Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз лабду Џьотеи уи иашьеиҵбы Ивани Хьециаа рҭоурых ҳзеиҭалҳәеит Sputnik аредактор Наала Хьециаԥҳа.
Sputnik

Наала Хьециаԥҳа, Sputnik

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 Аԥсны аҵеицәа, урҭ рахьтә 17 430-ҩык наӡаӡа аибашьра адәаҿы иаанхеит. Шаҟаҩы рызқәаҭыԥ ахьыҟоу рҭаацәа ирзымдыркәа инхазеи, шаҟаҩы ргәараҭақәа қьаԥҭажәхазеи, шаҟаҩы рразҟы ареиқәаҵәазеи адунеи аҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәырахаз ари аибашьра...

Аӷа ихқәа рҽацәыхьчареиԥш иуадаҩын амлеи ахьҭеи рычҳара: Ладикәа Жьиба иҭоурых

Егьаамҭа царгьы, ԥхьаҟа ииуа абиԥарақәа рхы-ргәаҿы иҟазаауеит згәымшәара иаҿыԥшыша, рыԥсадгьыл ахь абзиабара еихарҳартә еиԥш ахыԥша рзынзыжьыз, агәымшәара, ахымшаҭара, аџьынџь азҵаара зегь раԥхьа ишыргылатәу злардыруа ҳабдуцәа знысыз амҩа.

Сара иахьа сыззааҭгыларц исҭаху сабду Хьециа Џьотеи уи иашьеиҵбы Ивани знысыз аибашьратә мҩоуп. Саб Анатоли Хьециа иҟынтәи издыруеит уи иабду, Хьециа Кьаӷәсеи иԥшәма Хәарцкьиаԥҳа Симеи ишырхылҵыз ԥшьҩык аԥацәеи ԥҳаки. 1937-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан арахә зқьы хы ааӡаны шәкы абна илазҵоз иреиуаз ахьракәыз рхаратәны, рԥеиҳабы Тышькәа рҭаацәараҟынтәи иреиҳабыз злаиакәыз ала, харада ахара идҵаны дыбжьадырӡит. Аҩбатәи рԥа Османи, иԥшәмеи, рысабицәа ҩыџьеи ачымазара бааԥс ирылалаз иахҟьаны рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәеит. Рыԥҳа Марушьа 16 шықәса анылхыҵуаз хыла агәыҵәкра лыхьын, уахык ала лыдунеи лыԥсахит. Иаанхаз ҩыџьа рԥацәа сабду Џьотеи реиҵбы Ивани роуп рыҵәҩаншьап дмырӡып ҳәа изықәгәыӷуаны ирзынхаз.

Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Аха ирхыргаз агәаҟрақәа азымхакәа аибашьра хлымӡаах ҵысит, рыԥсадгьыл ду ахьчаразы игылаз Калдахәараа рҵеицәа инарывагылеит Хьециа Кьаӷәса иаанхаз иԥацәа рыҩџьагьы. Сабду Џьота усҟан ихыҵуан 30 шықәса, Иван иакәзар - 21 шықәса.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

Саб иԥсҭазаара далҵижьҭеи фышықәса ҵуеит, аха уи иидыруази игәалашәози раҟара аҭоурыхқәа здыруа Шоҭа Хьециа, гәыблыла Шутик ҳәа дхәыҷаахыс изарҳәо саб иашьеиҵбы сиҿцәажәеит.

"Ҳаб иашьа Иван аҽыбӷаҟазара бзианы ицааиуан. Усҟантәи аамҭақәа рзы иҟаз аԥҟарақәа рыла қыҭацыԥхьаӡа акавалериатә гәыԥқәа еиҿкааны иҟазар акәын. Убас, Калдахәара еиҳа аҽы амаршәа здыруаз еизганы Иван акавалериатә гәыԥ еиҿкааны иман, аԥсабара иланаҵаз аҟыбаҩ егьырҭ арԥарацәа ирымеидон. Ҳаб иакәзар, уи амузыка аганахьала абаҩхатәра илан, дхәыҷаахыс ашьха хьшьра данцоз инапала аҿарпын ҟаиҵон, ихала иаԥиҵон амузыкатә рҿиамҭақәа. Нестор Лакобагьы ианизаирҳәоз иадҳәалоу аҭоурыхгьы здыруеит", - иҳәоит саб иашьа.

Шутик иажәақәа рыла, рабду иман арахә-ашәахә рацәаны. Урҭ рыхьчаразы уи иҷкәынцәеи иареи ашьхарахь есышықәса икарцон. Убра ашьхароуп Нестор Лакобеи сабду Џьотеи раԥхьатәи реиԥылара ахьыҟалазгьы.

Аҽыбӷаҟаза Иури Бараҭелиа иԥсы ҭазҭгьы 80 шықәса ихыҵуан

"Убас, шықәсык Аҵыҭәақә ҳтәарҭаҿы ҳаб дшыхьшьуаз, ауаҩы дизнеит, "Нестор Лакоба Бамба иашҭа иԥсы ишьоит, аҳәара ҟаиҵеит аҿарпынарҳәаҩ дыԥшааны иара иҿы днаргарц, уи иҭахуп иԥсшьараамҭа иалагӡаны аҿарпын абжьы иаҳарц" ҳәагьы наиеиҳәеит. Ҳаб азныказы иԥхеишьеит, 18-ҟа шықәса ракәын ихыҵуаз усҟан, аха аҳәынҭқар иҟаиҵаз аҳәара мап изацәымкит", - далагеит аинтерес зҵаз аҭоурых аиҭаҳәара саб иашьа Шутик.

Нестор итәарҭаҿы даннарга, Џьота иаԥхьа даагылеит даара иԥхашьа-ԥхаҵоз, аԥсыуаҵасҵәҟьа иҟаз ҳәа анаҩс игәалаиршәалоз жәлар раԥхьагыла. Сабду иаирҳәоз амелодиақәа дхырхзаап Нестор Лакоба, ҩымчыбжьанаҟьак есҽны ааԥхьарагьы ииҭон. Анаҩс, саб иашьа иажәақәа рыла, абас игәы ахьыҟаиҵаз азы Нестор сабду ҳамҭас ииҭазаап ирантәи ашәақь, 300 патрон ацны. Иахьа уажәраанӡа уи ашәақь ахьыҟоу аӡәгьы издырӡом, 1937-тәи ашықәс еиқәаҵәазы Нестор Лакоба зыхә ҳараку уи иҳамҭазы Џьотагьы дақәдырӡыр ҳәа ишәаны ирҵәахызар акәхап, усгьы иашьеиҳабы ддырӡхьан...

Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 127 шықәса ҵит>>

Ашьхантә ианылбаа, аамҭақәак рышьҭахь Нестор Лакоба машьынала сабду ауаҩы дишьҭаҵаны дааишьҭит илоу абаҩхатәра мырӡкәа, уи ахырхарҭала аҵара Аҟәа дҭаларц ажәа инҵаны. Сабдугьы мап мкыкәа, ари аҩыза алшара аниоу, дҭалеит 1930 шықәсазы Константин Ковач Аҟәа иааиртхьаз амузыкатә школ. Аҵараиурҭаҿы ақәҿиара бзиақәагьы ааирԥшуан Џьота. 1933 шықәсазы Москва иҭыҵит аҿарпын аҟны ихатә мелодиақәа ахьаирҳәоз зныз апластинка иҳәеит Шутик.

Саншьа илахьынҵа шеилкаахаз: Амброси Ҷежьиа иҭоурых

Аибашьра алагамҭазыҵәҟьа сабду Џьотеи Ҷлоутәи аҭыԥҳа Адлеиԥҳа Аграфинеи рыԥсҭазаарақәа еиларҵеит. Ҩымз ааҵуаны аԥсадгьыл ахьчарахь ирыԥхьеит иашьеи иареи. Иашьа Ваниа усҟан аҭаацәара аԥҵарагьы дахьымӡацызт.

"Ҳаб алагарҭатә ҽазыҟаҵарақәа рахь дрышьҭит Азербаиџьанҟа, Бақәа ақалақь. Иван дрышьҭуеит иара убри атәылаҿы иазыҟарҵоз акавалериатә архәҭахь. Убасала, аишьцәа рыҩџьагьы хаз-хазы аибашьратә мҩа ианылеит", - иҳәоит саб иашьа.

Аҽазыҟаҵарақәа мызқәак данырхыс ашьҭахь, Џьота дызлаз архәҭа аихамҩала Кавказ ахьчаразы афронт ахь идәықәырҵон. Амарш иалагыланы аешелонқәа рахь иандәықәыргала, данынаԥш, игәиҽанӡамкәа рҿаԥхьа инеиуаз архәҭаҿы иашьеиҵбы Ваниа дахьрылагылаз илаԥш дааҵашәеит. "Ушԥаҟоу-сышԥаҟоу" ҳәа ҩ-ажәак аибыҳәара иахьӡеит ауп. Ари аишьцәа аҵыхәтәантәи реиԥылара акәхеит...

Абрантәи сабду дагоит Кавказтәи афронт ахь, уи иашьа - актәи Белоруссиатәи афронт ахь.

Ҩ-еибашьрак дырхаанхеит, аха игәы мцаӡеит: аветеран Владимир Ануа изкны

Џьота Хьециа Кавказ ахьчара здыз I аминаршәратә архәҭаҿы аминаршәҩыс, анаҩс хысҩыс дыҟан.

"Маи 1942 шықәсазы ақалақь Моздок иазааигәаны аибашьра бааԥсы ҵысит, ҳаб дызлаз архәҭа ааха ӷәӷәа аиуит, ацәыӡ дуқәа ҟалеит. Ари ажәылараан анемеццәа рымч акырынтә еиҳахеит. Зны ҳауала абомбақәа рылажьит, нас танкла ирхысит, анаҩс амотоциклқәа ирықәтәаны апулемиотқәа рыла ирылахысуа индәықәлеит, нас ауп анемец шьаҟауаа анрылала, урҭ хықәкык акәын ирымаз - ахәцәа аӡәыр дынхазар дыршьырц, ааха змоукәа инхаз рытҟәарц. Ҳаб еиҭеиҳәоны исгәалашәоит абомба иахьҭнажааз дахьҭажьыз ихазы игәы шыԥжәоз, "ҳаӷацәа санрылахысуаз, спатронақәа зегьы нсырҵәазаап, акызаҵәык шԥасызнымхеи, акәымзар схы иазызушаз сымдыруази" ҳәа. Аибашьра актәи ашықәсгьы хыркәшамызт, иақәнагаз абџьаргьы аурымахыз, иркыз "трехлинейка" захьӡыз 5-6 патрона зҭаз шәақь заҵәык акәын. Убасҟан анемеццәа ҳаби аӡәырҩы ҳаибашьцәеи тҟәаны иргеит", - ҳәа иаб игәалашәарақәа дырзааҭгылоит Шутик.

Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Џьота дназлаз атҟәацәа зегьы еидцаланы аџьамыӷәа ахьырзыԥшыз амҩа цәгьа индәықәыргалеит. Атҟәацәа рхыԥхьаӡараҿы даҽа фҩык аԥсуаа ыҟан ҳәа иҳәон сабду. Украинала Польшаҟа иргеит, уантәи Венгриаҟа, анаҩс Словакиаҟа. Аԥсра алакҭа изныкымкәа иҭаԥшны, концлагерк ахьынтә даҽа концлагерк ахь ииарго, амлакреи ахьҭакреи рхыргеит урҭ, аха арҭ агәаҟәрақәа риааира зларылшазгьы џьарак еиқәшәартә рлахьынҵа ахьрыцныҟәаз акәзаргьы ҟалап...

"Ауаҩы иҿы рҭәны хынтә иҟырҟы ачаӷьа лбааидар, мчыбжьык иԥсы нанагоит" иҳәон ҳаб, дытҟәаны данрымаз аамҭақәа игәы ԥжәаны игәаларшәо", - иҳәоит Шутик.

Убас иааит маи 8, 1945 шықәса. Аиааира згаз Асовет аруаа сабду дахьҭакыз аконцлагер ахь инеины итҟәаз рџьынџьуаа рхы иақәиҭыртәит.

Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых

Хымԥада, атҟәара иақәшәаз асовет аруаа аибашьра ашьҭахь рус еилдыргон, иахьҭакыз, изҿыз уҳәа ҭырҵаауан. Иҟан идыриашаз, иҟан аҭакра ма ахгара иақәшәақәазгьы. Сабду раԥхьа дрышьҭит 113-тәи ахысратә баталион ахь, ԥшьымз ааҵуаны, сентиабр 25, 1945 шықәса рзы СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум аӡбарала акгьы шихарамыз шьақәдыргылеит, адемобилизациа изыруит. Анаҩс ианашьан "Агәымшәаразы" амедал, аибашьра ашьҭахьгьы акымкәа-ҩбамкәа аиубилеитә медалқәа ианаршьеит.

Аҩныҟа дхынҳәит иԥсы ҭаны, хынтә иԥсӡы арҭ ашықәсқәа рзы иҭаацәа рахь ишааихьазгьы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иан Симагьы лыԥсҭазаара далҵит, аҩны иахаанхаз иԥшәма Аграфинеи иаб Кьаӷәсеи ракәын. Дахьыхынҳәыз ихигаз агәаҟрақәа хызҽша аҵеигьы дизыԥшызаарын. Џьота аибашьра данцоз иԥшәмаԥҳәыс саб изы лцәалтәымкәа дыҟазаарын. 1942 шықәсазы диит сара саб Анатоли. Уи иаб раԥхьаӡа акәны данибаз хышықәса ихыҵхьан. Абри ашьҭахь санду Аграфинеи сабду Џьотеи ирыхшеит даҽа хҩык аԥацәа - Леван, Валикәа, Шоҭа. Иҟоуп рмаҭа-шьмаҭацәа.

Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Зашьа ицымхәрас афронт ахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых>>

1960-тәи ашықәсқәа рзы амилаҭтә етнографиатә ансамбль "Нарҭаа" усҟан напхгаҩыс иамаз Иван Кортуа инапынҵала Хьециа Џьота ааԥхьара ирҭеит ари акультуратә хәышҭаара далаларц. Сабдугьы уи ааԥхьара идикылеит, анхара-нҵыраҟны ихшара ицырхырааны, арҿиара аусгьы инапы налаикит. Ансамбль "Нарҭаа" аҿы иаирҳәон аҿарпын, аԥхьарца, ахкқәа наигӡон, изныкымкәа аҳәаанырцә агастрольқәа рахь дцахьан.

Абас иԥсҭазаара хәыҷы-хәыҷла аҭыԥ иқәло иалагазаргьы, ҭаха инаҭомызт иашьеиҵбы Ваниа илахьынҵахаз ахьизымдыруаз. Иҭаацәа аибашьраан ирзааихьан иара хабарда дшыбжьаӡыз зҳәоз ашәҟәы. Аха ауаҩы убас ҭагылазаашьақәак дрықәшәалоит, анаџьалбеит, абри аӡәы идырны еиқәиршәама ҳәа дархәыцыртә. Убас, арҭ аҭоурыхқәа нҭырҳәцааны исзеиҭазҳәаз саб иашьа Шутик 1970 шықәсазы арра дыргеит, дақәшәеит Белоруссиатәи ақалақь Слоним аҿы иҟаз Асовет ар иатәыз атанктә архәҭахь. Февраль 23, 1971 шықәсазы аныҳәатә парад алахәразы рырхәҭа ахьыргаз, аиашьаратә нышәынҭра иахагылаз аобелиск аҿы "Хеция И.К." ҳәа шаныз машәыршәа ибеит.

Убас Шутик иаб иашьа Иван дахьҭахаз ақалақь ахь аррамаҵзура ахыгаразы днанагазаап. Убасала иагьеилкаахеит Иван Кьаӷәса-иԥа Хьециа илахьынҵахаз. Уи дахьагаз Белоруссиатәи афронт аҿы 1944 шықәса, ииуль 9 рзы Слоним ақалақь амҵан имҩаԥысыз ажәылара бааԥс аҿы фырхаҵарала дҭахоит. Иара асержант ҳәа ачын иман, ахыршәратә (апулемиоттә) гәыԥ акомандаҟаҵаҩыс дыҟан, "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп. Саб Анатоли иашьцәа иманы изныкымкәа даҭаахьан уи изқәаҭыԥ ахьыҟалаз аҳаҭгәын...

Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Абри аҩыза алахьынҵа рԥеиԥшын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Хьециа Кьаӷәса иԥацәа Џьотеи Ивани. Сабду Џьота иԥсҭазаара далҵит 1994 шықәсазы, убри аҟнытә уи ихаҿсахьа сара сгәалашәараҿы имаҷӡаны инхеит. Дыздыруаз ишырҳәо ала, уи ихигаз агәаҟрақәа ирылымшеит игәы арџьбарара, даара иҟәымшәышәыз, игәшаҭаз уаҩын. Иахьа уажәраанӡагьы, сыԥсы ахьынӡаҭоугьы сгәы иалазаауеит сабду иԥхарра нагӡаны иахьысхьымсыз. Аха сара сизгәыдууп аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз, агәаҟрақәа ириааины аҭаацәара еихазҳаз, бзиа иибоз аус ахь ахынҳәра зылшаз, ҳазҿыԥшыша абду дахьҳамаз...

Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: