Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Аԥсны ауааԥсыра рзыҳәан аҩнуҵҟатәи аныҟәарақәа реиҿкаара азҵаареи аџьабаа иацәымшәо ауаа шыҟоу атәи далацәажәоит мышқәак раԥхьа Аҷандара ақыҭа иахьаҵанакуа Ҳабҩы ашьхахь ныҟәара ицаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Ашкол ҳанҭаз исгәалашәоит аамҭа-аамҭала ныҟәара ҳаргон. Уи ашкол аметодикатә хырхарҭа иахәҭакын. Зегь реиҳа иԥшӡаны схаҿы инхаз Амҭҟьалтәи ҳныҟәара ауп. Х-аха инарзынаԥшуа ҳаиҳабацәа ҳацны ашьхараҿ икаршәу аӡиа азааигәара ҳаԥхьон. Баша ҳаԥсы ҳшьомызт, уа ҳаҟазаара аԥсабара аԥшӡара агәаҭара адагьы, аспорттә, акультуратә усмҩаԥгатәқәа ҳаман. Ҳанылбаауаз, ҵабалтәи амҩала ҳалбааит, мҩа маҷмызт, аха ҳхәыҷра ааԥсара ҳнардыруамызт. Абас шакәызгьы, Аԥсны ахи аҵыхәеи уажә сықәрахь саннеи ауп избо саналагаз.

Бла иабо хы иаԥсоуп, мамзаргьы аԥсуаа аԥсшьареи аныҟәареи разыҟазаашьа

Иахьатәи аԥсуа туризм ҳазааҭгылозар, еиҳарк анҭыҵынтәи иаауа рзоуп издырҿио.

Абар ҩышықәса ирықәуп, сҩызцәа ажурналистцәа Зарина Коӷониа, Саидеи Радеи Жьиԥҳацәа срыцны, уаанӡа иаҳамбацыз аҭыԥқәа ҳарҭаауа ҳалагеижьҭеи. Аԥсуа театр аҿы аус анызуаз, акыр сныҟәахьан, сахьымнеиц ԥсыуа қыҭак ыҟам, аха акультуратә баҟақәеи аӡҭыҽҽа ссирқәеи рӷьырак уажәоуп избо саналагаз…

Даара акыр ҳныҟәахьеит сҩызцәеи сареи, аха Ҳабҩы ҳамцацызт. Амҩа здыруаз иҳарҳәеит уахь илаҟәу амашьына хәыҷ ала цашьа шыҟам, иҭел ҳарҭеит урҭ амҩақәа зыбла хҩаны ирхысырц зылшо ауаҩы.

Зарина Коӷониаԥҳа: ҳааигәара иҟоу ҳҭоурых иаҳа ҳазҿлымҳазароуп>>

Ҳмашьына хәыҷ ала иашҭа ҳанҭалеит а-Царгәыш. Аукы, ихы-иҿы ааиқәаны, агәыкра ицны "бзиала шәаабеит" ҳәа даҳԥылеит Ҳабҩыҟа ҳамҩаԥызгараны иҟаз аԥсуа хаҵа.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Беслан Царгәыш дынхоит ашьхақәа ирыԥну Аҷандара ақыҭа агәаны, насгьы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа наԥшыхақә акәым ишидыруа. Абар 15 шықәса ҵуеит, аибашьра аветеран, хҩык ахшара раб аџьиԥинг ззырҳәо даҿуижьҭеи.

Дынхоит иара ихыркны акәымкәа, ԥсыуак ишихәҭоу еиԥш, инхара ауаа рыла ихымсло. Беслан иашҭа лаша ҩбаны еихагылоу аҩны ҭагылоуп, уахьынаԥшы-ааԥшуа анхара анапы адкыланы измоу абраҟа дшаԥшәымоу убоит.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Аҷандара ҳнеиаанӡа амҩа ҳахьаныз иаҳбарҭан ҵыԥх уажәаны атуристцәа рыла иҭәыз амшын аҟәара, амҩа иаԥныз асасааирҭақәа уҳәа иҭыкка ишыҟоу. Апандемиа иахҟьаны, атуризм знапы алаку зегьы усурҭада иаанхагәышьеит.

Жьиԥҳа: ҳахәмарны аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит – Аԥсны зехьынџьара иҳамбакәа ҳшымԥсуа ҳәа>>

Амҩа ҳақәнаҵы иаҳхәыцуаз, избан изалыршамзеи аҩнуҵҟатәи атуризм арҿиара? Ирацәаҩуп ҳтәыла иамоу аԥшӡарақәа зымбац, нас иалымшаӡои атуристтә фирмақәа рыхшыҩ аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыздырхар?!

Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

Сынтәа зықьҩык инарзынаԥшуа ашкол аҿы рҵара хдыркәшеит, рҭаацәеи дареи асоциалтә ҳақәа рҿы аресторанқәа рахь зыхә ҳараку рымаҭәақәа рышәҵаны иахьзымцо азы иашшуеит, аха иара убри аамҭазы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рҽеизакны рҭаара азҵаатәы зныкгьы ишьҭырымхыц. Атәыла аҩнуҵҟатәи атуризм инадҳәаланы, ҽнактәи аныҟәара, уахыктәи аресторан аҿы инухуа аасҭагьы еиҵахоит уҽазкны уныҟәо уалагар. Ауаҩы иара дахьынхо итәыла наԥшыхақә акәым, хаҭала ибла иаирбароуп, Аԥсны аԥшӡара асасцәа рзы мацара акәӡам изыҟоу.

Изыхҟьазаалак, аҩнуҵҟатәи атуризм ҿиара дук амам, аха сынтәа иҟалаз аҭагылазаашьа иаԥшны, издыруада, ҳтәылауаа анеиааира рхы азыркыр, уи иабзоураны атуризм знапы алаку, ирацәамзаргьы, аусутә роур алшон...

Ажьиԥҳа: атәыла аҩнуҵаҟа ҳаиҭанаиааира иреиӷьу ӡыргароуп ҳақалақьқәа рзы>>

Беслан Царгәыш баша машьынарныҟәцаҩым, иара аекскурсиа амҩаԥгаразы даара дҟазоуп. Иашҭаҿы ҳмашьына хәыҷы ныжьны, Ҳабҩыҟа ихалоз имашьына ду ҳлақәтәаны ҳҿынаҳхеит, изҩыдоу аԥсабара ҳаԥыларцы. Беслан алаф иҳәон, "сара еиҳарак аурысшәа заҳауа атуристцәа роуп иныҟәызго, убри аҟынтә, раԥхьаӡа акәны аԥсуа туристцәа ԥсышәала ахҳәаа рзыҟасҵоит" ҳәа.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Ҳамҩаныза амҩа ҳақәнаҵы иаҳзеиҭеиҳәон иахьа иҭацәу, аха анкьа араҟа инхоз ауаа ирыбзазашьаз. Алашара ыҟамызт, аха рырахә, рышәахә уҳәа, Анцәа ишиҳәара инхон иҳәеит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы анкьа инхоз Џьниаа, Чамагәуаа, Инаԥҳаа лбааҟа ицеижьҭеи акыр ҵуеит, аха зегь акоуп еиқәханы иҟаз Зарина лҭынхацәа рыҩны ашҭагьы ҳҭанагалеит. Асезон аныҟаз, аҷандараа рыҷқәынцәа арҭ аҭыԥқәа акыр игәцараркуан, амҩа аӡын маҷк еиланажьуазаргьы, ааԥын анааилакь идрыцқьоит, еиҟарартәуеит.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Ҳмашьынарныҟәцаҩ иаԥсшәа хазынала аҭыԥантәи атуризм аусзуҩцәа рџьабаа, русушьа апринципқәа ҳзеиҭеиҳәон. Уажәы-уажә имашьына ду ииасуа аӡиас Ааԥсҭа амч хьаас имкыкәа агәырқьҳәа инырсуан.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Иҳамбаӡакәа аӡҭыҽҽақәа руак ҳазааит, дара зынӡа хԥа ыҟоуп: Ҳабҩы, Ацә ахы, Ааԥсҭа. Ҳахьынаԥшы-ааԥшуаз агәамсам ишакәым икажьны иҳамбеит, ииашоуп, џьара-џьара ашәарыцаҩцәа рышьҭрақәа ахьынрыжьызгьы ыҟоуп.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Беслан ибзоурала, ҳара иаҳбеит агеолог Курочкин ибаҟа, уи гылоуп аекспедициа анымҩаԥигоз иҭадырхаз ихьӡ зху аҩхааҿы. Ҳабҩытәи аԥсабара аҭыԥҳацқьа илеиԥшуп, иубоит аԥсҭазаара ишашаз ишыҟоу, атуризм ашьҭрақәа уԥылозаргьы.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Сҩызцәеи сареи ҳалацәажәон, шаҟа ҭыԥ ссир аҵаҵәахны иамоузеи ҳара ҳаԥсабара, нас уи зегь раԥхьаӡа зыбла иабарц зыхәҭоу ҳара ҳакәӡами? Аҽнытәи ҳныҟәара еснагь еиԥш, пикникла ихҳаркәшеит, амҩа ҳаршәазаргьы, ҳала иабаз аԥсабара аԥшӡара ҳгәы акыр ишьҭнахит.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Аҩныҟа ҳаныгьежьуаз схәыцуан, ииашам аԥсуаа аусура бзиа ирбом ҳәа зны-зынла ҳхы иазаҳҳәо. Беслан Царгәыш ихатә џьабаа дыннархеит, ус анакәха, аԥсуа аусура дацәхьаҵуам. Сажәабжь афырхаҵа, атуристцәа рымҩаԥгара анаҩсангьы, изныкымкәа аӡы иагоз атуристцәа еиқәирхахьеит. Уи иара ианеиҭеиҳәо, уамаӡак ҟазҵаз иеиԥш акәымкәа, иара иусура иахәҭакны иԥхьаӡоит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: