Апарламент адепутатцәа изаамҭанытәим асессиа амҩаԥгара аԥшьыргоит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаВстреча проведённая организацией «Аруаа»
Встреча проведённая организацией «Аруаа» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла Апарламент адепутатцәа ирԥылеит ашәахьа, нанҳәа 24 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла Апарламент адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит Жәлар Реизара изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргарц азы, уи аҳәара ҵаҵӷәыс иаиуит атәыла ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа ақырҭуа партиа "Апатриотцәа ралианс" ахаҭарнакцәа дырԥылеит ҳәа иҟоу адырра ҭагылазаашьас иаиуз аилкаара.

Цәыббра 9 рҟынӡа ԥсшьара иҟоу Жәлар Реизара адепутатцәа Апарламент аиҳабы иахь аҳәара ҟарҵоит изаамҭанытәим асессиа мҩаԥигарц азы.

Иҟалаз шыҟалаз

Нанҳәа 20 рзы Аԥсны Аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" атәыла Апарламент иадҵаалеит апарламенттә еилакы аҟны иалацәажәарц ақырҭуа АИХқәа рҿы ицәырҵыз аинформациа инамаданы. Урҭ ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, нанҳәа 18 рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа Қырҭтәылатәи апартиа "Апатриотцәа ралианс" ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҵарауаҩ: ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара атанкқәеи ракеталеи иаҳзыхьчом, аха наукала иалшоит

"Ҳара аофициалтә информациа аиҳабыра рҟынтәи ҳазыԥшуп. Хара имгакәа абри ахҭыс иазку аинформациа анҳмоу, Апарламент адепутатцәа рахь аҳәара ҟаҳҵоит иахьақәнагоу аусбарҭақәа рахь официалла иадҵааларц абри аҩыза аиԥылара мзызс иаиуз аҭҵааразы, изыхәҭоу апарламенттә еилак аҿы иахәаԥшырц азы", – ҳәа иазгәарҭахьан "Аруаа" рҳәамҭаҿы.

Ақырҭуа АИХқәа рдыррақәа рыла, Қырҭтәылатәи апартиа "Апатриотцәа ралианс" Давид Тархан-Моурави, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвили Аԥсны иҟан нанҳәа 18 рзы.

"Урҭ арахь раара хықәкыс иамаз еилкаам, аха адырраҭараҿы ирҳәоит Тархан-Моуравии Инашвилии Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәынҭқарратә ҳәаахь иааит "иҷыдоу амашьына рыцны", "ԥынгылада ақырҭуа ган зхылаԥшуа аблок-постқәеи аԥсуа ган аҿы иҟоу аиасразы иарку агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егри" ирхысны", - рҳәоит ақырҭуа информациатә хыҵхырҭақәа.

Атәыла ахада ицхырааҩ, апартиа "Аԥсны жәлар рфронт" ахантәаҩы Лаша Сақаниа нанҳәа 21 рзы ари аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо, иҳәеит ақырҭуа партиа "Апатриотцәа ралианс"-и иареи еиҿцәажәара ҳәа акгьы шрымамыз, адәныҟатәи аусқәа рзы атәыла ахада ицхырааҩ иаҳасабалагьы, апартиа "Аԥсны жәлар рфронт" ахантәаҩы иаҳасабалагьы.

"Сара сыхьӡи аибашьраҿы акыр зылшаз сҭаацәа рыхьӡи аӡәы иҟьашьыр зуам", - иҳәеит Сақаниа. 

Амҽыша, нанҳәа 23 рзы иара даҽа хҳәаак ҟаиҵеит, "Апатриотцәа ралианси" иареи реиԥылара агуманитартә ҟазшьа шамаз ахьиҳәо.

"Нанҳәамза алагамҭазы урыстәылатәи сҩызцәа бзиақәак сыҳәеит Қырҭтәылантәи Елыртәи аныхахь Анцәа иан лныхачаԥа ҳамҭак аҳасабала аагараҟны ацхыраара ҟасҵарц. Уи азы Давид Тархан-Моурави дара дышрыдҵаалаз сарҳәеит. Убри аҵыхәалоуп сҩызцәа сара изсыҳәаз уи аныхачаԥа арахь аагара аус аҟны срыцхраарц. Убас иагьыҟасҵеит, уа ҳаимадарагьы нҵәеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Аруааи" адепутатцәеи реиԥылара

Ашәахьа, нанҳәа 24 "Аруаа" иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Гал араион уаанӡатәи ахада Ҭемыр Надараиа адепутатцәа рԥылараан иргәалаиршәеит дара реиҿкаара мызкы аԥхьа Апарламентаҟны адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа ирызкыз аилатәара шаԥшьнагаз.

Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аполитолог: Кырҭтәыла аҭынчратә политика мҩаԥнагозар, агызмалра шаҵоу ҳхамшҭуазароуп

"Ақырҭуа гани ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа еснагь женеватәи аформат ала имҩаԥысуеит. Уажәы иҟалаз ҳзеилымкааит, ԥхыӡлагьы иаҳбар иҳазхаҵомызт ҳаназхарҵа ашьҭахь 12 шықәса рышьҭахь ари аҩыза аҩаӡара змоу ақырҭуа чынуаҩ арахь даауеит абас ҳәа", - иҳәеит Надараиа.

Ари аҩыза аус еиҿызкааз ахьырхәтәуп ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

"Ари аус азы ахара зду дахьырхәтәуп, атәылаҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ибааԥсу акахьы икылымсырц азы, ҳара иаҳҭахӡам амитингқәа, ажәлар реизгарақәа рымҩаԥгара. Ахара зду дахьырхәхар, аҭагылазаашьа арҭынчуеит, ус анакәымха, еицәоу ахь икылнагоит", - иҳәеит Надараиа.

Иқәгылоз рахьтә аӡәырҩы ахада ицхырааҩ имаҵура аанижьроуп зҳәаз рацәаҩын.

Апарламент адепутат Натали Сымр иазгәалҭеит Лаша Сақаниа дуснагӡаҩуп, иара иахь азҵаарақәа ықәыргылатәым.

"Азҵаара ззықәыргатәу атәыла ахада иоуп, ҳаԥсшьараамҭа анынҵәалак, Апарламент ахь днаԥхьаны иҳамоу азҵаарақәа иаҳҭап, адәныҟатәи аполитикаҿы ҳҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳаилиркааразы. Уи аганахьала еиӷьхара ҳәа ак шыҟам усгьы иубоит", - лҳәеит Смыр.

Апарламент адепутатцәа цәыббра 9 рҟынӡа аԥсшьараҿы иҟоуп, адепутат Михаил Сангәлиа игәаанагарала, изаамҭанытәим асессиа хара имгакәа имҩаԥгатәуп, уи иақәшаҳаҭхеит ари аиԥылара иалахәыз зегьы.

Натали Смыр иазгәалҭеит изаамҭанытәим асессиа амҩаԥгаразы Апарламент аиҳабы иахь ашәҟәы рҩыр шакәу.

"Уи аиԥылараан ахада далахәызароуп, иара убас Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнакцәа, урҭ зегьы иақәнагоу аҭакқәа ҳарҭароуп", - иҳәеит адепутат Асҭамыр Логәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0