи Аԥсныҟа хәажәкыра 29 рзы иааз акоронавирус лымоуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Жәыргьыҭ аклиникақәа руак дҭашәеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәыргьыҭ аклиникақәа руак иҭашәаз Нино Хецуриани лҭагылазаашьа хьанҭаӡам иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциаҟынтәи рыхьчаразы акоординациатә штаб алахәыла Рауль Лолуа, Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

"Макьана аҵыхәанынӡа ишьақәыргылам адыррақәа рыла, лара (Нино Хецуриани - аред.) акоронавирус лыдбалоуп, аха илыдааԥкылан иҟам. Агәыҵәкра лызцәырҵит, аха аԥсыԥ лагаҩагага даҿакӡам. Лхы лдыруеит, дцәажәоит. Иахьынӡаадыруа ала, лҭагылазаашьа хьанҭаӡам, иҭышәынтәалоуп", - иҳәеит Лолуа. 

Аԥсни Қырҭтәылеи аофициалтә еизыҟазаашьа ахьрыбжьам азы, Хецуриани акоронавирустә инфекциа лымоу илымаму азы ишьақәырӷәӷоу аинформациа ҳамаӡам иҳәеит Лолуа. Убри аан Қырҭтәыла АИХқәеи иофициалтәым ахыҵхырҭақәеи ари акоронавирус лылоуп ҳәа аҭҵаарақәа ҩба ишьақәдырӷәӷәеит ҳәа аарыцҳауеит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс Аԥсны датәылауаҩӡам

Иара убас иара иҳәеит Хецуриани Ԥсоунтәи Галынӡа дааиаанӡа дызцыз лыуацәа, дзықәшәаз шьақәыргылоуп. Хылаԥшра рырҭоит.

Лолуа иара убасгьы иҳәеит Гал араион атәылауаа аамҭалатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыманы Ԥсоу ианахысуаз ахҭысқәагьы. Урҭ рзы еиҿкаан иҷыдоу амашьына, уи ныҟәызцоз ауаҩы иҷыдоу ахьчагатә маҭәа ишәырҵеит. Уи иажәақәа рыла, ахаҵеи аԥҳәыси ҩымчыбжьа ҳәа акрантин ахь ирышьҭит, ишьҭоуп ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак аҿы. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: