Акарантин аамҭа

Абар уажәшьҭа мчыбжьык еиҳаны иҵуеит Аԥсны аҩнуҵҟа акарантин алагалоижьҭеи. Ауаа рыҩны иҟазарц рабжьгоуп. Ари аамҭа гәҿыӷьра ацымкәа ишылхылго атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik

Аполитика инадҳәаланы агәыргьын чымазара Аԥсны иалагьежьуеижьҭеи маҷ ҵуама. Ажәлар рӷьырак иамырхуа иарҭо, нас иқәыргаша рызҵаатәқәа даара ишьҭыхны ирыман.

Алхрақәа ртәыла…

Абар ҵыԥх уажәааны инаркны ицон агәыргьын агара иазкыз аполитикатә еиндаҭлара. Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц анаҩсҵәҟьа, аҽарӷәӷәеит Аԥсны ахада иҭыԥ аанкылара азҵаатәы. Ицон акандидатцәеи алхыҩцәеи реиԥыларақәа, ус ишыҟаз, алхрақәа рымш ацәаара ҳнахьыԥшуаны, ицәырҵит агәыргьынҿкы (коронавирус) ззырҳәо асакьаҳәымҭа. Ари амедицинатә термин иаразнак иазысхәыцт аԥсыуала ахьӡ-агәыргьынҿкы, ма агәыргьынчмазара. Уи ианаало ҳара иҳамазар изаҳамҳәарызеи сгәахәит. Алхрақәа рымш аҵыхәтәантәи амшқәа аиԥыларақәа рыҽдырӷәӷәеит, адәахьы агәыргьын вирусгьы аҽарӷәӷәон. Иҟан асоциалтә ҳакәа рҿы "ауаа реизгара шәаҟәыҵ, ари шәарҭоуп" ҳәа зҳәозгьы. Ирҳәон аха изаҳауадаз? Хәажәкырамза 20, 21 рзы еиҳагы рыҽдырӷәӷәеит анапениҟьабжьқәа зцыз аиԥыларақәа. Уи аамҭазы урҭ аиԥыларақәа уамак ирыӡбуаз акгьы ыҟамзаргьы, иалырхыз ахадеи реиҳа иқәыԥшыз уи иоппоненти рыдгылаҩцәа ирԥылон инеиужьны. Хәажәкыра 22 рзы иаанкылеит аполитикатә хырхарҭа змаз гәыргьынчмазара ацәқәырԥа. Адырҩаҽныҵәҟьа, акандидатцәа рыдгылаҩцәа иааргәалашәеит, авирус алеишәа шыцәгьоу, адырҩаҽныҵәҟьа аҳәара иалагеит "аиҳабыра ачымазара ҿкы Аԥсны иаламларц џьара акы шәхәыц" ҳәа. Абас аҟама аҿеиԥш ҳнаҳәааҳәуеит ианаҳҭаху.

Аԥсны ауааԥсыра рзы 18-нызқь сабрада ӡахуп

Акарантин

Ауаа аҩны шәтәаз, аҿкы игәароу шәарҭоуп ҳәа аиҳабыра аҳәамҭақәа аныҟарҵа, аҩны саатәеит. Аџьармыкьа адыркаанӡа сыԥшәма фатәқәак ааихәеит. Асабрадақәа срышьҭалан амодақәа рыҩны сцан, аха ҩба рыда смоуит, амала иара уӡәӡәар ҟалоит рҳәеит, нас иуанҭаны еиҭашьҭухуеит.

Аҩны атәара даара изцәыуадаҩу среиуам, убри азы макьана ашәара ду зцу апаника ҳәа изышьҭоу сызцәырымҵыц. Абжьааԥны есыҽны аусура ицоз аԥҳәыс, сыҩнусқәа нап рыласкит, абжьааԥны сызхьымӡоз анагӡара салагеит, сыҩны ацәа ахысхит, аамҭа сгарц азы, абжьаԥны сыла иамбоз абызкаҭаҳақәагьы срылагьежьуа аҩны сааҩналеит. Ус акәзаргьы, зынӡа аус суӡом сызҳәом, ишыжәбо Спутник Аԥсны ашҟа сколонкақәа насышьҭуеит, уимоу исҵеит сыбжьы анҵаны арадио аредакторцәа рзышьҭышьа. Ажәакала, акарантин макьаназы даара исыхәаны сыҟоуп, нас сгәы ақәԥымҵәар. Сыуацәеи сареи ҭелла ҳаимадоуп. Аҩны атәара аԥшьыргеижьҭеи исзааихьеит саҳәшьаԥеи саҳәшьаԥҳаи, рҩыџьагьы сҟәыди сбысҭеи гәхьааргоит. Иара убас, аҵх иҽалакны, исабрада иҿарзза иааилышәшәоны сыҩны дааит аполитик-поет Дырмыт Агабалиа ихаа-мыхаақәа иманы. Уаҳа уаҩ мааицт. Сгәыла есышьыжь акаҳуа сыцызжәуазгьы лыҩны лҽыҩналкит, асоф аҟынтә ааиқәҿаҳҭлоит ауп.

Ачарақәа, аҵара, аџьармыкьа, атранспорт: акоронавирус аҽацәыхьчаразы адҵа ҿыцқәа

Акапитализм ахыԥша

Аџьармыкьа адыркит, афатәқәа ахьырҭиуа инарҷыданы егьырҭ адәқьанқәагьы аус руам. Акарантин карантинуп, аха ауаҩы акрыфара мап изацәкуам, убри аҟынтә, ҳсабрадақәа наҳҿаршәны адәқьанқәа ҳарҭаалоит. Избазеи уаҟа? Иара аџьармыкьа адыркаанӡагьы, ачымазара ҿкы аҽанарӷәӷәа афатәқәа иара убас, егьырҭ ауаҩы ихы иаирхәо зегьы рыхә шьҭыцит. Аҳәынҭқарра ахылаԥшрашәа иаҿуп, аха мчыдоуп. Аҳәынҭқарра иатәу дәқьан ыҟаӡам, убри аҟынтә, иҟалаз арыцҳара зхы иархәаны збизнес зырҿиогьы ыҟоуп, аҳаза алхра акарантин аамҭазы ишаанкылоугьы.

Афатәқәа рыхә абас еиԥшшәа иҟоуп хаҭалатәи сазгәаҭақәа рыла: акартош акьыла уаанӡа 27 мааҭ иаԥсазтгьы уажәы 50 рҟынӡа ахә халеит; аҷых (морковь) акәзар – 27 рҟынтә 45 рахь ицеит, аҭубарқәа 300 иаԥсаз 330 рҟынӡа. Афатә аахәара еиҳарак иныҟәо сыԥшәма излеиҳәаз ала, ача ада зегь рыхә иацлеит. Сааигәа иҟоу адәқьан иҵагылоу: "Ахыҿашыга, асапын уҳәа исзааргоз зегь рыхә акыр ишьҭырхын, исыдсымкылаӡеит, наҟ исыргьежьит ауаа ирзаахәаӡом азы" лҳәеит. Ииашаҵәҟьаны, уажәы ауаа зда ԥсыхәа амам афатә ауп еиҳарак ирго, егьырҭ зегьы ишәаны-изаны иргоит, аекономиа арежим иҭатәеит.

Аҟәатәи акоммуналтә маҵзурақәа русура аанкылаӡам

Амаҭәа-аҩыҭәа

Санқәыԥшыз аиҳа амаҭәа-ҩыҭәа раахәара хҭаскит саазқәылаз. Уажәы аҩны сахьтәоу сгәы еиҟәыҷҷоит, ааԥынтәи сгардероб ус иаанхарцу? Сынтәа заа иаасхәаз акәофҭақәа, аимаақәа, аҵкқәа сшәымҵақәа асезон царцу? Абри сгәы ԥнажәагәышьоит аиашазы, аха даҽа ганкахьала, макьана иаазымхәац рзы ари економиа дуӡӡоуп, акрантин макьана шаҟа ицо ҳаздырӡом, ҳаӡын маҭәақәа макьана рыҵәахра аҭахымхаргьы ауеит. Уажәы ари аҿкы игәароу азы аспециалистцәа рацәаҩхеит, уаанӡа аполитика иалацәажәоз, уажәы ивирусологцәахеит. Урҭ рҽеиҩыршеит, џьоукы агәыргьынҿкы ашоура азыхгом, аԥхын ааир иԥсуеит рҳәоит, даҽа џьоукы – ари ҩышықәса, хышықәса ицар ауеит ҳәа шьақәдырӷәоӷәоит. Иҟалаша аӡәгьы издыруам, убри аҟынтә, аӡнытәи сымаҭәақәа макьана исҵәахуам, авирус ахабар бжьаӡаанӡа.

Апоезиа акәакь

Аҩнусқәеи аколонкақәа рыҩреи рымацара сара исыхәозма, аамҭа рацәа шсымаз гәасымҭеи. Стәан схәыцит, ихәарҭоу уск салагап ҳәа. Авирусҭҵаара сызлазҟазам ала, исыӡбеит аԥсуа литература аӡыргара иазку апроект сыкҿыҩра аҟынтәи иаасыртырц.

"Арадио ала ирҳәаз бдыруоу?": аҩны изымтәо иҿыҵгақәа

Уажәтәи аинтерент еимадара иалымшара иҟоузеи, схәыҟаҵарҭа аҟынтәи, есыҽна асааҭ 12 шыҟоу феисбуктәи сдаҟьаҿы сцәырҵуеит аԥсуа поезиа алыԥшаахқәас исыԥхьаӡо сыманы. Аиашазы санналагоз ахәаԥшыҩцәа соуп ҳәа уамакгьы сгәыӷуамызт, аха сгәы сажьеит. Сыпроект хшыҩзышьҭра арҭоит аҭыԥантәиқәа реиԥш Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспорагьы. Азыӡырҩцәа авидео аҵаҟа ианырҵоит иарбан ҩымҭақәоу ираҳарц ирҭаху. Ари хәарҭарас иалоу – аҩны аԥсуа шәҟәқәа змам, ма аԥхьара зцәыуадаҩу, азыӡырҩра еиҳа бзиа збо рзы иманшәалоуп. Ихәарҭоуп сара сзгьы. Акыр еилсыргеит сбиблиотека, сышәҟәқәа срылаланы иалсыԥшаауеит иреиӷьу ацәаҳәақәа. Ҿырҳәалатәи аԥхьарақәа санҿаз бзиа избон, аха сзанааҭ анысыԥсах, ажурналистрахь саниас саҟәыҵыр акәхеит. Абар уажәы акарантин аамҭаха, агәыргьынчмазара иабзоураны, атеатртә институт аҿы исоуз аԥышәа ахьхәарҭахаз. Акарантин ҟалеижьҭеи ицәырҵит аҩнынтәи арҿиара знапы алазкыз ауаа. Даара агәахәара снаҭеит апоет Алхас Чхамалиа афильмқәа акарантин лексика нарыҵаны дақәцәажәаны иҳадигало дахьалагаз, иара убас иара агәыргьын чмазара иазку ажәеинраалақәа цәырҵит ҳшазыԥшӡамыз. Араҟа апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа баша ацәаҳәеиқәыршәа акәымкәа, афилософиа наҵаҵаны ажәенираала ҳадигалеит идаҟьаҿы:

Ҳаибабоит макьана уарла-шәарла,

Ҳбахҭа ҩны гәарԥамк наҿаҵаны.

Ишәарҭоуп Асабрадауаа ргәыԥжәара,

Урзааигәахар ҩ-метрак еиҵаны.

Ари даҵахозма, аполитикауаҩ, апоет Дырмит Агабалиа, иахьа ашьыжь Феисбуктәи идаҟьаҿы иаацәырҵит:

Ачымазара леишәацәгьа шәхы ацәыԥхьашәкуеит,

Сараӡәк схы ԥхьаскуеит шәара шәҟынтә…

Аԥсхәы саҳәан

Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

Иара абжьааԥынгьы бзиа избомызт аԥсхәрақәеи, абзарақәеи. Даара дсызгәакьамзар уи ацәаҳәа сҽаҭаны сыҟамызт, аха зегь акоуп сныҟәалон. Ари акарантин иҟалаз ауаа рацәа реизара иаҟәнахуа иалагеит. Ус акәзаргьы, раԥхьатәи амшқәа рзы ачарақәа зуаз ыҟан, аԥсхәрақәагьы убас. Ԥсхәык сарҳәеит уажә ааигәа. Хымԥада исцарҭан, аха илаҿасыршәын мап скит, аҿыҵга сыман усгьы. Ҵыԥх уи иаҳзааигәаз аԥҳәыс бырг лдунеи лыԥсахит рыцҳа, нас амшҩынеижәа неиҵыхны иҟарҵеит лҭаацәа. Усҟан сцеит, нас ашықәс цәымза аҩнаҭа иатәу рхала ишьҭырхыргьы амуеи, иара акарантин ыҟамзаргьы. Абри аҿкы бааԥс адунеи иалагьежьуа, издыруада аԥсуаа ҳхы аҭыԥаҿ иаанагар? Амыцхә еиҵаҳхуа ҳалагеит ҳацәгьеи ҳабзиеи. Ҳара зны-зынла ибеиаӡоу аҳәынҭқарраҿ ҳанхошәа ҳхы мҩаԥаҳгоит, аха уажәы урҭ зегь акарантин аҭра иҭанацалеит, ианынҵәалакь еиҭа иҭымҵыр…

Амшира

Иахьа Феисбук анаасырт исанаҳәеит, Спутник Аԥсны аредактор Дмитри Нездоровин иирамш азгәеиҭоит ҳәа. Уажәы адныҳәаларақәа рыҟаҵара мариоуп, аинтернет иҭоу сахьак нықәыргыланы иазурхоит, аха сара еиҳа исзымариаз адныҳәаларатә текст ҟасҵеит ԥсышәала.

"Шьыжьыбзиа, акыраамҭа исымбац аредактор. Уиирамш агәыргьынчымазара асакьаҳәымҭа иақәшәагәышьеит, умшәан ҽаанынӡа еилгап, угәы рӷәӷәа аинаугурациа зоураны иҟоугьы дыҟоуп. Иузынасҭиуеит адныҳәалара, акарантин нҵәар атема шьахәқәа цәырҵуеит. Сажәымҭаҽха еилыскааз убри ауп – уредактор уара уаҵкыс данҟәышу насыҧуп, уредактор ихьанҭоу атемақәа рзы мап ануцәимкуа – зынӡа ассир. Ҳаибабоит иаарласны Дмитри Владимир-иҧа".

Иара аҭак сиҭеит ижәар кны аԥсуа текст дшадтәалоу азы. Уигьы ус хәарҭами карантин аамҭаха…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: