Иахьатәи Аԥсны ахадеи уи икомандеи амчрахь иааижьҭеи абар абыжьбатәи амза ҳҭоуп. Иаҳҳәар ҳалшоит, макьаназы амчра оппозициатә еиҿкаарак рҿагыламкәа иааиуан ҳәа, еиуеиԥшым азҵаатәқәа рзы аветерантә еиҿкаарақәа рыбжьы шдыргозгьы.
Амчра иҟоу рзы ирҳәалоит ажәытә аҿатә мчра ҳәа, избанзар 2014 шықәса рҟынӡа, жәашықәса инарзынаԥшуа Аԥсны анапхгара азҭоз иреиуоуп. Амчра зырцыхцыхуа аоппозициа бзиа акыр иаԥсоуп, уи адагьы аҳәынҭқарра ҿиашьа амамзар ҟалап. Акыраамҭа зыԥсы ӡаны иҟаз аоппозициатә мчқәа рхаҭарнакцәа абар рыбжьы дыргеит, ауаажәларра ирыларҳәеит "Аԥсны жәлар рхеидкыла" шаԥҵоу. Ииасыз алхрақәа рҿы кандидатс иҟаз аполитик Адгәыр Арӡынба уи аидгыла хадара азиуеит. Жьҭаара 7 рзы иӡырган ари аполитикатә хеидкыла, аиҿкааҩцәа ауаажәларра ирыларҳәеит хықәкыс ишрымоу амилаҭтә интересқәа рыхьчара, ажәлар реидкылара уҳәа, акыршықәса ҳлымҳа иҭасуа аполитикатә ҳәоуқәа.
Сара саханны, аполитикцәа амчрахь инеиаанӡа инеибеиԥшны абас еиԥш иҟоу аҳәамҭақәа ҟарҵоит, аха иахьа уажәраанӡа уи назыгӡаз мчык ҟамлац, зегь ирҿаку "акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара, ажәлар реидкылара, еицлабра ҳасабла ауаа аусура радԥхьалара" уҳәа реиԥш иҟоу аидеиақәа рынагӡара акәым, аҽазышәарагьы ыҟамызт. Ус акәзаргьы, ицәырҵит аоппозициа, урҭ рыбжьара иҟоуп чынуаас ауз зуаз, шамаха зыбжьы змыргоз, зусура аихшьаала ҟазымҵозгьы.
Ари ашықәс азы амчрахь иааиз ркадртә политика ҳахәаԥшуазар, уигьы иаҳнарбоит, аӡә иҭыԥан, рпартиа амчра иахаҭарнаку иаҭара анаҩсан, макьаназы реформак аӡбахә шырымҳәо. Хара ицатәым, Аслан Бжьаниа иабжьгаҩцәа рхыԥхьаӡареи, урҭ ирхаҭарнаку Ахра Аҩӡбеи, Лаша Сақаниеи ирыдҳәалоу ахҭысқәа мацара иаҳдырбоит иахьатәи Аԥсны ахада икадртә политика ахьысҳарақәа шамоу, насгьы ачынуаа рырмаҷра амҩа зынӡаскгьы дшаным. Зегь арҭахьеит, уаанӡатәиқәагьы ԥыҭҩык нрыжит, уи инаҷыданы, аҳәара уадаҩуп, ҩ-напыкала амчра аусура иаҿуп ҳәа, агәыргьынчмазара ицәырҵыз зегь "ахы инҭарԥо" иааиуеит макьаназы.
Зегь ззыԥшу, Урыстәылантәи аинвестпрограмма ахырхарҭа аҭара, нас уи аӡыргара ауп. Абасҵәҟьа иҟан, ажьырныҳәа 2020 шықәсазы иқәыргаз амчратә система аусушьагьы. Уажәы, ицәырҵыз аоппозициа ирҳәаша роушт, аха алхҩы лаҳасабала, акырынтә иржьахьоу атәылауаҩ лаҳасабала, аоппозициа жәытә-ҿыц ацәырҵра сгәы шьҭнахит сҳәар имцуп, избанзар аполитик қәыԥш Адгәыр Арӡынба аҵара змоу ауаҩы ҳәа дшысыԥхьаӡогьы, зегь акоуп, иаанда инеиуа, амчра агәарабжьара ианысхьоу, фышықәса рыҩнуҵҟа реформа бзиак ззыҟамҵаз ыҟоуп.
Ажурналистцәа иаҳбарҭоу рацәоуп, инеибеиԥшны зегьы рзы исызҳәом, аха ишиашоу ицоз аефирқәа ирцәыбналоз ачынуаа маҷҩым, урҭ иреиуоу аопппозициатә мчра рхы ыҵаркит ҳәа рыгәрагара соуӡом. Ҳара иаҳҭахуп аҵара змоу, зыԥсы цқьоу, шьаҿа-шьаҿала иҩу апрограмма змоу аоппозициатә мчқәа, насгьы, апрограмма иану анагӡара ҿҳәарас иамоу аазырԥшуа.
Иацы акгьы ззеиҿымкааз, иахьа ажәа ҟәышқәа егьа цәыригаргьы, алхҩы идимкылар алшоит. Акы заҵәык, аполитик Адгәыр Арӡынба иқәгыларҿы иазгәеиҭеит дара реиҿкаара уаанӡа иҟаз аоппозициатә мчрақәа ишреиԥшымхо.
"Сара исҭахым, аҭацәажәагақәа шьҭԥаа аҳәынҭқарра ахыбрақәа ирыкәагьежьуаз, амҩадуқәа азыркуаз, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иақәлоз ҳреиԥшныршьалар. Уи аҩыза аҟаҵара ҳара иаҳҭахым", - иҳәеит иара реиҿкаара ҟазшьас иаиуа дахцәажәо аӡыргара анымҩаԥысуаз.
Иазгәаҭатәуп, хәажәкыра 22, 2020 шықәсазы имҩаԥысыз апрезиденттә алхарақәа рышьҭахь, аиааира згаз Аслан Бжьаниа идныҳәаларазы дышнеиз Адгәыр Арӡынба. Уи имазырҽхәаз рацәаҩхеит, избанзар уаанӡа ас еиԥш ҳамбацызт.
Мчыла амчра агара ҳәа аоппозиционер дызлацәажәоз даҿагылон Аслан Бжьаниагьы аоппозициа даныҟаз, "ҳара ақәымчра амҩа ҳҭахым, ҳтәыла иаԥырхаго ҟаҳамҵарцаз, агәрагара амҩа алаҳхуеит" иҳәон аоппозициатә еиҿкаарақәа ридеиақәа анцәырыргоз 2016 шықәсазы. Аха зегь акоуп, апрезидент иусурҭа ашә ҿҳәаны ада иамуӡеит 2020-тәи ареволиуциатә хҭысқәа рымҩаԥсышьа, 2014-тәи ашықәс ахь ҳгьежьуазар, усҟангьы, аоппозицаа аамысҭашәара рзаамырԥшит. Диашоуп аполитик Адгәыр Арӡынба, ари ԥхашьароуп, аха макьана ҩынтәуп, абас аҟазшьа змоу апрезидент иусура иамхра азҵаатәы Аԥсны ирыӡбоижьҭеи, официалла "ԥхьатәара дцеит" ахьӡзаргьы.
Аоппозициа ацәырҵра агәыӷра дуқәа рыцымзаргьы, зегь акоуп амчратә структурақәа русура еиҳа иарцыхцыхып сгәахәуеит, ииашоу азҵаатәқәа цәырганы, анагӡараҿы амчра аус анаруа анырра азыҟаҵозар. Ус акәымкәа, баша амчрахь аиҭагьежьразы акритика аҟаҵара иҵакыдоу усхоит. Ҳара акырынтә иаҳбахьеит, амчраҿ инеиаанӡа "аеҵә кыдызԥаауа" рҭыԥ аҿы ианнеилакгьы, уаанӡатәи рҳәамҭақәа рхаршҭны рхатә интересқәа рычаԥара ишалаго. Жәытә системала амчрахь анеира мариахарым, иара убас, жәытә системала амчра аанкыларагьы алымшар ҟалап, иахьа амчра амаа зкуи аоппозициеи рахь ҳхы нарханы иаҳҳәозар.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара
Аҟәардә ду азы аполитикатә еимҵакьача, ма аоппозициа заҵахаз мзызқәак