Бла иабо хы иаԥсоуп, мамзаргьы аԥсуаа аԥсшьареи аныҟәареи разыҟазаашьа

© Фото : ГК РА по молодежной политикеАуадҳара иеиҿкааз аҿартә лагер
Ауадҳара иеиҿкааз аҿартә лагер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишԥазыҟоу аԥсуаа аԥсшьара, иабанӡагәцараркуеи ҳтәыла аҭыԥԥшӡарақәа рахь ацара-аара, хәарҭас иаиуеи ҳауаажәлар рыԥсадгьыл еиуеиԥшым ахәҭақәа зеиԥшроу рбар? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсуаа аџьабаа абара бзиа иаҳбом ҳәа зны-зынла иахлафаан рхы иазырҳәо аиаша иазааигәам. Санхәыҷызгьы, иахьагьы избарҭоуп аусура, акрырҳара, ахы аџьабаа арбара иацәхьамҵуа шырацәаҩу. Абри инаваргыланы, еснагь избарҭан аԥсшьареи хара ма ааигәа аныҟәареи уамак рыҽшадрымцало ҳмилаҭ ирхаҭарнаку. Хаҭала сыҩнаҭа избахьаз атәы сҳәозар, ҳанхәыҷқәаз аџьабаа шаҳдырбоз еиԥш, саб икультура иаҵанакуан ахәыҷқәа рыԥсы дыршьара. Есԥхынра апионер лагер ахь срышьҭуан, усҟан "апрофсоиуз" ала анхаҩцәа ирыман алшара рыхшара ԥсшьара рышьҭра.

Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит

Убарҭқәа ирыбзоураны Очамчыра, Кындыӷ еиҿкааз алагерқәа рҿы сыԥсы сшьахьан, уи адагьы, ашкол арҵаҩцәа иаҳзеиҿыркаауан Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи анҭыҵи рахь аныҟәара. Ус шакәызгьы, исызҳәом аԥсшьара аҳасабала ныҟәара ацара инеибеиԥшны зегьы иныҟәыргон ҳәа. Сан лакәзар, зегь раасҭа аџьабаа шылбозгьы, путиовкала саб ԥсшьара данишьҭлак, лаамҭа намыгӡаӡакәа даауан, избанзар аусура еиҳа еиӷьылшьон аԥсшьара аасҭа.

Санхәыҷыз исылаарааӡаз аҟазшьа иабзоураны, саныҩеидас инаркны иахьа уажәраанӡа бзиа избоит ҳтәыла аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи рахь анеиааиразы ацара. Аԥсуа театр аҿы аус ахьызуаз иабзоураны, аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны ақыҭақәа зегьы сыблала избахьан. Усҟан традициала есԥхны атеатр имҩаԥнагон агастроль маҷқәа атәыла аҩнуҵҟа. "Бла иабо хы иаԥсоуп" рҳәоит, убри аҟынтә, исҳәарц сылшоит, узыԥхьо адагьы, убла иабо, насгьы уԥсы иушьо акыр иухәоит ҳәа ахшыҩҵарреи агәабзиареи рзы.

Адлеиба Абрыскьыл иҳаԥы аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: ҳшақәгәыӷуаз еиԥш иҟам>>

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа сырзааҭгылозар, ҳтәыла миллионҩыла аԥсшьацәа аҭаауазаргьы, аҳәара уадаҩуп Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь ҳара ҳтәылауаа аныҟәара ҵганы ирымоуп ҳәа аҳәара. Акырынтә исықәшәахьеит Афонтәи аҳаԥы иҭамлац, ма ҳашьха ԥшӡақәа ирхаланы уаҟатәи аҳауа зҩыдеи аԥсабара ԥшӡеи зымбац. Аџьабаа абара атәы ҳазааҭгылозар, иахьатәи аԥсуаа амал арҳара, аҩны ԥшӡақәа рыргыларазы ихәыдаӡам, аха урҭ рыбжьарагьы аԥсшьареи, аныҟәареи хҭакны измоу рацәаҩуп аҳәара уадаҩуп, хаҭала сара сазгәаҭақәа ртәы сҳәозар. Игәасҭахьеит, еиҳа имаҷны изырҳауа, еиҳа аныҟәара, анаԥшааԥшра гәцаракны ишрымоу.

Абас акәзаргьы, иахьа ишахәҭоу иҭҵаазар, иккаӡа иааԥшуеит, аҿар ма абжьаратәи абиԥара иреиуоу Аԥсны аӷьырак рыблала ишамбац. Абарҭқәа рырцыхцыхра ахәҭоуп ашколтә ԥсҭазаараҿы, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы. Ибзиахон иалагалазар шықәсык ахь знык иадамзаргьы ҳҭыԥ ԥшӡақәа рахь аныҟәара аиҿкаара, уи ауаҩы иԥсы инаршьоит, убри адагьы, аҭыԥантәи атуризм адгылара аиуеит. Есышықәса ашкол иалго аушьҭымҭацәа аресторан аҿы инырхуа саназхәыцуа, иҟалап усҟакгьы аҭахымхаргьы, ашкол аушьҭымҭацәа аҭыԥантәи аԥшӡарақәа ирхысыр. Уи аҭоурых адырраҿы акыр ицхыраагӡахон, избанзар, ҳара ҳбаҟақәа иргәылаҵәахуп ҳҭоурых аҟәырҷахақәа. Иахьатәи аԥсуаа ҳабзазашьа ҳазааҭгылозар, ацәгьеи абзиеи рҽагмырхара еиҳа игәцаракуп, аԥсшьареи аныҟәареи раасҭа.

Сгәанала, аҩбагьы еиҿыбааны иныҟәугар ауеит, иҳарҳауа маҷуп ҳәа азгәазҭо шырацәаҩугьы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы сҩызцәеи сареи гәҭакыс ишьҭаҳхит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ҳаҭааны иаҳбарц аҭыԥ ԥшӡарақәеи аҭоурыхтә баҟақәеи. Ари аԥхын иалагӡаны Тҟәарчал, Мықә, Ҷлоу, Отаԥ уҳәа ҳҽеидкыланы акыр ҳныҟәеит. Аиҩызара арӷәӷәара, алафҳәара, агәалаҟара бзиа ирсимволуп сҳәарц сылшоит ари аԥхын иалагӡаны сҩызцәеи сареи ҳныҟәара.

Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит>>

Мышқәак раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсны иҟоу ҳџьынџьуаҩ Қьамил Маршьан ҳицны Отаԥтәи аҳаԥы ҳаҭааит. Аиашазы, акыр даршанхеит ҳџьынџьуаҩ ибла иабаз аԥшӡара. Иара иаԥсшәа маҷк ихьысҳазаргьы, амҩа ҳақәнаҵы ҳбызшәала ҳаицәажәон, уи ҳаизааигәанатәуан. Отаԥтәи Абрыскьыл иҳаԥы убла хнакуеит, уи аус адызуло акыр игәцаракны рус ишаҿу убоит, аха иара убас иубарҭоуп макьана уахь ныҟәара имҩахыҵуа шырацәаҩым.

Сгәанала, зегь раԥхьаӡа аҭыԥантәи ауааԥсыра рыла иадырбароуп ҳаԥсабара иҭаҵәахны иамоу аԥшӡара, насоуп егьырҭ наҟынтәи иаауагьы ианлаԥшықәырҵо.

Тҟәарчал аԥсуа турист иблала изеиԥшроу атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны аурыс версиаҿы абри азхьарԥш ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0