00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Русские имена на карте мира
14:04
22 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Мировые острова с русскими именами
14:33
25 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Лаша Сақаниа имаҵураҭыԥ шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Foto / Лаша СаканияЛаша Сакания
Лаша Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа нанҳәа18 рзы дырԥылеит ақырҭуа партиа "Альянс патриотов" ахаҭарнакцәа. Ауаажәларра ари ахҭыс ргәамԥхеит.

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Лаша Сақаниа Аԥсны ахада ицхырааҩс дахьыҟоу имаҵураҭыԥ хатәгәаԥхарала иаанижьырц иӡбеит, абри атәы ааицҳаит иара ихаҭа Facebook аҿтәи идаҟьаҿы.

"Акыр иаԥсоу аҩызцәа, нанҳәа 18, 2020 шықәсазы ишьақәгылаз аҭагылаазаашьа инадҳәаланы, ауаажәлара рҟны аибарххара ицәырҵыз еиҳамхарц, сара исыӡбеит хатәгәаԥхарала смаҵура шаансыжьуа азы арзаҳал зыҩырц. Аха иазгәасҭарц сҭахуп, ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи ринтересқәа сахьыҟазаалак ишысыхьчоз, иагьшысыхьчало аринахысгьы", - ҳәа аҳәоит ианҵамҭа.

© Foto / Скрин со страницы Facebook Лаши Сакания Скрин со страницы Facebook Лаши Сакания
Лаша Сақаниа имаҵураҭыԥ шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Скрин со страницы Facebook Лаши Сакания

Нанҳәа 20 рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реилазаара "Аруаа" Апарламент ахь ааԥхьара ҟарҵеит ақырҭуа массатә-информациатә хархәагақәа рҟны ицәырҵыз адыррақәа рҵыхәала апарламенттә еилак аҟны аилатәара мҩаԥыргарц. Ақырҭуа АИХ-қәа еиҭарҳәон нанҳәа 18 рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниеи ақырҭуа партиа "Альянс патриотов" ахаҭарнакцәеи реиԥылара шыҟаз атәы.

Хаҭалагьы зыӡбахә ҳҳәаз апартиа ахада Давид Тархан-Моурави иара убас Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашьвили Аԥсны иаҭааит нанҳәа 18 рзы. 

Сақаниа иакәзар, аҳәамҭа ҟаиҵеит аиԥылара агуманитартә ҟазшьа аман ҳәа: иара урыстәылатәи иҩызцәа иҟарҵаз аҳәарала Елыртәи аныхабаа аныхачаԥа аҭара далахәын ҳәа. Аныхачаԥа Аԥсныҟа иаазгаз роуп Тархан-Моурави, Инашьвили.

Нанҳәа 24 рзы Апарламент адепутатцәа 12-ҩык аиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Уи алҵшәақәа рыла адепутатцәа ирҳәеит, Апарламент ахантәаҩы ихьӡала ашәҟәы рыҩуеит ҳәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥгазарц.

Нанҳәа 25 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы абри азҵаара аганахьала "Аруаа" дырԥылеит.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Шамба "Нужнаиа газета" азы иҟаиҵаз ахҳәааҿы иазгәеиҭеит "Аруаа" ахаҭарнакцәа ахада иҿаԥхьа ишықәдыргылаз Лаша Сақаниа имаҵура иааныжьра азҵаара. Шамба излаиҳәо ала, атәыла ахада "Аруаа" ахаҭарнакцәа иреиҳәеит ицхырааҩ иусқәа ртәы идыруан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0