Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ҩышә-нызқьҩык рҟынӡа иахысхьеит

© Sputnik Таможенный контроль на КПП Псоу
Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аурыс ҳәаа аартын асабша, нанҳәа 1 азы. Уи ахысразы аԥкрақәа алагалан ԥшьымз раԥхьа, акоронавирустә ҿкы алаҵәоит ҳәа ашәарҭара ахьыҟаз аҟынтә.

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Нанҳәа 1 инаркны, аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра ашьҭахь Аԥсныҟа иааит ҩышә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, абри атәы Sputnik имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы иҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рудольф Цыба.

Цыба иажәақәа рыла, бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа 30 нызқьҩык рҟынӡа ахысуеит.

Акоронавирус иахҟьаны иалагалаз акарантин иахҟьаны ԥшьымз раахыс иаркыз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа шаартхо еилкаахеит нанҳәа 31 ауха, уи атәы аанацҳаит Акоронавирус аҿагыларазы Урыстәыла аоперативтә штаб.

Нанҳәа 1 азы Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аусԥҟа инапы аҵаиҩит аурыс-аԥсуа ҳәаа нанҳәа 1 инаркны аартразы.

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аԥкрақәа зегьы раԥыхразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0