АҞӘА, цәыббра 5- Sputnik. Cариа Кәарцхьиаԥҳа. Ақырҭуа депутатцәа Елыртәи ауахәама иазааргаз аныхачаԥа архынҳәразы Галҟа игоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Елыртәи ауахәама апап-ахылаԥшҩы Серги Џьапуа.
"Аныхачаԥа Галҟа игоуп. Ақырҭуа ган ирхынҳәны иргарцаз иаԥылараны иҟоуп. Сгәы иаанагоит, аныхачаԥа иахьатәи амш иалагӡаны иргап ҳәа", - иҳәеит Серги Џьапуа.
Елыртәи ауахәама аныхачаԥа азааргеит Қырҭтәылатәи апартиа "Апатриотцәа ралианс" Давид Тархан-Моурави, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвили, нанҳәа 18 рзы Аԥсны ианыҟаз.
Нанҳәа 20 рзы Аԥсны Аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла Апарламент иадҵаалеит Атәыла ахада иабжьагаҩ Лаша Сақаниа дареи шеиԥылаз ахҳәаа арҭарц.
Сақаниа иакәзар, ари аиԥылара агуманитартә ҟазшьа мацара акәын иамаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Нанҳәа 24 рзы 12-ҩык Апарламент адепутатцәа аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Уи аиԥылара ахыркәшамҭазы адепутатцәа аҳәамҭа ҟарҵеит Жәлар Реизара аиҳабы ихьӡала ашәҟәы шырыҩуа ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы изаамҭанытәим асессиа мҩаԥигарц азы.
Нанҳәа 25 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба "Нужная газета" ари азҵаара инамаданы аинтервиу анеиҭоз, ишьақәирӷәӷәеит Лаша Сақаниеи ақырҭуа ган ахаҭарнакцәеи шеиԥылаз, иара убас иҳәеит "Аруаа" ахаҭарнакцәа Лаша Сақаниа имаҵура иамхразы азҵаара шықәдыргылаз.
Нанҳәа 26 рзы акәзар, Сақаниа хатәгәаԥхарала имаҵура шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аҳәамҭа ҟанаҵеит ақырҭуа депутатцәа Елыртәи ауахәама иазааргаз аныхачаԥа шаднамкыло.