Донецк иеибашьуаз Ахрик Аҩӡба Аԥсны ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik Администрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи "Пятнашка" ашьаҭаркҩы Аԥсны ахада дицхырааҩхеит, абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 9 рзы.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Ахрик Аҩӡба жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 9 рзы.

Ахрик Аҩӡба диит ажьырныҳәа 27, 1986 шықәса рзы Шәача. Иаб шьҭрала Аацытәуп, иан – Лыхнытәуп. Иара ихаҭа Аԥсныҟа 2011 шықәса рзы дхынҳәит. 2014 шықәса рзы Ахра Донецкҟа дцеит хатәгәаԥхарала. Аинтернационалтә отриад анапхгаҩыс дҟалеит. Аамҭақәак рышьҭахь ихаҭа еиҿикааз абригада "Пятнашка" напхгара аиҭон. Хьыӡшьарас имоуп – "Абхаз".

2015 шықәса рзы ареспублика аҳамҭа хада "Донецктәи Жәлар рреспублика афырхаҵа" ианашьоуп.

2017 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс икандидатура ықәиргылеит, аха иахәҭаз абыжьқәа имоуит.

Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз, аамҭақәак рышьҭахь дыԥсит ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа.

Ацәгьоура ҟазҵаз аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.

Аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи, Ахра Аҩӡбагьы дназлаз, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит ԥхынҷкәын 2 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы амитинг мҩаԥганы. Усҟан еизаз рхаҭарнак Ахра Аҩӡба ажурналистцәа иреиҳәеит ари – аҳәынҭқарра аҩныҵҟа акриминогентә ҭагылазаашьа ҭышәынзыртәало усуп ҳәа.

Абри аҭагылазаашьа инамаданы Аԥсны ахада имҩаԥигаз аилацәажәара ашьҭахь Гарри Аршба имаҵура дамхын, иара убас уи актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кьышьмахәагьы. Анаҩс Апарламент ахь инашьҭын Апрокурор хада имаҵура иамхразы ажәалагала.

Ашьаусҭҵаара ашьҭахь иаанкылан Аԥсны ауааԥсыра.

2020 шықәса ажьырныҳәа 9 рзы Аҟәа аҿагыларатә акциа ҿыц хацыркхеит. Иара аԥшьгаҩцәа дыруаӡәкуп Ахрик Аҩӡба. Акциа алахәылацәа агәынамӡара аадырԥшуан атәылаҿ акриминогентә ҭагылазаашьазы, ииасыз ашықәс азы ақалақь агәҭа иҟаз аиҿахысрақәа ахьҭырымҵаауазы, уи далахәын ҳәа агәаанагара ззыҟоу аӡәы атәыла ахада ихьчаҩцәа дахьыруаӡәкыз азы.

Аҿагыларақәа аилаҩеиласрахь ииасит. Амитинг алахәылацәа ахада Иусбарҭа ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит. Акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәкыз Ахрик Аҩӡба ауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит еилымҵырц азы. Иара убасгьы ахычҳара аадырԥшларц.

Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа нижьырц азы. Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцеит ажьырныҳәа 12 рзы.

Ахра Аҩӡба – хәҩык аԥацәа драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0