Ҩ-еибашьрак дырхаанхеит, аха игәы мцаӡеит: аветеран Владимир Ануа изкны

© Foto / Предоставлено Ануа ЛюдмилойАнуа Владимир, ветеран ВОВ
Ануа Владимир, ветеран ВОВ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟəатəи актəи абжьаратə школ аԥсуа бызшəеи алитературеи рырҵаҩы Лиудмила Ануаԥҳа Аџьынџьтəылатə еибашьра Ду иалахəыз лаб Владимир (Џьумка) Кəасҭа-иԥа Ануа дызнысыз аибашьратə мҩеи, изылкыз ажəеинраалеи, имшынҵа иагəылылгаз ахҭысқəеи ҳзеиҭалҳəоит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аиааира амш

Аиааира ду амш ныҳəа анааигəахоз саб даара игəы ԥшаауан, игəы хыҭхыҭуа дазыԥшын. Аибашьра иазкыз ажəабжьқəа реиҭаҳəара бзиа ибон, иҩызцəа рԥылара бзиа ибон. Сара схаҭагьы Аиааира амш сгəы хыҭхыҭуа сазыԥшуп есымша, избанзар саб ицəаара ахыскаауеит. Аибашьра иазкыз ахҭысқəа даара ирацəаны исзеиҭеиҳəахьан. Саб аибашьра аԥхьатəи амшқəа инадыркны афронт далахəын.

Ветеран ВОВ Леварса Ашуба. - Sputnik Аҧсны
Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба

Абиԥазаҵə

Иара даԥизаҵəын, иаҳəшьа дыҟан, Есҳаҟи Кəасҭеи Ануаа ҳəа ҩыџьа аишьцəа абрагьцəа рхалан, абрагьцəа еицыршьхьан, хəышықəса анихыҵуаз аахижьҭеи иан еибакалҭла длааӡон. Лыҷкəынзаҵə аибашьра дахьцаз амца лкгəышьон, иҟалҵоз, иҩызцəа зегьы ахьцоз аибашьра иаргьы дымцар ҟаломызт. Зыҷкəын аибашьра амца иаҿагылоу ан лҭагылазаашьа шыҟоу зегьы ижəдыруеит.

Ашəҟəеиқəаҵəа

Саб акыр деибашьуан. Ус ишыҟаз аусҳəарҭаҿы ашəҟəы еиқəаҵəа роуит дҭахеит ҳəа. Ари аԥҳəысеиба илырҭар рҭахымхеит иаразнак. Грышьа Аҳəба ҳəа дыҟан, Ануаԥҳа Ҳауида ҳəа саб иаҳəшьа ду лԥа иакəын. "Сара исышəҭ, илышəмырбан", - иҳəан ирымхны иҵəахит. Ан рыцҳа ус дышгəыӷуаз дыҟагəышьан. "Уажəшьҭа дыхнымҳəит, ашəҟəы абанӡасҵəахуеи?" - иҳəан Грышьа, аҵəыуара ҟаҵаны ицəырыргеит ҽнак. Саб дырҵəыуеит, дырхьит, аибашьраҿы хабарда дыӡит ҳəа. Ус, аамҭа цазаргьы, аибашьра анеилга саб дхынҳəит.

Акəырбан

Саб аибашьра даныргоз акəырбан иқəиҵахьан. "Иахьа сызныҵыз сыдгьыл аибашьраҟынтəи сеибганы сшьапы акуазар, Бзана аӡиас ахықə санықəгылалак, хҿаҵак анышə ыфаны, хҿамҩак аӡы шызжəуа", - ҳəа. Ажəлар ишьҭан, дымцəажəаӡакəа Бзана ахықə аҟны днеит. Ажəлар рыҷкəынцəа зегьы еибашьуан, зхабар рмаҳацыз рхабарк ахьраҳашаз иашьҭан. Саб иԥаҵа аушьҭын, уаҩы дидырыртə дыҟамызт. Дызусҭа иҳəарц иазҵаауан, аха ҿиҭуамызт, ичмазаҩу аӡə иакəхап ҳəа инаивсуан. Бзана ахықə аҿы данааи, "Зхьышьаргəыҵа сакəыхшоу, ушҟа иҟасҵаз акəырбан иахьа инасыгӡоит, сеибганы сыдгьыл сшьапы ықəсыргылеит", - иҳəан, хҿаҵак анышə ифеит, хҿамҩак аӡы ижəит. Анаҩс, иреиҳəеит дызусҭаз, Ануа Кəасҭа иԥа Џьумка шиакəыз. Зегьы аҵəыуара иалагеит, иан рыцҳа дыԥсхьагəышьан...

Зашьа ицымхәрас афронтахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Зашьа ицымхәрас афронт ахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых

Аибашьра анцоз иан рыцҳа ус лҳəозаарын: "Ҳаи, нан, сыҷкəын Џьумка иԥсы ҭамкəа, уи иԥсы ҭоуп, сара исныруеит, иара деибганы дхынҳəуеит, сара сихьӡагəышьом, иара иԥсы ҭазааит", - абас лҳəон рҳəеит. Сабду еихаиҳахьаз аӡынҵəа рызгылан, илҵəахуан лыҷкəын данааилак агьама илырбарц. Нури Ануа ҳəа дыҟан, убас иҳəон: "Ҳара ҳхəыҷқəамзи, еилаҳкаауааз, акəасқьа ахəыблы ҳхалан, ахыӷəра иқəыз ӷəык ԥҵəаны агəгəаҳəа аҵəа лаҳашьҭуан. Аҵəа анкаԥсалак , "аиеи, нан, сынтəагьы иара иҿаҵахəым, ишəфа, шəан дшəыкəыхшоуп" ҳəа ҳара иаҳҿалҵон", - ҳəа. Лара лыԥсҭазаара далҵит 80 шықəса дшырҭагылаз, илқəашьымхеит санду лыԥсы шҭаз лԥа ибара.

Амшынҵа

Саб имшынҵа сахьаԥхьоз, абас еиԥш арыцхə анын: "ианар 5, абригь-абригь амш азы аҭабиа сахьҭатəаз аԥхыӡ бааԥс сан илыдызбалеит, сан аӡы хəашь дарбылгьо дагозшəа, сан деибгам хымԥада", - ҳəа. Иԥхыӡгьы, иан лыԥсрагьы еиқəшəеит. Убри анысгəалашəо еснагь сҵəыуоит, аӡбахəгьы ажəеинраалаҿы изанысҵазгьы убри азоуп.

Кутарба Борис Камшишович - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аветеран Қәҭарба еиҭеиҳәеит аибашьра Ду аан арра маҵзура шихигоз

Ҩ-еибашьрак

Саб рыцҳа аибашьра ихнаххьан ицəа

Ашəҟəеиқəаҵəа кылҟьа ирзаахьан иҭаацəа.

Аха уи агəра лгомызт, иан дыԥшын,

Агəыӷра лыман, иаара дазыԥшын.

Лԥазаҵə, лыхəшəыц, лгəы дыҵхон, дбылуан,

Аамҭа аанҿасрада иқəҳа ицауан.

Урыстəыла ду амца ацралан ибылуан.

Ан рыцҳа ҿымҭӡакəа ацəашьеиԥш дӡыҭуан.

Илҳəон: "Уи ихынҳəра сара избашам, нан.

Аха, с-Џьумка иԥсы ҭами, дикəыхшоуп иан".

Ахəрақəа инылазаргьы, дхынҳəгəышьеит аԥа.

Ан рыцҳа дахьымӡеит уи абара...

Исгəалашəоит латын нбанла иҩыз

Имшынҵа, аибашьра ахҭысқəа зныз.

Заҟантə инарҳəы-аарҳəуа икны стəахьааз,

Заҟантə сгəы аҵанӡа иарԥшаахьаз.

Ақырҭуа данхала Ануаа рхəы,

Имшынҵа, изҳəоз саб иҿахəы,

Ҳаҩны амца анацрарҵа, иналаблы ицеит.

Убасҟангьы саб рыцҳа игəы мцаӡеит.

Аԥсуаа ҳиааира уи агəра игон,

Ҳаҷкəынцəа драбжьон, ргəы ирӷəӷəон.

Саб рыцҳа дахаанхеит, ҽа иааиракгьы ибеит.

Игəы рҭынчны агəыдыҳəа инырцəымҩахьгьы дцеит.

© Foto / Предоставлено Ануа ЛюдмилойАџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Ануа Владимир
Ҩ-еибашьрак дырхаанхеит, аха игәы мцаӡеит: аветеран Владимир Ануа изкны - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Ануа Владимир

Ахҭыс

Саби Чуазки аибашьраҿы еиқəшəеит, ԥсык еицырхан, еицеибашьуан. Ихьӡ иҳəахьан, аха сара исгəалашəом, имшынҵа ианын, аха уи ҳцəыблит, еиқəымхеит, сгəы иалоуп даара, избанзар ажəабжь бзиақəа агəылан. Чуази иареи ахьеибашьуаз ахыкəаалақəа еиҿасуан аццышə еиԥш, "усгьы ҳаиқəхом", - иҳəан саб, иҽыриашаны ддəықəлеит. Аӡəы ишьапы дамҵасны дкаижьит убри аамҭазы. "Ануа, ухагахама, уанаџьалбеит, уҽушьама?" - ҳəа аӡəы ибжьы ааиргеит. "Ҳаибганы ҳцо џьушьома, ҳҭамхар ауам", - ҳəа наиаҭеикит саб. Чуаз дҭахагəышьеит, саб деибганы дхынҳəит. Есымша убри игəы иаланы еиҭеиҳəон саб рыцҳа.

Людмила Лазба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лазԥҳа: санду агәашә аҳаркыр луамызт, лыҷкәынцәа ԥшьҩык аибашьрантә раара дазыԥшын

Аҳəынҷара

Рига азааигəара деибашьуан. Аӷацəа шасысгьы дыргахьан. Иахьеибашьуаз аҭыԥқəа рҿы алатышцəа дырҭиит. Дара аурысқəа бзиа рбаӡомызт. Иахьтəаз аҭыԥ ахьыкəыз анемеццəа ирарҳəан иркит. Аҟəҟəаҳəа иахьхысуаз саб дырхəит, дыршьыз џьыршьан, аҭабиа дҭарыжьит. Аҭабиа шаҟа дҭажьхыз здыруада, урҭ анемеццəа цан, даҽа немеццəақəак ааит. Зегь ахьеилажьыз саб инапқəа шҵысуаз рбеит. Саб афицар форма ишəымзи, инапы шҵысуаз анырба, "иԥсы ҭаҳҵап, деиқəҳархап", - рҳəан, агоспиталь ахь дырган дырхəышəтəит, деиқəдырхеит. Аха, ҽыргаӡа ҟаҵаны изызҵаауаз акагь раимҳəаӡеит. Ииулак аӷацəа дрыцəцеит, убасалагьы деибганы иԥсадгьыл ахь дхынҳəит саб.

Абзиабара

Латыш ҭыԥҳак саб бзиа дылбеит аибашьраҿы. Саб иҟынтəи ахшара иоура дазыԥшын. Аха иара усҟан анемеццəа дрытҟəахьан, лхабар ҳəа акгьы издыруамызт, ахшара длоума, мамзаргьы џьара дҭахама, иллахьынҵахаз еилкаамхеит. Саҳəшьцəеи сареи лыӡбахə ҳзеилкаауазар ҳəа, "Жди меня" адырраҭара ашҟа иҳаҩхьан, аха аҭак ҳəа акагьы еилкааны иаҳмаҳаит, агəала ҳамоуп абас.

Аҭакра

Аибашьраҟынтəи дхынҳəны данааи, аҭаацəара далалеит. Раԥхьа иигаз аԥҳəыс д-Аҩӡԥҳан. Аҩӡԥҳа лҟынтəи аиаҳəшьа дҳамоуп. Аха саб аӷацəа рнапаҵаҟа дыҟан ҳəа Сталини Бериеи рхаан инаганы иҭаркуан. Саб игəы иаанагоз ҭырҟьаны иҳəон, аӡəгьы дицəшəаӡомызт. Данҭарк, "ари уажəшьҭа дыӡит, дыԥсит, 30 шықәса дхынҳəӡом", - лҳəан, Аҩӡԥҳа дцеит. Саб иус анырыӡбоз, Заквоа Џьӷамаӡе ҳəа дыҟан, "25 шықәса аҭакра уқəуп", - ҳəа аниҳəа, саб аҟырҟырҳəа дааччан, "урҭ ирыӡбуоу, мамзаргьы аԥшəма иакəу?" - ахьиҳəаз, даҽа хəышықəса изацырҵеит.

Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала - Sputnik Аҧсны
"Имариамыз амҩа": ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых

Қарҭ аҵара дҭан Қонстантин Ануа, дҳақьымуп, ҳара ҳаиашьара датəуп. Константини ҳара ҳаибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз Џьота Амҷбеи саб Русҭави дахьҭакыз ицон. Иахьнеиуаз есымша аҳамҭақəа риҭон, саб инапы ҟазан цəгьала. Амнистиа аныҟала, абаандаҩцəа рхы иақəиҭыртə аҭагылазаашьа аныҟала, Сталини Бериеи рзакəан анаԥырырх, саб иҩызцəа иааргəалаиршəеит данҭаркуаз ииҳəаз ажəақəа: "Џьӷамаӡегьы дыԥсхьеит, ҳара ҳтəы иагеит!" - ҳəа.

Аҭаацəара

Абахҭа данҭыҵ, ҳара ҳан ԥҳəысс дигеит. Ҳан д-Лагəуаԥҳан. Ԥшьҩык ахшара ҳрааӡеит, хҩык аиҳəшьцəеи ҳашьазаҵəи ҳаҟан. Ахра, ҳашьа рыцҳа, зегьы дҳаиҵбын, дычмазаҩхан дыԥсит. Саҳəшьцəа: Анжела, Мзиа, сара ҳаҟагəышьоуп, ишьҭра ҳмырӡит. Саб даара аума ихигахьан. Аиааира амш сҽагсырхаӡом еснагь, апарад ахь сцоит.

© Foto / Предоставлено Ануа ЛюдмилойАнуа Лиудмила Владимир-иԥҳа
Ҩ-еибашьрак дырхаанхеит, аха игәы мцаӡеит: аветеран Владимир Ануа изкны - Sputnik Аҧсны
Ануа Лиудмила Владимир-иԥҳа

Ҳаибашьра

Ҳара ҳаибашьрагь дахаанхеит. Ҷаҷалҟа илбааны сани саби аибашьцəа рхəы ахьыҟарҵоз ирыцхраауан. Ҽнак, аҩны дынхаланы фатəык-жəтəык аашьҭыхны аибашьцəа рхəы игарц дахьааиз, атанкқəа агəгəаҳəа агəашə рҽны ашҭа иааҭалеит. Илымҳа ҽеила иаҳаӡомызт, аԥацха ахышə дкылаԥшны днаԥшызар, ақырҭқəа ртанк ҭаланы ишаауаз ибеит. "Ҳаи, исыхьрызеи, сҩагылан сырԥылап, ҳзыхшəырҟьоузеи нхацəақəак?" - ҳəа раирҳəарц иҿынеихон еиԥш, мчык дааннакылеит, дхынҳəит. Аҩны иақəлеит, иҩназ ахаарабзаара зегьы дəылыргеит, аҩны инакəшан, абензин нақəҭəан, амца нацраҵаны ирыблит. Саб аԥсҭазаараҿы акры шихигахьазгьы, илаӷырӡ маацызт, иҩны ила ишабоз иахьырыблыз игəы арԥшааит.

Бнала мацара, Ҷаҷал дылсны аибашьцəа ахьтəаз даннеи, Спирдон Ануа ҳəа дыҟан, саб иҿаԥшылара игəамԥхеит, иԥа дыршьыз џьишьан, ихьыз еиликаарц диазҵааит. Ахра акгьы шимыхьыз раиҳəеит, иҩны ахьырблыз игəы шыԥнажəаз дирдырит. "Ҳаи, Џьумка, хыбаҩс иҳамоу, иҳабжьоу уара уоуп, ишԥыкəу убри азы ушҵəыуо, аибашьра еилгар, уҩны ҿыц сара исыргылоит, хьаас иумкын", - ҳəа иеиҳəеит. "Саҭашəымҵан, баба, иахьа аԥсра иаҿагылоу аҷкəынцəа шəҿаԥхьа аиакəым ҟасҵеит, сыҩны шəара шəзы кəырбанс ицааит", - иҳəан, Анцəа диҳəеит саб. Абас хыԥсыра ихигагəышьеит саб, аибашьцəа драбжьон, Аиааира шаҳгоз агəра диргон. Саб рыцҳа Аиааира дахьӡеит, уи анаҩсгьы аашықəса иԥсы ҭан. Абасала инарцəымҩахь ижәлар рзы игəы рҭынчны инырцәымҩа дықəлеит акыр зхызгахьаз саб.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира иазку аҭыжьымҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0