Акоронавирус аԥҳәыс ианлыдырбала ашьҭахь Галтәи аҵх шымҩаԥысыз

© Sputnik / Томас ТхайцукГород Гал
Город Гал  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 30 рзы Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы адыркит.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҭагылазаашьа ҷыда арӷәӷәара ашьҭахь аҵх Гал ҭынчрала имҩаԥысит. Ауаа шамахак акәымзар рыҩнқәа ирдәылҵуам ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араион ахада Омар Бганба.

Хәажәкыра 30 рзы Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иадыркит. Бганба иажәақәа рыла, ақалақь иалалоз ма иалҵуаз ҳәа аӡәгьы дазгәарымҭеит.

"Аҳәынҭавтоинспекциатә ҭыԥ "Канал" аҟны амедицинатә гәыԥ гылоуп. Ақалақь иалалоз ма иалҵуаз ҳәа аӡәгьы дазгәарымҭеит", - иҳәеит араион ахада.

Ақалақь аҩнуҵҟа ауаа рынеиааира амилициа ахылаԥшуеит. Араион ауааԥсырагьы иҟалаз ашьҭахь рхы ԥхьаркуеит. Араион аҿы апаника аҭыԥ амам.

"Ақалақь аҩнуҵҟа шамахамзар уаҩ дубом. Ауаа рхы ԥхьаркит", - иҳәеит Бганба.

Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп - Sputnik Аҧсны
Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп

Хәажәкыра 30 рзы Гал араион ахь ицо амҩақәа зегь ркит азинхьчаратә усбарҭақәа .

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалоуи иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

"Асааҭ 10:00 рзы Акоординациатә штаб аилацәажәара мҩаԥнагараны иҟоуп. Ҳаилацәажәоит, иҟаҳҵаша ҳаӡбоит", - иҳәеит Бганба.

Уаанӡа АТ аефир аҿы коронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз, Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0