Аҟазара анԥсҭазаароу: аԥхьарцеи аԥхьарцарҳәаҩцәа дуқәеи ирызкны

Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструмент аԥхьарца ҵакыс, хархәашьас иамаз, еицырдыруа аԥхьарцарҳәаҩцәа азусҭцәаз, иахьа уи ҿиашьас иамоу уҳәа ртәы дазааҭгылоит афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥхьарца

Аԥхьарца – аԥсуа жәлар рмузыкатә инструмент, "аԥхьа цара" ҳәа еиҭарго. Ақәыларақәа, аибашьрақәа раан аԥхьарцарҳәаҩы раԥхьа дгылан еснагь, уи аԥхьарца арҳәо, афырхацәа ргәы шьҭыхуа, афырхаҵара ргәы азыҳәо иҟаиҵон. Аԥхьарца азырҳәоз дышнеиуаз ахы иқәшәар, ишьҭахь иааиуаз аԥхьарца аанкыланы инаигӡон.

Анапҟаза Уасил Арухаа: ҳаԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа дмырӡыр сҭахуп

Аԥхьарца ахаҭа аӡахәа, алаҳаҵла, ал, ма ашәч иалхны иҟарҵоит, арахәыцқәа ракәзар – аҽы аҵыхәа иалырхуеит, ахыц иаҿыршьуа алаба итыруа аҵла ахкқәа – араса, ашымҳа, амжәа ирылырхуеит. Иара азырҳәо ахацәа роуп.

Кәыҷа Лакрба игәалашәарақәа рҿы иҩуеит абас:

"Сара изласгәалашәо ала, Жана Ачба имаз аԥхьарца алаҳатәы мҿы иалхын. Иара амгәа-шьынка ԥшран иамаз, аҭбаара еимааҵак иаҟаран, аура ҩ-ԥсыӡак ыҟан, ахҩа аӷәыцәмаҟьа иалхын. Ахҩа агәҭаны бҩатә ҟәрышьк ицауа аҟара икылҵәан, убри акылҵәарсҭа наҟ-ааҟ аганқәа рҿы амзаҿа еиԥш иҭасаны иҟаҵан, ахәҵәы аура амгәа аҵкьыс еиҵан, алымҳарҭа гьежьын, алымҳацәқәа хԥа аман, ахәыцқәа хԥа аҿан, хыџьара иҿаҟәан".

Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа-зда иалоу арҿиаҩы: Хьымца Хынҭәба иҭоурых

Аԥхьарцақәа аки-аки рыԥшрақәа еиԥшым. Урҭ шоит амҵәышә аԥшра змоу, аҳа аԥшра змоу, ашьынка ԥшра змоу ҳәа. Ҽыла иныҟәоз аԥхьарца акәадыр амаха иадҿарҳәалон, ианырҭахыз, иамырхуан.

Ахәыҷы данилак, дхаҵарԥысзар, раԥхьатәи инапхыцқәа ихырыссоз аԥхьарца иҭарыԥсон уи арҳәара разҟыс ироурц азы.

Аԥхьарцарҳәаҩцәа

Шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа аԥхьарцарҳәаҩцәа нагақәа ыҟан. Урҭ аизарақәа, аныҳәақәа ахьыҟаз ааԥхьара рырҭон. Аԥхьарцарҳәаҩцәа дуқәа ҳәа ззырҳәоз иреиуан Жана Ачба, Шаҷ Чыкәбар, Мақьҭаҭ Агрба, Ҟасҭеи Арсҭаа уҳәа. Иазгәаҭатәуп дара аиҳараҩык амузыка азаанаҭла зыҟаҵара ҷыдак змаз шракәмыз, ԥсабарала аҟыбаҩ злаз ракәын. Дара аԥхьарцарҳәаҩцәа дуқәагьы лассы-лассы еигәныҩлон, рҟазара еимырдон.

Леуард Мхонџьиа: аԥхьарца - жәлар ԥхьаҟа рцагоуп

Ашәа ианҵаны зыӡбахә рҳәоз аԥсҭазаараҟынтәи иааган: дарбанзаалак ауаҩы иуаҩышьа, ихаҵашьа, исахьа, иҟазшьа аадырԥшуан. Џьоукы афырхаҵаратә ашәақәа рзыркуазар, даҽа џьоукы рыгьангьашра ҿаԥҽуа ахьӡыртәрақәа рзыркуан, алаф ашәақәа рҳәон.

Еиҭарҳәоит Жана Ачбеи Шаҷ Чыкәбари априц Олденбургтәи иаҳҭынрахьы ааԥхьара риҭахьан, усҟан дара рыԥхьарцарҳәара азыӡырҩразы инеиз аҭыԥ роуамызт. Жәлар рмузыкатә инструмент ианҵаны ирҳәон Нарҭаа рашәақәа, афырхаҵаратә ашәақәа, аҭоурыхтә ашәақәа, Азар, Ахәрашәа, Ажәеиԥшьаа рашәа уҳәа.

Иахьа аԥхьарца ахархәара амоуп жәлар рашәаҳәаратә инструменталтә ансамбльқәа рҿы. Иара убас имҩаԥыргоит "Аԥхьарца" ҳәа хьӡыс измоу афестиваль.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: