Аҟәардә ду азы аполитикатә еимҵакьача, ма аоппозициа заҵахаз мзызқәак

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изыхҟьазеи Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа? Иарбан ҭагылазаашьақәоу уи иаԥхьанеиуаз? Изхарада аоппозициа аҵахара? Абарҭқәа рзы лхатә анализ ҳадылгалоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ихыркәшоуп Аԥсны ахада 6-тәи иалхрақәа. Ҩ-етапк рыла ишьақәгылаз алхраҿы, АКХ ишҳаланаҳәаз ала, аиааира игеит иахьа Аԥсны ахадас иҟоу Рауль Ҳаџьымба. Аихшьаалақәа рыла, уи изы рыбжьы арҭеит 39 793 алхыҩцәа, уи оппонентс имаз Алхас Кәыҵниа 38 766 бжьы иоуит. Зынӡа алхра аҩбатәи ртур аан ааира иартәеит 65,99%.

Актәи атур аан еиԥш, уажәгьы бжьаратәла 35 нызқь рҟынӡа алхыҩцәа алхрақәа рхы рыладмырхәӡеит ҳҳәар ауеит.

Иахьа сара сзыхцәажәарц исҭаху, избан актәи атур ашьҭахь иалху ахада иҿагылоз амчрақәа шеидгылазгьы, алҵшәақәа рыла аоппозициатә кандидат аԥҳьагылара зимоуз?

Ишәгәаласыршәоит, актәи атур аҿы Ҳаџьымба 20 551 бжьы иоуит, Кәыҵниа - 18 955 бжьы, ахԥатәи аҭыԥ згаз Аршба иакәзар, иоуит 18 668 бжьы. Иааидкыланы аоппозицатә мчрақәа ирхаҭарнакцәаз акандидатцәа акыр еиҳан, апартиа "Жәлар ракзаара афорум" ахаҭарнак итәқәа раасҭа.

Сара сгәанала, актәи атур ашьҭахь дара аоппозицаа еимырдоз ажәа џьбарақәеи аԥыза-министр иҟәардә азы ицоз ахәаахәҭреи акыр ирԥырхагахеит. Олег Аршба иштаб иахаҭарнакыз Леонид Лакербаиа "ампыл дара рҿы иҟоуп, ҳаԥшуп" ҳәа идәықәиҵаз аполитикатә хҿа адгылаҩцәа арблаҟьеит. Убри адагьы, апартиа "Амцахара" иадгыло, иахьа агәамбзиара змоу Аслан Бжьаниа напхгара зиҭоз аблок иахаҭарнакцәаз Сергеи Шамбеи, Баҭал Табаӷәуеи, Беслан Ешбеи "азааибагаразы ԥырхага ҳарҭеит" ҳәа Лакербаиа ажәа дәықәиҵан, дара-дара еиуеиԥшым аҳәамҭақәа хҿаҵас еимырдеит. Насгьы, иахьа уажәраанӡа аоппозициа ҵәатәы шьаҟас иамаз Аслан Бжьаниа иааникылараны иҟаз аԥыза-министр иҭыԥ Анқәаб дшеиҩаӡоз аахтны Лакербаиа алхыҩцәа идирдырит. Абасала, абарҭ аилахәаахәҭрақәа зегьы зшьара иқәдырҟьаз рацәаҩхеит.

Арҭқәа азымхакәа, хара имгакәа Лакербаиа ауаажәлар идирҳаит, актәи атур ашьҭахь Анқәаб Ҳаџьымба иҟынтә аԥыза-министрс аҟаларазы ааԥхьара иоуит ҳәа. Уи ииашоу ииашаму аҭак апартиа "Афорумгьы", акандидат Ҳаџьымбагьы рҟынтә иаҳмаҳаит, аха Лакербаиа уи ала адырра ҟаиҵеит "Анқәаб дшақәшаҳаҭымгьы", ажәалагалақәа изҭо дшыҟоу, насгьы асасааирҭа "Интер-Сухум" аҿы цәыббрамза 4 рзы имҩаԥыргаз адгылаҩцәеи дареи реиԥылараҿы, "зегь ҳарҿагылоит" ҳәа ҳабжьы аҳҭоит ҳәа аҳәамҭақәагьы ҟарҵахьан "Аиҭаира" адгылаҩцәа, рхада "уи ҵакыдоуп" ҳәа азгәеиҭазаргьы.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхрақәеи ҳаԥсҭазаареи: аполитикатә еиндаҭларазы гәҭахәыцрақәак

Цәыббрамза 5 рзы, амш ахи аҵыхәеи рыла, Анқәаб иштаби аҩбатәи аҭыԥ змаз аоппозициа ахаҭарнакцәеи ажәақәа еимырдазаргьы, "ҳааибагеит" ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ауха, убри ашьҭахь аӡыргаратә плакатқәа рҿы Алхас Кәыҵниа ивараҿы иаацәырҵит Анқәаб ипортреҭ, уаанӡа ивагылаз Бжьаниа иҭыԥан.

Ишдыру еиԥш, Анқәаб кандидатс дықәгыламызт, аха мызкы ахи аҵыхәеи рыла иара иқәиргылаз акандидатцәа 18 нызқь бжьы инареиҳаны излароуз ала, Жәлар Реизара адепутат Анқәаб ихәшьадит, "Амцахара" акандидат иара ида иааишьа шимам.

Абасала, ҽнак хәлаанӡа ицоз аԥыза–министр иҟәардә аиҩаӡара иахҟьоз аоппозициабжьаратә уаҟьанчаҟьан аҭыӡшәа нҵәазаргьы, аҩбатәи атур алҵшәақәа рыла, ари аидылара аиааира аанамгеит, избанзар, сара сгәанала, Алхас Кәыҵниа адебатқәа рҿы ицәажәараҿы иаахтны имҳәеит иара далырхыр ԥыза-министрс иҟало ихьӡ, "сара схәаахәҭуам" ҳәа азгәаҭо. Анқәаб идгылаҩцәа ирмоуит аилыркаа, иаҳҳәап, Кәыҵниа даиааир, рҵәатәы шьаҟа ду иааникыло аҭыԥ азы.

Даҽа ганкахьала, еилкаамхеит Бжьаниа игәабзиара шьақәыргыланы дгьежьыр, ипозициақәа зеиԥшрахо, абасала, иара усгьы зыжәҩа ҭҟьаны иҟаз аелекторат аҟәардә ду азы имҩаԥысуаз аимҵакьача анырба, "ажәлар рызҵаара" аполитикаҿы иааннакыло аҭыԥ шхьысҳау гәарҭазар ауеит. Аоппозициаа аԥыза-министр иҭыԥ азы аицәажәарақәа анымҩаԥыргоз, алкаақәа ҟазҵаз аелекторат цәыббрамза 8 рзы, "иҟоу дыҟаз" рҳәазшәа, рыбжьқәа Рауль Ҳаџьымба иахь рхы дырхеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аӡәгьы дысҭахым: қьарс иалои "зегьы ирҿагылоу" аграфа

Актәи атур аҿы акандиадтцәа ирымаз алхҩы ибжьқәа ирыцлаз ҳазааҭгылозар, 19 241 бжьы изацлеит Ҳаџьымба, Кәыҵниа - 19 812. Актәи атур аҿы Рауль Ҳаџьымба хыԥхьаӡарала 1 596 рыла аԥхьагылара злаимаз ала, аиааира игеит.

Аиашазы, еиуеиԥшым алхрақәа зыла иабахьо лаҳасабала исҳәарц сылшоит сынтәатәи алхрақәа рҿы аԥыза-министр иҟәардә азы ицоз аполитикатә еимҵакьачара аҩыза шысымбац. Абас иаахтны аҭыԥ аиуразы аилахәаахәҭра иеиԥшхаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгоз адепутат Анқәаб аоппозициаа аиааира роура даӡывасит ҳәа агәаанагара сызцәырҵит, иалкааны кандидатк абжьы иҭара агәаӷьра зцәыуадаҩыз алхҩы лаҳасабала.

Алхрақәа хыркәшоуп, аха ари анысыҩуа аоппозициа ахаҭарнакцәа Рауль Ҳаџьымба аиааира игеит ҳәа АКХ иҟанаҵаз алаҳәара "ааи, ҳақәшаҳаҭуп" ахырымҳәаац, Кәыҵниа иштаб аус аҭҵааразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашәҟәы рышьҭырцгьы ргәы иҭоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0