Каманҟа ицо амҩа еиҭашьақәдыргылоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Ари амҩа цәгьала гәҭыхас ирыман анхацәа зегьы. Каман иҟоуп аԥсабара иарҿиаз аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи азҿлымҳара зырҭаша аҭыԥқәа, иара убас ауахәамагьы. Амҩа аҟаҵара иалаган 2018 шықәса рзы, аха аусурақәа зны иаангылон, зны еиҭа рылагон, ибжамҽамны иҟан. Уажәы хықәкыла аусурақәа аҵыхәтәанынӡа рынагӡаразы нап ддыркит. Ҳәарада, амҩа аҟаҵара иацын ауадаҩрақәа, ҿыц ишьҭаз аӡымҩангагақәа ҩыҵырхын еиҭа ашьҭаҵара иаҿуп, урҭ иахьа, уаҵәы иалгап ҳәа ҳаҟоуп, амҩа зегьы - ҩымчыбжьа рыла иалгароуп. Аусурақәа иаанымкылаӡакәа ицоит, аусгьы ишахәҭаҵәҟьоу иаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Акаҭран ҿыци аӡымҩангагатә цәаҳәақәеи: Каманҟа ицо амҩа аиҭашьақәыргылара
Амҩақәеи афымцалашареи: 2020 шықәсазтәи Аинвестициатә проектқәа