Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла 30 коронавирус тест мҩаԥган

Аҳәаанырцәынтәи иааз акарантин ахь Аҟәа инашьҭу рхыԥхьаӡара акыр иацлеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла 31 коронавирус тест мҩаԥган. Атестқәа акгьы ачымазара ҿкы аанамырԥшит ҳәа аанацҳауеит Акоронавирус аҟынтә ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб.

Шәҩык инареиҳаны ҳтәылауаа аҟәатәи асасааирҭахь акарантин азы инарышьҭит

Иахьазы асасааирҭа "Аиҭар" аҟны акарантин аамҭа иахысуеит 164-ҩык аҳәаанырцәынтә иааз ҳтәылауаа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, ара акарантин иахысуан 111-ҩык. Уи адагьы уаанӡа атестқәа ирхысыз ԥшьҩык роуп. Зҽыԥхьазкызи COVID-19 азы атестқәа азҭази рхыԥхьаӡара зеиҳахаз аоперативтә штаб аҿы иаламцәажәеит.

Иахьазы атәылаҿ COVID-19 змоу уаҩ дыҟам. Ачымазара зыдбалаз ахҩык рҟынтәи ҩыџьа ахәышәтәырҭа илырҩаахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>