Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фотосахьа.
Архивтә фотосахьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуара анышьақәдыргылоз ҩынҩажәа шықәса иаҿын рҳәоит. Ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь иаҵанакуа даара ирацәаны иахьатәи аконституциақәа реиԥш ишьақәдыргылеит. Уи иаҵанакуа аԥҟарақәа рыхәҭа хәыҷык дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа.

Ирҳәоит аԥсуара ԥшьба рыла иалагоит, ԥшьба рыла инҵәоит ҳәа: аԥхашьара, амаашьара, агәаӷьра, ачҳара. Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоу – аҵарауаҩ ду Омар Беигәаа – "аԥсуара нцәа хьымҩа ҳәа ззиҳәо шьақәзыргылаз анцәеи ауааи рыцҳаражәҳәаҩ Аубла иоуп".

Адуоҳатә мҩақәа рыҭҵааҩы Мураҭ Маан (Иоган) ишәҟәы "Ажәытә қьабзқәа рхыҵхырҭаҿы" иазгәаиҭоит аԥсуа қьабзқәа  хҿыгҳаракны  иеилоуп ҳәа: актәи — алеишәа, аҩбатәи — ақьабз (атрадициақәа, асоциалтә ԥҟарақәа (азакәанқа), ахԥатәи — аамысҭа қьабз (адоуҳатә ҿыгҳара).

Аԥсуаа Аубла зегь иреиҳау, зегь реиҳа иҳараку, аҳцәа реиҳагь еиҳау ҳәа дрыԥхьаӡоит. Аубла Анцәа иажәа ҳзаазгаз иоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аубла даҽакала иуҳәозар "атәым бызшәаҟынтәи ҳбызшәа иалоу ажәа аԥеҳамбар ауп иаанаго, иҳәоит Омар Беигәаа.

Мрагыларатәи Аԥсны ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Иҿымцәаауа агәыӷра: Дали Ҵабали аԥсҭазаара ыҵхәраа идәықәлашт

Анцәеи ауааи ирыцҳаражәҳәаҩыз Аубла ила иаԥҵахаз аԥсуара аҿыгҳарақәа зегьы рҟны имариоу ҳәаны акгьы ыҟаӡам. Уи акәым имариоу изакәызаалак иаԥсуараӡам ҳәа иԥхьаӡоуп. Амариа ҳашьҭало ҳаналагоуп – аԥсуаа аԥсуара маҷ-маҷ иаҳцәыӡуа ҳаналага. Зегьы еицырдыруеит, еснагь ҳажәа иалоуп – "Аԥсуара мариаӡам, аԥсуара уадаҩуп" ҳәа. 

Алеишәа иаҵанакуа аетикет ауп. Аԥсуаа алеишәа, ақьабз, ақәнагаа анышьақәдыргылоз ҩынҩажәа шықәса иаҿын рҳәоит. Ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь ишьақәдырӷәӷәеит.

Алеишәа ахьышьақәдыргылаз Лыхны ауп. Насгьы уи ашьақәыргылара аԥсуаа рымацра ракәӡам аедыгь жәлари аубыхцәеи аԥсуааи зегьы еилахәны еицшьақәдыргылеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Алеишәа х-уасхырк аҵаҵаны ишьақәдыргылеит: акы алеишәа, ҩба ақьабз, хԥа ақәнагаа.

Ас ауп мшын нырцә инхо аԥсуаа иахьа уажәраанӡагьы иахьынӡарылшо инаргӡо аԥсуара ахәҭақәа алеишәа ишрышьҭоу. Уаҟа инхо аҭаҳмадацәа ишырҳәо ала алеишәа атәашьа агылашьала иалагоит.

Акры зхыҵуа алеишәа здыруаз ауаа шьапызаҵәла, рызшьапык аарыҵаршәны имқәацаӡакәа, анахь-арахь икыдиаало акәымкәа ииашаӡа ишыҟаз итәон, усьы игылон. Иангылоз рхагәҭа раԥхьа итәоу имбаракәын.

Алеишәа иацәаашьоз, ишахәҭоу иныҟәзымгоз дахьнеилакгьы датәарбаӡомызт (адисциплина ӷәӷәа ацын, уи нарыгӡалар акәын).

Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Еснагь иԥсҿыхган: аԥсуаа рҟны ашәа ацәырҵшьеи аҵаки

Ақәнагаа ҳәа изышьҭоу иаҳҳәап асас иныҟәгара ашьтәа анизыршьуа,  амаҭәа-аҩыҭәа, ма аҽы, ма абџьар зҳәаз еиԥш аҳамҭа аныҟарҵоз уҳәа еиԥш иҟақәаз ақәнагаахь иаҵанакуеит. Ажәакала апату еиқәҵара ақәнагаа ҳәа иашьҭоуп.

Аԥсуаа рыҩнуҵҟа алеишәа аныҟәгараҿы Аҳҷыԥсаа аԥхьа игыланы ирыԥхьаӡоит. Аҳҷыԥсааи аубыхцәеи еигәылацәан урҭ алеишәа аԥҵараан иахьеицыз азын рынагӡашьагь еиқәшәон рҳәалоит.

Ақьабз —  ари ацәажәаратә ҟазара, аҿаԥыцтә жәабжь еиҭаҳәара, ажәала ауаҩы дыԥҵәар деиԥишьуан ҳәа ззырҳәоз ауаа ражәаҳәашьоуп. Ажәакала ажәлар рҿаԥхьа ажәеиқәшәала аанҿасрада иқәгылан ицәажәоз рааӡашьа рхымҩаԥгашьа ашьаҭа ауп ақьабз ҳәа изышьҭоу. Аха иҟоуп даҽакгьы Мураҭ Маан (Иаган) Аамысҭа қьабз ҳәа ззиҳәо. Уи иаҵанакуа адоуҳатә рҿиара – ажәлар раԥхьагылаҩцәа (аелита ҳәа изышьҭоу) рзын адоуҳатә хыҵхырҭеи дареи реимадароуп.

Аԥсуа ҵасқәа рҿы раԥхьаӡа асас ддыргылоит. Аԥсуаа рысас изоуп рыԥсы зҭоу рҳәоит макьанагьы Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа.

Аԥсуаа ирҭааз асас узааизеи ҳәа иазҵааӡом.

Аԥсуаа рҿы есымша асас изын аҩны, ма ауада рымоуп. Уи асас иааира иазыхиоуп. Асас изын иалхны афатә хымԥада иҵәахуп. Иара ииарҭа, ицәарҭа хазуп. Иԥхьаӡоуп иааиуа асас быжьнасыԥк ицны дааиуеит – данцо акоуп ииго ҳәа. Иара убас аԥсуаа ҳәахьаны ирымоуп уыуа, усас изын иузымгәаӷьыз уара узынгьы ихәарҭахаӡом ҳәа.

Аԥшәма изымҩахыҵыз асас иԥсы иара инапы иануп, уи иара иԥсы еиԥш ихьчоит.

Уахынла иаангылаз асас имаҭәақәа шҟьашьыз ицқьамкәа дцар ажәлар зҿы дыҟаз аԥшәма гәыбӷан ирҭон, ԥхашьаран.

Аԥсуа асас диҭаны аус иуӡом, асас аусқәа зегь раԥхьа дгылоуп. Иаҳҳәап амхы дҭазар уи аанижьуеит, асас диҭанаҵы уахь дцаӡом, уи ааԥшыргьы ҟалоит, аха аса сак игхар ҟалаӡомызт.

Тапшь-иԥа Атилла - Sputnik Аҧсны
Тапшь-иԥа Аҭилла илакә

Иара убас, ирҳәоит асас дахьымнеиуа аҩны лашьцоуп ҳәа. Аԥсы дузыкҿазаргь усас иумырдырроуп ҳәа ацырҵон. Ажәакала аԥсуаа рҿы асас зегь раԥхьа дгылоуп, аԥшәма имаҵ уны доуижьаанӡа ихатә усқәа дрызхьаԥшӡом.

Ажәатә асасцәа рҽы кәадырны иақәтәаны руапа ркәымжәы ркаба, рҟамчы еиқәных ианныҟәоз џьара инамыҩахыҵлакь, аԥшәма ҭыԥҳа далаҭырҵаауан – сасык аҽы дақәтәаны даннеилакь аҽы акәадыр аақәхны, асас иуапагьы иҟамчгьы нақәҵаны аԥшәма ԥҳәызба илырҭон. Аԥшәма ԥҳәызбагьы лыҩны акры лбахьазар, акры лҵахьазар лысас данцо иуапа рҽны ихҭарԥа ақәҵаны, аҟамчгьы нарыцҵаны иԥсуа кәадыр иақәҵаны иааганы илыргылон – абас аԥын аԥсуараҿы рҳәоит. 

Аԥсуара ԥшьба рыла иалагоит,  ԥшьба рыла инҵәоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Акы аԥхашьара, ҩба амаашьара, хԥа агәаӷьра, ԥшьба ачҳара. Абарҭ рызегь ныҟәызго аԥсуара илоуп рҳәоит.

Ауаҩы аԥсабара дахьынӡақәу аԥхашьара илазар ацәгьара аҟаҵара ицәыуадаҩхоит, абзерахь дархоит.

Имаашьазгьы бзиарала дызҿу иус иқәҿиоит.

Дмаашьакәа ауаҩы иҩыза, иқәла, ацәгьа, абзиа иҽахьигӡароуп. Агәаӷьра ахьаҭаху игәаӷьыроуп. Ачҳарагьы илазароуп – акыр зычҳаз, акыр ибеит ҳәагьы баша ирҳәом. Аха имычҳакәа хаха ддәықәлар иԥырхагахоит, ичҳар, ичҳара хара дагоит.

Уажәы абра иааҳгоит аԥсуа леишәа ҳәа изышьҭоу аҟны аԥсуа дзеиԥшразар акәу ҳәа тезис ҳасабла ишьақәыргылан ирымаз ԥҟарақәак.

Аԥсуа – ихы аҵкыс ажәлар дрызхәыцуазароуп; иаԥсуара дахьцалакгьы ицзароуп, ирҿиалароуп, еихеиҳароуп; ажәлар ирԥырхагоу ибаны давымсыроуп, даҿагылароуп; дымхәыцкәа акгьы ҟаимҵароуп, игха иазҳәо дырзымгәаароуп; аԥсуа цқьа аҽырбара, аԥагьара дашьҭамзароуп; акры иуроуп, дмаашьароуп; иеиҳабацәа пату рықәиҵозароуп, рҳәа ҩбаимтәуазароуп; иеиҵбацәа бзиа ибаны имҩақәиҵозароуп, дрыцхраауазароуп; ииҳәои иҟаиҵои еиқәшәозароуп; игхақәа рыриашашьа дақәшәозароуп; изымдыруа иҵароуп; ижәлар рзын ихәарҭоу зегьы, акультурагь уахь иналаҵаны ихьчароуп; дантәо, дангыло, данцәажәо есқьынагьы аԥсуара ишақәнагоу дныҟәозароуп; иҭоурых идыруазароуп, ихаимыршҭыроуп, иаԥхьаҟагь ихы иаирхәалароуп; иара имоу ихазы мацара акәымкәа зегьы рзы иҭахызароуп; измоу, измам, иқыҭа иеиуоу, иеиуам, ихаҵоу, иԥҳәысу, иаԥсуоу иаԥсуам, сара сеиԥш ихәыцуа имхәыцуа, динла дызҵанакуа ҳәаны ауаа еилимхроуп; иара дызусҭазаалакь ауаа зегьы бзиа ибозароуп; иара ихгьы ауаа иреиҳаны, ма иреиҵаны имыргылозароуп – драҟараны ихы ибозароуп; ачҳара имазароуп.

Ситуация в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҳәынҭқарра зеиҿкаау аԥсуа етнос аиқәырхаразоуп

Асас пату иқәиҵозароуп, ичеиџьика бзиазароуп; амаҵ аураҿы дмаашьароуп ихы дамеигӡароуп; имариоу акгьы  шаԥсуарам идыруазароуп; аԥхашьара имазароуп; ашәышықәсақәа зегьы дшаԥсуоу дырнысроуп, аха дызну ашәышықәсагьы иацу аҿыцрақәа ибароуп, аԥсуареи иареи еиҿибаароуп; иара ихазын ииҭаху зегьы рзын иҭахызароуп. Ихазын дшыҟоу еиԥш дыҟазароуп зегьы рзын; иуадаҩу, ихьанҭоу дацәбнамлароуп; ахшыҩ зҵам акгьы дашьҭамзароуп, иҟаимҵароуп; шьҭрала изааигәоу ажәларқәа аубыхцәа аедыгьцәа дрыцхраароуп; дзыԥну аамҭа аҟазшьа идыруазароуп, ахәахәа дашьҭамлароуп, аиаша дашьҭазароуп.

Аԥсуара злеибарку ахәҭаҷ хәыҷқәа рыхәҭак ауп абра ишәыдаҳгалаз. Жәытә аахыс аԥсуаа иныҟәыргоз раԥсуара аԥҟарақәа згәалашәо ауаа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара амаҷхара иаҿуп, аха макьана иҟоуп ауаҩы еизигаша, ихы иаирхәаша аматериалқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0