Кристина Озганԥҳа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси аекономика аминистрси дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кристина Озганԥҳа Аԥсны аекономикаа министрс дшыҟаҵо атәы аҳәоит ахада исаит аҟны. Абри аҭыԥ аҿы лара длыԥсахит Адгәыр Арӡынба.

АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Кристина Озганԥҳа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси аекономика аминистрси дҟаиҵеит.

Аминистрцәа реилазаара аструктура ҿыц инақәыршәаны, 14 министрра ыҟоуп уаанӡатәи 12 рҭыԥан, аилакқәа – 8, аусбарҭақәа – 8.

 Кабмина Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит

Кристина Озганԥҳа диит цәыббра 30, 1973 шықәса рзы. 1996 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет далгеит, анаҩс акандидаттә диссертациа лыхьчеит жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиаҿы.

2000 - 2002шш. –Аҟәа ахадара аекономикеи азыԥхьагәаҭареи русбарҭа аҟазауаҩ ԥхьагыла.

2002 - 2003 шш. – Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аекономикатә программақәа рыҟәша аиҳабы.

2003 – 2005шш. – Аминистрцәа реилазаара аекономикатә ҟәша аиҳабы.

2005ш. – Аԥсԥны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр.

2011 – 2014шш. – Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2014 – 2017шш. – ИАЕ "Апсны-ойл" адиректор хада.

2017 шықәса инаркны иахьанӡа ИАЕ "РН-Абхазия" адиректор хада.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥацәа лымоуп.

Абри аҭыԥ аҿы лара длыԥсахит Адгәыр Арӡынба, 2020 шықәсазтәи ахада иалхарқәа раан Аслан Бжьаниа иҵахаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0