Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

© Foto / kiarazНестор Лакоба
Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 1 азы 128 шықәса ҵит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иналукааша аԥхьагыла Нестор Аполлон-иԥа Лакоба диижьҭеи.

Sputnik

Нестор Лакоба диит лаҵарамза 1, 1893 шықәса рзы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Дхәыҷаахыс агәаҟра иалаз бзианы еиликаауан, иара диит анхаҩы иҭаацәараҿы. Иаб лассы иԥсҭазаара далҵит, иани ҩыџьа иашьцәеи иареи имариамыз аамҭа иҭагылан, ахныҟәгара рцәыуадаҩын. Нестор Лакоба иан илхылгоз аџьамыӷәа цгьеи иқыҭауаа зҭагылаз агәаҟреи акыр ибарҭан, игәаҟынӡа инеигон. Аиашареи ажәлар рыҩнуҵҟа аизыҟазаашьақәеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа гәҭыхас еснагь иман, аха ақыҭаҿы урҭқәа зегьы рҭак аҟаҵаразы аҵарадырра амҩа данылар акәын.

Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2019
Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы

Нестор Лакоба раԥхьатәи иҵарадырра хацыркын ауахәаматә школ аҟны, иара убас Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны. 1905 шықәса рзы, Урыстәыла раԥхьатәи ареволиуциа ашьҭыбжь ӷәӷәаны ианарга, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор, иԥгылаз ауадаҩрақәа дыриааины Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭалеит. Аҵара бзиаӡан ицааиуан, ашәҟәқәа рыԥхьара бзиа ибон. Асовет ҳәынҭқарратә, апартиатә усзуҩ Михаил Бӷажәба иҩуеит 1910 шықәса рзы жәибжь шықәса зхыҵуаз Нестор асеминариа дҭалеит ҳәа.

Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакоба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.

"Асеминариаҟны хықәкыла аус адиулон ареволиуциатә дунеихәаԥшра", - иҩуеит Бӷажәба.

Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакоба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. 1917 шықәсазы иаԥиҵеит "Кьараз".

1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара. Уи дызхагылаз ареволиуциатә усмҩаԥгатәқәа рзы абахҭа дҭаркуеит убри ашықәс анҵәамҭазы.

Гәажәба Лакоба изку истатиақәа рҟны иҩуеит 1919 шықәса рзы Аҟәатәи абахҭа иаҭааз аменшевик-палач Валико Џьуӷьелиа Нестор Лакоба ихы иқәкны дҵааит ҳәа:

— Сара сыҭҟәаны сшәыднагалазҭгьы шәышԥасызныҟәарыз?

— Ҳәарада, шәкыдҵан шәаҳшьуан, — иҳәеит Лакоба.

Аменшевикцәа Лакобеи иҩызцәа акоммунистцәеи абахҭа иҭрыжьит ажәлар рықәгылара иацәшәаны.

Пресс-конференция министра иностранных дел Вячеслава Чирикба. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2015
Қырҭтәыла аделегатцәа аԥсуаа ирырҭеит Нестор Лакоба дызну акинохроника

Лакоба абри ашьҭахь иҳәон: "…Аменшевикцәа еснагь ашәара рыман. Урҭ ирдыруан ԥеиԥш шрымамыз. Иахьакә, уаҵәакә аџьажәлар урҭ рымчра шахырҳәоз еилыркаауан".

Абахҭа иҭыҵыз Лакоба иаразнакы ареволиуциатә усура аилашыҩкра деиҭаналагылеит. Кавказтәи атәылаҿацәтә РКП(б) акомитет маӡалатәи адҵала 1919 шықәса рзы Очамчыратәи аучасток амилициа рхадас аусура далагоит.

"Лакоба Маркс иҵареи акоммунизм атеориеи иныҭкааны издырамызт, аха агуманисттә идеиақәеи асоциалтә иашареи ридеиақәа игәаԥхон", — иҳәоит иинтервиуқәа руак аҟны аҵарауаҩ Игор Марыхәба.

"1918 —1921 шықәсқәа рзы Аԥсны шьала икәабаны иахысит аменшевик ар. Абарҭ аамҭақәа раан ауп "Кьаразаа", аԥсуа револиуциа а-Дантон, Нестор Лакоба дызхагылаз атәыла ахьчара анрылдыршаз", — иҳәоит Марыхәба.

1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон. Аревком ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, арратәи амшынтәи аусқәа рзы жәлар ркомиссарс, Аҟәатәи агорнизон аиҳабыс. Еиҳаракгьы ажәлар рыбзазара аҭышәныртәалара акәын дзышьҭаз, акыҭақәа рахь ирацәаны дныҟәон.

Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан.

Актәи аԥсуа ԥырҩы идокументқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2019
Аҵак ду змоу архивтә документқәа Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоуп

1930 шықәса рзы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакоба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит. Лакоба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.

Анаҩс аполитика иаланагалаз аԥсахра хьанҭақәа ҳажәлар рыԥсҭазаара ианымԥшыр алымшеит. Иҟаз ауадаҩрақәа дырхьымԥшкәа, Лакоба иԥсадгьыл аԥеиԥш азы иқәԥара иациҵон. Уи ԥсраҽнынӡа Аԥсны Қырҭтәыла иалҵразы, ақырҭуа политика иԥсадгьыл анырра алмыршаразы аџьабаа ду ибон. Урҭқәа зегьы анаҩсан Лакоба илахьынҵа рыӡбеит. Ирацәаҩуп аҵарауаа Сталин Лакоба иқәгара 1935 шықәса алагамҭазгьы иӡбахьан ҳәа изшьо...

Бӷажәбагьы иҩуеит Лакоба ишьра Бериа ихҟьеит ҳәа.

"Лакоба иԥсра ашьҭахь мызқәак ааҵхьаны "ажәлар драӷан" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. Иара убри аамҭазы иҭархан аԥсуа партиатә усуҩцәа нагақәа Владимир Ладариа, Самсон Ҷанба", — иҩуеит Бӷажәба.

Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәса рзы Нестор Лакоба иԥсадгьыл азы дзаԥхьагылаз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара зычҳара ԥнашәоз Лавренти Бериа аԥсуа жәлар рҵеи лаша, ргәыӷырҭа ашҳам иҭан дишьит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0