Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба Камантәи амҩазы: гәҭыхас ирыман анхацәа зегьы

© Foto / предоставлено Хаджаратом Тарба Хаджарат Тарба
Хаджарат Тарба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыма ақыҭа ахада Ҳаџьараҭ Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа иалсны Каманҟа ицо амҩаҿы акаҭран ақәҵара аус шцо атәы, насгьы урҭ аусурақәа ахыркәшарахь ианнеиуа.

Каманҟа ицо амҩа еиҭашьақәдыргылоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭарба Камантәи амҩа иазкны

"Ари амҩа цәгьала гәҭыхас ирыман анхацәа зегьы. Каман иҟоуп аԥсабара иарҿиаз аԥсшьаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи азҿлымҳара зырҭаша аҭыԥқәа, иара убас ауахәамагьы. Амҩа аҟаҵара иалаган 2018 шықәса рзы, аха аусурақәа зны иаангылон, зны еиҭа рылагон, ибжамҽамны иҟан. Уажәы хықәкыла аусурақәа аҵыхәтәанынӡа рынагӡаразы нап ддыркит. Ҳәарада, амҩа аҟаҵара иацын ауадаҩрақәа, ҿыц ишьҭаз аӡымҩангагақәа ҩыҵырхын еиҭа ашьҭаҵара иаҿуп, урҭ иахьа, уаҵәы иалгап ҳәа ҳаҟоуп, амҩа зегьы - ҩымчыбжьа рыла иалгароуп. Аусурақәа иаанымкылаӡакәа ицоит, аусгьы ишахәҭаҵәҟьоу иаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0