Аслан Бжьаниа Иури Хагәышь Гагра араиони ақыҭақәеи рхадара дыдирдырит

Иури Хагәышь Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭан мшаԥы 30 рзы. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Владимир Џьениа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ахадара аколлектив дыдирдырит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь.

Бжьаниа аколлективи уаанӡатәи анапхгареи иҭабуп ҳәа реиҳәеит русура бзиазы. Иазгәеиҭеит агәрагара шимоу адинамика ҵоура ҟалап ҳәа ԥхьаҟагьы Иури Хагәышь инапхгарала.

"Гагра араион Аԥсны уахьналало ишьҭоуп, уи ҳтәыла ахаҿсахьа шьақәзыргыло ируакуп. Уаанӡатәи СССР атәылақәа зегьы рҿы еицырдыруеит. Атәыла ахадара ирылшо зегь ҟарҵалоит араион иахәҭоу ацхыраара аҭаразы", - иҳәеит ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит дшақәгәыӷуа Гагра араион ахадараҿы анагӡаратә леишәа арбагақәа акыр иҳаракхап ҳәа, уи иалнаршоит иааидкыланы араион зегь аҿы аусбарҭақәа русура напхгагак аҳасабала иҟаларц.

Аслан Бжьаниа Иури Хагәышь Гагра араиони ақыҭақәеи рхадара дыдирдырит

Иури Хагәышь атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз  агәрагаразы.

Аслан Бжьаниа Иури Хагәышь Гагра араиони ақыҭақәеи рхадара дыдирдырит

"Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, ахадара аусзуҩцәа, ҳара аҭакԥхықәра ду ҳаҵагылоуп. Сгәыӷуеит ҳҽеибыҭаны аусура ишахәҭоу имҩаԥаагап ҳәа, ҳақалақь, ҳраион аҭагылазаашьа уадаҩ иалаагап ҳәа", - иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: