Шәҩык инареиҳаны ҳтәылауаа аҟәатәи асасааирҭахь акарантин азы инарышьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукКарета скорой помощи
Карета скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа змоу ҳәа уаҩы дазгәаҭам рҳәеит Аоперативтә штаб аҟны.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҟәатәи асасааирҭаҿы акарантин рхыргоит шәҩык инарзынаԥшуа аҳәаанырцәынтә иааз ҳтәылауаа ҳәа аарыцҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҟны.

"Аԥсны еиҿкаауп акоронавирустә инфекциа ахьыҟоу атәылақәа рҟынтәи иааз акарантин ахьырхыргаша аҭыԥқәа. Иахьазы аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин рхыргоит 111-ҩык ҳтәылауаа", - рҳәеит аоперативтә штаб аҿы.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны авирус агәаҭаразы атестқәа ирхысит ԥшьҩык. Урҭ рахьтә аӡәгьы ачымазара идбалам.

Медицинский персонал, показывающий пробирку после взятия образцов, взятых у человека, который будет проверен на новый коронавирус - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаа акоронавирус иаиааиуа атәымцәеижьҿагылақәа аԥырҵеит

Аԥсны апандемиа аамҭазы акоронавирус рыдбалан хҩык ауааԥсыра. Ҩыџьа гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә ргәы бзиаханы илҩаан, ахԥатәи - 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит. Иахьазы ачымазара змоу уаҩ дыҟам.

Ииасыз амчыбжь азы ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб алахәыла Алхас Џьынџьал Урыстәыла аҵара зҵо акурсантцәа уантәи Аԥсныҟа иааит иҳәеит. Ихынҳәыз раԥхьатәи акурсантцәа атәыла иалало рҽахьыԥхьаркуа асасааирҭа "Аиҭар" ахь инашьҭуп, аҳақьымцәа рхылаԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит.

Акарантин анынҵәо атестқәа ирхыжьны рыҩныҟақәа рахь иоурыжьуеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0