Елыртәи ауахәама апап ақырҭуа ныхачаԥа ҳамҭас аҭара провокациоуп иҳәеит

© SputnikИлорский храм Георгия Победоносца.
Илорский храм Георгия Победоносца. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны ахада ицхырааҩ иалахәрала ақырҭуа депутатцәа Елыртәи ауахәама иазааргаз аныхачаԥа шаднамкыло азы.

АҞӘА, нанҳәа 28 – Sputnik. Елыртәи ауахәама апап-ахылаԥшҩы Серги Џьапуа ақырҭуа политикцәа ҳамҭас аныхачаԥа ахьааргаз провокациоуп ҳәа ахиҳәааит.

"Дара Елырҟа иааит. Уи аҽны сара аҭыԥ аҿы сыҟамызт, аоперациа ашьҭахь аҩны сышьҭан. Аҭел исзасны исарҳәеит шьоукы аныхачаԥа рыманы иааит ҳәа. Ауахәамаҿы саннеиз, аӡәгьы дыҟамызт. Аха аныхачаԥа ааныжьны ицахьан. Ацәымзақәа зҭиуа аԥҳәыс лакәын ауахәамаҿы иҟаз. "Ари аныхачаԥа ҳамҭас ауахәама иазынҳажьуеит", - ҳәа ауп иларҳәаз, дара Қырҭтәылантәи ишааз рымҳәаӡеит. Аныхачаԥаҟны "Анцәаимҵаныҳәара" ҳәа ианын. Аха аӡәгьы уи амҵаныҳәара изыҟаҵомызт. Изааргеи аныхачаԥа, нас иаразнак изцеи? Ари провокациоуп", - иҳәеит Серги Џьапуа, арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, аныхачаԥа макьана ауахәамаҿы иҟоуп. Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама уи адкылара мап ацәнакит. Иара иҟанаҵаз адыррала, дара идыдмырдырӡакәа ауп ари аус шыҟарҵаз. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аҭыԥ рмоуроуп Ақырҭуа Иашахаҵаратә уахәама Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәамеи Аԥсуа ҳәынҭқарреи азханаҵаанӡа рҳәеит Аԥсуа уахәама адырраҭараҿы.

Встреча проведённая организацией «Аруаа» - Sputnik Аҧсны
Апарламент адепутатцәа изаамҭанытәим асессиа амҩаԥгара аԥшьыргоит

"Аныхачаԥа ырхынҳәтәуп. Дара рганахьала аӡә даҭахуп, ирхынҳәны иргарц азы. Уаанӡа ари аҩыза ахҭысқәа ҟамлацызт", – ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Иара иажәақәа рыла, ауахәама аныхачаԥа ҳамҭас аӡәы иеиҭар иҭахызар, уи баша иманы днеиуеит ауп, документ ҳәа акгьы аҭахӡам. Ианрыдыркыло иԥшьоу аӡы ала ирԥшьароуп, насоуп ауахәама ианыҩнадыргыло.

Ақырҭуа АИХқәа рдыррақәа рыла, Қырҭтәылатәи апартиа "Апатриотцәа ралианс" Давид Тархан-Моурави, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвили Аԥсны иҟан нанҳәа 18 рзы. Анаҩс еилкаахеит Аԥсны ахада Лаша Сақаниеи дареи шеиԥылаз, уи ибзоуралоуп дара Елыртәи ауахәамахь аныхачаԥа ҳамҭас аагара зларылшаз.

Лаша Сакания - Sputnik Аҧсны
Лаша Сақаниа имаҵураҭыԥ шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Нанҳәа 20 рзы Аԥсны Аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла Апарламент иадҵаалеит апарламенттә еилакы аҟны абри афакт иалацәажәарц.

Сақаниа иакәзар, ари аиԥылара агуманитартә ҟазшьа мацара акәын иамаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Ашәахьа, нанҳәа 24 рзы 12-ҩык Апарламент адепутатцәа аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Уи аиԥылара ахыркәшамҭазы адепутатцәа аҳәамҭа ҟарҵеит Жәлар Реизара аиҳабы ихьӡала ашәҟәы шырыҩуа ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы изаамҭанытәим асессиа мҩаԥигарц азы.

Аҩаша, нанҳәа 25 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба "Нужная газета" ари азҵаара инамаданы аинтервиу анеиҭоз, ишьақәирӷәӷәеит Лаша Сақаниеи ақырҭуа ган ахаҭарнакцәеи шеиԥылаз, иара убас иҳәеит "Аруаа" ахаҭарнакцәа Лаша Сақаниа имаҵура иамхразы азҵаара шықәдыргылаз.

Нанҳәа 26 рзы акәзар, Сақаниа хатәгәаԥхарала имаҵура шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0