Ауаажәларра амчра аԥсахразы апротесттә қәгыларақәа зымҩаԥырго анапхгара ҳазҭо русуразы агәынамӡара рымоуп азоуп. Ареволиуциақәа мҩаԥысуеит асоциалтә платформа уи азы иахьыманшәалоу атәылақәа рҿы.
Иаҳхысыз ашықәси ҳазҭалази ҳтәылаҿы аполитикатә еибарххарақәа рацәан, урҭ реиҭаҳәарагьы иаԥсам, зегь ибзианы ижәдыруа ауп. Усҟан оппозициа иҟаз, иахьа амчраҿы иҟоу анапхгара рриторика "азакәан аҳра ауа, еиҵыху ачынуаа рыштатқәа реиҵатәра, ауаа рсоциалтә бзазара ашьҭыхра" ҳәа, ԥхьатәара ирышьҭыз атәыла ахада иаамҭазы иҟаз ауашәшәырарақәа акыр иӡырганы, уи шьаҭанкыла ишеиҭаркуа агәра ҳдыргон. Аҳәара мариоуп, аха анагӡара уадаҩуп. Иҳаҩсхьоу ашықәсқәа ҳрыԥшны иаҳҳәозар, ҳтәыла ахадацәа амчрахь анеиразы аҳәаҭыхла ирзықәԥо, анаҩс урҭ рхаҭа азакәанқәа еиларгарагьы ирылакьысуам, избанзар, рус иахазыргылаз раҳаҭыр рбароуп.
Еидыз аоппозициатә блок ахада Аслан Бжьаниа иахьа амчраҿы дыҟоуп, ҳазҭоу ашықәс алагамҭазтәи аполиткатә кризис алҵшәақәа ирыбзоураны. Абар зеиӷьыҟам аҭагылазаашьа, азакәан аҳра ауа, акоррупциа маҷхо, ачынуаа рхыԥхьаӡара еиҵахо аҟаҵаразы. Макьаназы, агәыргьынчмазара аиаара раԥхьатәи ацәаҳәаҿы иазлаҟоу ала, егьырҭ зыӡбахә ҳәаз ареформақәа кьыс рымам, ачынуаа реиҵатәра акәзар, аизырҳара амҩоуп изну.
Иахьатәи Аԥсны ахада икадртә политика макьаназы иреформатәу аҟазшьа амоуп ҳазҳәом, дамеигӡакәа ацхырааҩцәеи абжьгаҩцәеи иадминистрациа иадигалоит, уаанӡатәи икритикатә згәаҭақәа ихаршҭны. Иахьатәи санҵамҭа зызку "афырхаҵаратә" темагьы сазааиуеит уажәы.
Ажьырныҳәатәи аполитикатә хҭысқәа ираԥхьагылаз Ахра Аҩӡба алхрақәа рышьҭахь "адәныҟатәи аусқәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ" ҳәа дшьақәырӷәӷәоуп. Даҽакала иаҳҳәозар, ахада иадминистрациа ианақәлоз, асаркьақәа ԥыххааны амҩа аазыртуаз иаалырҟьаны ддипломатхеит. Ишыжәдыруа еиԥш, адипломатиа – акыр иаамысҭашәоу занааҭуп, уи иаднакылаӡом аӷьалпал. Рацәак аԥшрагьы аҭахымхеит.
Ҳазҭоу амза быжьба рзы асоциалтә ҳақәа рҿы иаацәырҵит "адәныҟатәи аусқәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Ахра Аҩӡба "Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы ибжьагылоу аихатә гәашә и-Toyota Land Cruiser алаӡара ду змоу абапмер ала днажәлан, ҳара ҳҳәаа дышҭалаз узырбо асахьаныҟәа. Абри алагьы аԥсуа дипломатиа ахаҿра ҿыц шьақәыргылоуп. Аиашазы, асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз авидео ала, Toyota Land Cruiser аԥсҟы зку дшумбогьы, дук мырҵыкәа Ахра Аҩӡба иҳәеит уи иара шиакәу, изыҟаиҵазгьы "хә-сааҭк аҳәааҿы даанкыланы дахьрымаз" азы шакәу.
Ишеилкаахаз ала, ҳдипломат акоммуналтә, иара убас егьырҭ ашәахтәшәаратә ҟазшьа змоу аусқәа рзы миллионк иаадҩыло ауал иқәын, уи имшәакәан Урыстәылатәи аҳәаа ахысра азин имамызт. Ахра Аҩӡба иҟаиҵаз ахҳәааҿы иазгәеиҭеит "аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра аҭатәуп" ҳәа. Адипломат иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы иара убас иазгәеиҭоит ҳауаажәлар аҳәаа ахысраҿы ауадаҩрақәа шрымоу, сааҭла уа агылара шрықәшәо азы.
Ауадаҩрақәа ануԥыло ыҟаҵәҟьоуп, аха апрезидент иабжьгаҩ дышдипломатыз ихашҭит, адипломатиа ззыҟоу, аиҿцәажәарақәа рыбзоурала ауадаҩрақәа раԥырҟәҟәааразоуп. Авидео уахәаԥшыр иубоит еиқәаҵәасамсалуа иҟоу адипломат имашьына, акашәа имбакәа, амҽыӷра аҟазшьа аманы Аԥсны аҳәаа еихызшо агәашә инажәланы ҳтәыла ишҭалаз. Шәазхәыц, ари ҟазҵо апрезидент ицхырааҩ иоуп, баша хархьуаҩым.
Схаҿгьы исзаагом, уаанӡатәи Аԥсны ахада ицхырааҩ иакәызҭгьы, аоппозиционер Аслан Бжьаниа идгылаҩцәеи иареи иахырҳәаараны иҟаз ари ахҭыс, аха "дара ртәы" ианыҟаиҵа, хымшҟа рыԥсы ӡаны итәан. Аинформациатә хархәагақәа рҿы ари атема анцәырҵ, акыр зыбжьы цәгьахаз хҭысны ианыҟала, нанҳәа 10 рзы апрезидент ипресс-маҵзура аҟынтә ицәырҵит аҳәамҭа "Ҳазҭагылоу аамҭазы аҭагылазаашьа аҭҵаара мҩаԥысуеит" ҳәа. Аҳәамҭа ишҳаҵанаҳәо ала, Аԥсны анапхгара ари азҵаатәы азы, агәаҭарақәа анымҩаԥыслак ашьҭахь алкаақәа ҟарҵоит. Ари ахҭыс азы, иҳәынҭқарратәу аинформациатә хархәагақәа уамак рҽырымҟьеит, апресс-маҵзура иҳаланаҳәаз аинформациа аздырхеит, иҷыдоу аҭыжьымҭақәагьы азырымкит. Иҳәынҭқарратәым ирҳәази ирымҳәази ахәшьара аҭара хықәкыс исымаӡам уажәы абра, урҭ уеизгьы-уеизгьы "рхы иақәиҭуп".
Хымԥада, уаанӡа акәызҭгьы, Бжьаниа идгылоз аоппозициатә информациатә хархәагақәа ирҳәашаз рдыррын, адипломат Аԥсны агәашә иҭалашьа ҳзырбоз авидео иахьеи-уахеи идырҵәирын, аха уажәы амчрахь ианааи "ажәа ахақәиҭра" ҳәа ззырҳәоз аԥсы ахьҭоугьы ргәаламшәеит, имашьына аҳәааҿы "ианжәылозгьы" цәыррымгеит.
Ари ахҭыс Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьазы узхыҽхәаша акәым. Ҳтәыла ахада ицхырааҩцәеи иабжьгаҩцәеи узвамлаша ахымҩаԥгашьа аадырԥшлароуп. Ихадоу ҳастратегиатә ҳәынҭқарра ҳәа Урыстәыла ианазаҳҳәо, ҳдипломат ихымҩаԥгашьа ҳаизыҟазаашьақәа ирмыхәарашәа сыҟоуп. Анаҩсан иҳауз ажәабжьқәа рыла, Ахра Аҩӡба иқәыз ауал ишәеит, ахҭыс азы Урыстәыла аганахьала аусҭҵаара нап аркуп. Абри аныҟала, асоциалтә ҳақәа рҿы ацәажәарақәа цәырҵуа иалагеит Аҩӡба иусура дамырхуамашь ҳәа. Сара схәыцрақәа ртәы сҳәозар, дамырх сыздыруам, аха Аҩӡба дара рхаҭақәа рамхра азҵаатәы ықәимыргылааит…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.