Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс Аԥсны датәылауаҩӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД
МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла Нино Хецуриани адиагноз "акоронавирустә инфекциа" лымоуп ҳәа ишьақәыргылоуп, уажәы лара Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа дҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Акоронавирус зыхьыз Нино Хецуриани Аԥсны датәылауаҩӡам, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Апресс-маҵзура адыррала, Нино Хецуриани - Гал араион Аберқыҭ (уаанӡатәи Саберио) дықәынхоит. 2013 шықәсазы илоуит 2006 шықәсазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы.

"Ари адокумент уажәтәи аамҭазы амч амаӡам. Иахьазы Хецуриани Нино Рено-иԥҳа, 1970 шықәсазы анхаразы аамҭалатәи ашәҟәы аиуразы арзаҳал алаҵаны илымоуп. Убри арзаҳал шьаҭас иҟаҵаны ичмазаҩу лыуа Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ ихәышәтәра дылгарц азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәы аамҭала аҿҳәара иацҵан ҳазну ашықәс жәабран инаркны лаҵарамзанӡа", - рҳәеит ААР аҟны.

"Ашьыжь хәажәкыра 29, 2020 шықәсазы Хецуриани Аԥсны аҵакыра далалеит, лыуацәа лыцны лашьа иԥа (ма лаҳәшьаԥа) ихатәы машьынала Гал араион Аберқыҭынӡа дцеит. Ари аԥҳәыс акоронавирустә инфекциа лылоуп ҳәа агәҩара ыҟаны ахәышәтәырҭа лҭашәара инамаданы, аҿкы наҟ-наҟ алаҵәара алмыршара хықәкыс иҟаҵаны хәажәкыра 30 инаркны Хецуриани дзыҿцаауаз ауааԥсыра акарантин ӷәӷәахьы ишьҭуп", - ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Уаанӡа Акоронавирус аҿагыларазы акоординациатә штаб аӡбахә аҳәеит Хецуриани Москвантәи Шәачаҟа дызлааз ареис аномер.

Аштаб алахәылацәа уи ареис ала илыцны иаауаз ауаа ирыҳәеит рхы ԥхьакны иҟазарц, рхы бааԥсны ирбо иалагар, иахьынхо аҭыԥ иазааигәоу ахәышәтәырҭа иаарласны иадҵааларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0