Ақалақьтә транспорт амаршрут ҿыц хара имгакәа аусура иалагоит

2020 шықәса абҵара 1 инаркны ақалақьтә транспорт (автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршруттә таксиқәа) Аидгылара амҩала рныҟәара хацыркхараны иҟан.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2– Sputnik. Аҳҭнықалақь ауаажәларратә транспорт аҽа мышқәак Абазақәа рымҩала иныҟәалоит ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахадара атранспорти амҩатә ныҟәара аиҿкаареи русбарҭа адиректор ихаҭыԥуаҩ Ерик Харчлаа.

Аидгылара амҩаҿы атранспорт ганкы мацарала иныҟәалоит

"Аидгылара амҩала макьаназы атранспорт ныҟәом. Адыргақәа зегьы иахьрыхәҭоу иҟаҵоуп. Мышкы-ҩымш рыла атранспорт арахьала аныҟәара иалагоит", - иҳәоит Харчлаа.

Иара иажәақәа рыла аҿҳәара инахоуп ауаа амаршрут ҿыц иашьцыларц азы.

"Аидгылара ала ауаажәларратә транспорт абҵара 4 инаркны аныҟәара иалагароуп. Ауаа ашьцылароуп, ганкымацаралатәи аныҟәара ҟалоит", - иҳәеит иара.

Аидгылара ала амаршрут ҿыц аԥҵоуп Абазақәа рымҩаҿы ицо аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы.